Амениу
2 Ԥхынгәы 2024
18:49
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
05.06.2024 13:02
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Жәларбжьаратәи аиҿкаара «Алашареи» Екатерина Бебиаҧҳаи аҭааит «Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аҧсны анацәа Реидгыла» аофис

Жәларбжьаратәи аиҿкаара «Алашара» аделегациеи ажурналист Екатерина Бебиаҧҳаи аҭааит Аҟәатәи ақалақьтә еиҿкаара «Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аҧсны анацәа Реидгыла».

Асасцәа рыдыркылеит Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа ранацәа – Ламара Хашҧҳа-Кучубериа, Џьулетта Қьецҧҳа-Асланӡиа, иара убасгьы хаҭала аибашьра иалахәыз Аза Гәымҧҳа-Агәмаа. Аиҧылара мҩаҧысит гәаартыла. Уи иалахәыз зегьы аибашьра иазкны ираҳаз аҭоурыхқәа рышьҭахь рылаӷырӡ рызнымкылеит. Иҭахаз ранацәа еиҭарҳәеит ахлымӡаахтә хҭысқәа раан ирхыргаз агәаҟреи аҧсҭазааратә ҧышәарақәеи. Иара убасгьы рыӡбахә рҳәеит рҧацәа анҭаха ашьҭахь, урҭ рхаҭыҧан еибашьра ицаны, аиааира агара аус зҿы злагала ду нзыжьыз анацәагьы.

Аидгыла алахәцәа иазгәарҭеит аибашьрахь хатәгәаҧхарала иааз аибашьцәа рфырхаҵара. Ирҭаз асасцәа раҧхьа инаргыланы, аҧшәмацәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит аҧсуа жәлар ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рзы аӷа хәымга ианиабашьуаз аамҭазы адгылара ҟазҵаз аиашьаратә жәларқәа зегьы.

0
Ахҳәаа ыҟам