Лента событий ВААК
  Вернуться к ленте
14.05.2025 18:37
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
Мусса Егзакьи АААК агәыҧи ашәҭқәа шьҭарҵеит Владислав Арӡынба имемориал амҵан
АААК Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы Мусса Егзакьи Аконгресс агәыҧи рхы аладырхәит Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба имемориал амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа. Ҳаамҭазтәи аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы игәалашәара иазкыз аусмҩаҧатә иалахәын атәыла Ахада Бадра Гәынба, уи Ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, Аҧыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, ауаажәларра-политикатә усзуҩцәа.
Владислав Арӡынба – Аҧсны Раҧхьатәи Ахада, Аҧсны Афырхаҵа, Ахьӡ-Аҧша аорден I аҩаӡара акавалер, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат. Диит лаҵарамза 14, 1945 шықәсазы.
0
Ахҳәаа ыҟам