Лента событий ВААК
АААК аофис аҿы имҩаҧыргеит астол гьежь.
Атәыла ахада игрантқәа рфонд ацхыраара зауз апроект «Икоммерциатәым аиҿкаарақәа рызҳарҭа: Аҧсны» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Асоциалтә ҧшьгамҭақәа руаажәларратә центри» Ауаажәларратә еиҿкаара «Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси» рыцхыраарала имҩаҧысит «Икоммерциатәым аиҿкаарақәеи аҿартә ҧшьгамҭақәеи рыдгылара» ҳәа хьӡыс измаз астол гьежь.
Астол гьежь аҿы иалацәажәон:
• ауаажәларратә ҧшьгамҭақәа рыҿиареи рыдгылареи ирзынархоу аицлабрақәа (атәыла Ахада игрантқәа рфонд, Росмолодежь уҳәа)
• Агранттә еицлабрақәа рахь азыҳәанҵа азырхиашьеи алаҵашьеи
• Азыҳәанҵақәа ргәаҭара шымҩаҧысуа.
Астол гьежь еиҿкаан зых иақәиҭыз аицәажәаратә формат ала. Еиҳараӡакгьы ирзааҭгылеит ауадаҩра цәырызго азҵаарақәеи урҭ рыӡбашьеи.