Лента событий ВААК
  Вернуться к ленте
02.09.2025 19:34
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
АААК иацнаҵоит арҵагатә карточкақәа ршара.
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси ААУ аҧсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Инна Џьегьиаҧҳаи иацырҵоит арҵаратә проект ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡоу аусура. 300 цыра инареиҳаны акарточкатә еизгақәа рышьҭит Тҟәарчал, Гал, Очамчыра араионқәа рахь. Уаанӡа акарточкақәа рзыршахьан Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа араионқәа рыҟнытә ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рахь.
Ахатәы бызшәа аҭҵаараҿы ицхыраагӡоу арҿиагатә материалқәа еиқәыршәоуп ашколқәратәи ашколқәранӡатәи акатегориа иаҵанакуа ахәыҷқәа рзы.
0
Ахҳәаа ыҟам