Лента событий ВААК
Егзакь ифонд, ДНР Раҧхьатәиқәа реиҿкаара, аполитикатә партиа «Единая Россия» аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
Донецк имҩаҧысит Егзакь ифонди, апартиа «Единая Россия» адгылаҩцәа ртәылаҿацәтә Хеилаки, ДНР Раҧхьатәиқәа реиҿкаара атәылаҿацәтә ҟәшеи рыбжьара аусеицуразы х-ганктәи аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра. ДНР Раҧхьатәиқәа реиҿкаара напхгара аиҭоит амилаҭрацәатә архәҭа «Пятнашка» аиҳабы Ахра Аҩӡба.
«Сара даара сеигәырӷьеит гәык-ҧсыкала зтәылаҿацә гәакьа арҿиара иашьҭоу, зыҧсадгьыл ацхраара зҭаху аҿар сахьырҧылаз. Ҳара еснагь ҳазыхиоуп ас еиҧш аҧшьгамҭақәа адгылара рыҭара. Аус еицаҳаулоит», - ҳәа азгәеиҭеит Мусса Егзакь.
Раҧхьатәи еицырзеиҧшу апроектқәа ируакхоит Донецктәи Жәлар Рреспублика аҟынтәи Санкт-Петербургҟа ахәыҷқәа рцара аиҿкаара. 300-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа гәыҧла ишаны ҧсшьара иргоит Урыстәыла Аҩадатәи аҳҭнықалақь ахь. Дара рзы иазырхиахоит ибеиоу апрограмма. Уаҟа дара ирзыҧшуп алекциақәа, аекскурсиақәа, акультуратәи аспорттәи усмҩаҧгатәқәа, аиҧыларақәа.
Мусса Егзакь инаҵшьны иазгәеиҭеит аиқәшаҳаҭра асистематә программа ду шалҵуа: «Ҳара уалс иҳадуп ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара, рааигәара ҳшыҟоу дырбара. Агәра ганы сыҟоуп ари аныҟәара иацу аемоциақәа кыраамҭа ишырхамшҭуа».
Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь Мусса Егзакьи Ахра Аҩӡбеи рхы аладырхәит Урыстәылазегьтәи акциа «Агәаҳәарақәа рыҧсаӡ». Уи адагьы иҭааит Донецки Мариупольи рмитрополит Владимир, ҳамҭас ирҭеит Урыстәыла аҳаир-десанттә ари иҷыдоу архәҭақәеи жәҩантә хылаҧшҩыс ирымоу Аҧшьа Илиа иныхачаҧа. Аринахыс уи аныхабаа хадаҿы иҟазаауеит.