Лента событий ВААК
АААК имҩаҧнагеит апроект «Ирӡтәым» ала 2025 шықәсазтәи ахыркәшаратә лекциа
АААК агәыҧи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҧсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Инна Џьуӷьелиаҧҳаи апроект «Ирӡтәым» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧыргеит арккаратә лекциа.
Ауснагӡатә мҩаҧысит Н. А. Лакоба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратә школ № 1 аҟны. Алекциа мҩаҧылгеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабы Инга Шамҧҳа.
Аиҧылара темас иаиуит «Аҧсуа материалтә культура». Инга Шамҧҳа ашколхәыҷқәа идлырдырит амилаҭтә бзазара аелементқәа, инарҭбааны дырзааҭгылеит аҧсуа традициатә культураҿы ахархәара змоу иҷыдоу амаҭәарқәа рцәырҵра аҭоурых.
Ахәыҷқәа ираҳауа иаҳа игәныркыларц азы алектор амузеитә експонатқәа аалгеит. Аҵаҩцәа аӡырҩра адагьы ажәытә маҭәарқәа рнапаҿы иркит, уи атема азҿлымҳара кырӡа иарӷәӷәеит.
Аиҧылара мҩаҧысит адиалог аформат ала: аҵаҩцәа азҵаарақәа рацәаны иқәдыргылон, активла ахцәажәара иалахәын.