Амениу
16 Цәыббра 2024
21:54
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
04.09.2024 16:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аҧсны ихацыркхеит амилаҭтә хәмарра «Аимҵакьачара» иазку Жәларбжьаратәи аицлабра.

Аҧсны раҧхьаӡа акәны имҩаҧысуеит амилаҭтә хәмарра «Аимҵакьачара» иазку жәларбжьаратәи ареспубликатә еицлабра. Уи еиҿыркааит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси, Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки, Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилаки, ақ. Аҟәа Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭеи. 

Афинал аҿы еиндаҭлоит ҳтәыла аҟнытә 8-гәыҧки Ҭырқәтәыла инхо аҧсуаа еиҿыркааз агәыҧи. Аицлабра хацыркын Ахьӡ-аҧша апарк аҟны игылоу иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Аофициалтә аартраҿы адныҳәаларазы иқәгылеит ақ. Аҟәа ахада ихаҭыҧуаҩ Автандил Сурманиӡе, Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, Аҿари аспорти русқәа рзы Аҧсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, АААК Аҟәатәи аҟәша анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа, Ҭырқәтәыла иҟоу Балбалы (Калдахәара) ақыҭа ахада Ерџьаи Паҷкориа. 

Ахәмаррақәа мҩаслоит цәыббрамза 6-нӡа. Аицлабра аҽалархәреи агәыҧқәа рыдгылареи зҭаху зегьы ааҧхьара раҳҭоит Аҟәа астадион «Динамо»! Аҩналара хәыда-ҧсадоуп.

0
Ахҳәаа ыҟам