Амениу
4 Ԥхынгәы 2024
22:22
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
29.06.2024 01:02
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

«Агәазыҳәарахь ашьаҿа» мҩаҧыргеит Аҧсны

Аҧсны имҩаҧысуеит «Агәазыҳәарахь ашьаҿа» зыхьӡу, II Жәларбжьаратәи ахәыҷтәи ақәыҧштәи ахореографиатә ҟазара афестиваль-аицлабра. Уи рхы аладырхәит Урыстәыла еиуеиҧшым атәылаҿацәқәа рыҟнытә ҩышәҩык инарзынаҧшуа артистцәа ҿарацәа. Жәамш имҩаҧысуа афестиваль апрограмма иаҵанакуеит арҵаратәи, арлахҿыхратәи, акультуратәи хәҭақәа. Аҧснытәи Урыстәылатәи акәашаратә коллективқәа злахәыз ахыркәшаратә концерт хада мҩаҧысуеит рашәарамза 29, Р.Гәымба ихьӡ зху Аҧсны аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Афестиваль шымҩаҧысуа, артисцәа ҿарацәа ирҵаз, аконцерт хадаҿы ахәаҧшцәа ирзыҧшу – абарҭқәа зегьы аныҧшуеит иазырхиоу ҳрепортаж.

Ахәыҷтәы ҟазара арҿиареи, аҿар рыбжьара агәабзиара иазеиӷьу аҧсҭазаашьа аӡыргареи, ацәаҩашәатә хәдурақәа рырҿиареи адгылара рыҭара еснагь ҳгәы аздууп.

0
Ахҳәаа ыҟам