Амениу
20 Цәыббра 2024
01:08
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
18.09.2024 15:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Еиқәҳархап аҧсабара: АААК имҩаҧнагеит аекологиатә тренинг ТЕКСТ:

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәшеи, ААУ аекологиеи аҧстәқәа рморфологиеи ркафедра аметодист, арҵаҩы еиҳабы Маиа Цыбулевскаиеи иацырҵоит ашколхәыҷқәа рзы аекологиатә тренингқәа рымҩаҧгара. Изаамҭанытәиу аинтерактивтә лекциа мҩаҧысит Аӡҩбжьатәи ашкол аҿы. Маиа Цыбулевскаиа ахәыҷқәа ирзеиҭалҳәеит аекологиа закәу, аҧсабара шыхьчатәу, ауаҩы аҧсабара иаиҭо анырра зеиҧшроу, насгьы иаҳзеиҧшу аҩны - Адгьыл аиқәырхаразы иҟаҵатәу.  

Ашколхәыҷқәа активла адискуссиа рхы аладырхәуан, насгьы ргәаанагара аадырҧшуан. Атренинг аҿы ирылацәажәон аҳауа аҟьашьра, ацәынхатә црыҵқәа аус рыдулара, аиаҵәара ахшьаара, апестицидқәеи ахимиатә рҵәыгақәеи рхархәара уҳәа Аҧсны ақыҭақәеи ақалақьқәеи рзы актуалра змоу егьырҭ аекологиатә проблемақәа. Аусмҩаҧгатә ахыркәшамҭазы ахәыҷқәа ирзыршеит аекологиатә хымҩаҧгашьазы аҵаҳәарақәа зну агәаларшәагақәа.

0
Ахҳәаа ыҟам