Амениу
2 Ԥхынгәы 2024
18:45
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
24.06.2024 14:35
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

М.Х. Егзакь иҟнытә адышшылара, Даӷьсҭан иҟалаз атеракт инамаданы

Атеракт инамаданы, рашәарамза 24, 25, 26 Даӷьсҭан ирылаҳәоуп лахьеиқәҵаратә мшқәаны. Ари аҭагылазаашьаҿы, ареспубликеи атәылеи ҳшәыцџьабоит.

Рашәарамза 23, ахәылбыҽха Махачкалеи акурорттә қалақь Дербенти иҟалеит атеракт хлымӡаах - атеррористцәа иаадырҧшит агрессиа, иаанырмыжьит аҧшьаҭыҧқәагьы. Иҭахеит аполициа аусзуҩцәеи, хара здымыз атәылауааи. Гәыкала ҳрыдышшылоит иҭахаз рыуацәеи, рҭынхацәеи, ареспублика ауаажәлари. Аҧсуа-абаза жәлар рхәыцрақәеи рыматанеиреи иҭахаз рҭаацәа ирзынархоуп. Згәабзиара ҧырхага аиуз зегьы ирзеиӷьаҳшьоит хара имгакәа ргәабзиара аиҭашьақәыргылара.

Ари атеррористтә қәылара - милаҭрацәала ишьақәгылоу ареспубликаҿы ауаажәлар ракзаара аркәадара иазкуп. Ацәгьаура ҟазҵаз рхы мҩаҧыргоит гәымхарала, урҭ зқәыло абџьар зкым, хара здым ауаа роуп. Ауахәамеи асинагогеи ҧырхага арыҭара хықәкыс иамоуп ажәлар аимак-аиҿак рыбжьаҵара. Урыстәыла - иқәынхо зегьы ҳаҭырла иахьырзыҟоу, милаҭрацәалеи динрацәалеи ишьақәгылоу тәылоуп. Ари аҩыза ахлымӡаахра згәаӷьыз аичырчаҩцәа рхықәкы рзынагӡом, ацәгьауцәеи аиҿкааҩцәеи ракәзар, хымҧада ирықәнагоу ашьауӷа иақәдыршәоит.

Атерроризм, уи хкыс изеиҧшразаалакгьы - ишьаҭарку ауаҩы ихәдурақәа рцәа зырцәгьо хҭысуп. Аха ҳара пату рықәаҳҵоит ачҳара, арыцҳашьара, апатуеиқәҵара, ахьамҵра реиҧш иҟоу аҟазшьақәа. Ианакәызаалак, урҭ аҟазшьақәа ракәын аҵыхәтәаны ацәгьара иаиааиуазгьы.

Гәыкала адгылара аарҧшны ишәыдышшыло, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы М.Х. Егзакь.

0
Ахҳәаа ыҟам