Лента событий ВААК
Санкт-Петербург иддырбеит Аҧсны иазкны Александр Малькевич иҭихыз адокументалтә сериал.
Санкт-Петербург Адмиралтеитә раион Ахадараҿы иддырбеит «Аҧсны: зеиҧш ҳбац гәылак аиҳа иааигәоу» зыхьӡу адокументалтә сериал. Апроект автор – Урыстәылатәи ажурналист, Санкт-Петербург Азакәанҧҵаратә Еизара адепутат Александр Малькевич.
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ахьӡала аусмҩаҧгатә аҿы дықәгылеит Аконгресс аппарат анапхгаҩы Абзагә Ҵәыџьба. Имҩаҧгоу аусуреи аҵак ду змоу ауаажәларратә ҧшьгамҭеи рзы Абзагә Ҵәыџьба иҭабуп ҳәа реиҳәеит Александр Малькевичи апроект агәыҧи. Иара убасгьы Абзагә Ҵәыџьба даҧхьеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, жәларбжьаратәи аидгыла «Алашара» аиҳабы Мусса Хабал-иҧа Егзакь иҟнытә ашәҟәы.
Апроект злашьақәгылоу хә-епизодк ганрацәала Аҧсны аадырҧшуеит:
· Кавказ абырлаш аҭаара;
· Аҧшьаҭыҧқәа рҭаара;
· Аҟәа: ашәышықәсақәа иргәылгоу ақалақь;
· Ахьыҧшымра азықәҧара: зшьамхы азмырсыз ажәлар;
· Ԥсра зқәым архәҭа. Афильм ахәҭақәа руак азкуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз Аҧсны афырхацәа.
Афильм арбара ашьҭахь Абзагә Ҵәыџьба Мусса Егзакь иҟнытә агәаларшәаратә ҳамҭақәа риҭеит Александр Малькевичи иколлегацәеи.