Лента событий ВААК
Аҟәа иддырбеит Муминаҭ Гонова илызкны Екатерина Бебиаҧҳа иҭылхыз адокументалтә фильм
Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы иддырбеит Аҧсны Зҽаҧсазтәыз ажурналист Екатерина Бебиаҧҳа иҭылхыз «Абазақәа р-Жанна Д’Арк – Муминаҭ Гонова» зыхьӡу, адокументалтә фильм.
Акиносахьа даҳнарбоит Муминаҭ Гонова – еицырдыруа аҵарауаҩ, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Нхыҵ-Кавказтәи аинститут (УА Ахада иҟны еиҿкаау жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи рзы Урыстәылатәи академиа афилиал) аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабы. Лара 100 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа лыҩхьеит, амонографиақәа еиқәлыршәахьеит.
Муминаҭ Гонова деицырдыруеит Адунеизыгьтәи аҧсуа-абаза конгресс (аҧсуа-абаза жәлар Жәларбжьаратәи рассоциациа) аҧҵара ауасхыр азышьҭазҵоз ируаӡәку ҳәа. 1992 шықәса инаркны 2015 шықәсанӡа ассоциациа аиҳабы ихаҭыҧуаҩс дыҟан.