Амениу
16 Цәыббра 2024
21:53
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
22.08.2024 18:04
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Адунеи иқәынхо аҧсуааи абазақәеи реидкылара - АААК адҵа хада ауп.

Аконгресс аофис ашәқәа еснагь иаартуп адиаспора ахаҭарнакцәа рзы. АААК аколлектив русура иахцәажәоит, рҧышәа егьырҭ ирымардоит, аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иацхрааша хацдыркуеит, насгьы гәырӷьарыла ирыдыркылоит аусеицура иазку ҳџьынџьуаа ражәалагалақәа.

Иахьа, аофис дсасны даҭан Адаҧазар инхо ҳџьынџьуаҩ Емирхан Башныхә. Емирхан аус иуеит Анкара, TRT (Ҭырқәтәыла ателерадиоеилахәыра) акорреспондентс. Уи далацәажәеит Ҭырқәтәыла инхо абаза гәыҧ аиҧыларақәа шхацдыркуа, рҭоурыхтә ҧсадгьыл иадҳәалоу азҵаарақәа ишрылацәажәо, акзаара алыршаразы активла аицәажәара шымҩаҧырго.

0
Ахҳәаа ыҟам