Амениу
15 Ԥхынҷкәын 2025
23:21
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
25.09.2025 18:15
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Петербург иаадыртит Нарҭаа репос афырхаҵа хада имотив ала иҟаҵоу аскульптура 

Санкт-Петербург аҿиара аҵакыра «Гранд Каньон» имҩаҧысит аскульптуратә композициа ҿыц аартра. Аусумҭа иахьӡуп «Ажәҩан иалоу аиеҵәақәа», уи авторс дамоуп еицырдыруа Петербургтәи аскульптор Константин Гарапач.

Аџьазтә композициа даҳнарбоит ахыци ахәымпали рыла ажәҩан аиеҵәа кыдызҧаар зҭаху аҷкәын қәыҧш. Ари аусумҭа шьаҭас дамоуп арашь Бзоу иақәтәоу Нарҭаа репос афырхаҵа хада Нарҭ Сасрыҟәа. Уи ахьҭа иакыз иашьцәа рзы аиеҵәа кыдҧааны рымҩа ирлашеит, згәы џьбараз адауцәа амца рцәиӷьычит, иашьцәа ирҧхеит. 

Ари аҭоурых иаҳнарбоит ауаҩы дзызку. Ажәытә легенда аиҧш, «Ажәҩан иалоу аиеҵәақәа» иаҳгәаладыршәоит: амч хаҭеи аҟыбаҩи аҵакы нрымоу, ауаа ианрыхәо, аҧхареи, алашареи, агәыӷреи нрыцу ауп. 

«Ҳара «Гранд Каньон» аҧаҳҵеит аҭаацәеи ахәыҷқәеи ирызкны, урҭ рыҿиара хықәкыс иҟаҵаны. Аскульптура ҿыц иаҭаауа ауаа иразҵаауеит – уара уҿиара ҵакыс иамоузеи, уҧсҭазаара ахықәкы зеиҧшроузеи? Аҭак акоуп – амчқәеи аҟыбаҩи ауаа ирыхәартә еиҧш рхархәара», ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит «Гранд Каньон» аҧҵаҩы, аидгыла «Алашара» ахада, АААК иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы Мусса Егзакь. 

Константин Гарапач иажәақәа рыла, апроект идеианы иамоуп амифқәа сахьаркырала аиҭарыхәаҧшра. Урҭ аҳәамҭақәа рҿы аиеҵәақәа ауаҩы ихықәкқәеи иеихьӡарақәеи аллегориас ироуеит.

Аскульпута ҭыҧла ирнаалеит аҿиара аҵакыра «Гранд Каньон» аҟны игылоу егьырҭ аскульптуратә усумҭақәа «Ашықәс аамҭақәа», «Агәазҭаҵага». Урҭ еицаҧырҵоит ахәдурақәа: аинаалара, аҭынчра, аҧшӡара, ҧхьаҟатәи абиҧарақәа реиҷаҳара.

0
Ахҳәаа ыҟам