Лента событий ВААК
  Вернуться к ленте
19.03.2026 15:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
Жәларбжьаратәи аилазаара «Алашара» 13 шықәса ахыҵра азгәанаҭоит
Жәларбжьаратәи аилазаара «Алашара» 13 шықәса ахыҵра рыдаҳныҳәалоит!
13 шықәса раҧхьа Черкесск имҩаҧысит аиҿкаара аӡыргара. Ари ахҭыс уасхырс иазышьҭалеит Ҟарачы-Черқьесиа инхо аҧсуа-абаза жәлар рмилаҭтә хаҿра аиқәырхаразы мҽхакыҭбаала аусура. Мусса Егзакь дызхагылоу, абаҩхатәра ду злоу, ааҧсарада аус зуа аилазаара «Алашара» агәыҧ иҭабуп ҳәа раҳҳәоит рџьабаазы!
Шәара шәыбзоурала еиқәхоит абызшәақәа, аҵасқәа, аҿиара иаҿуп аспорт, аҿар раҧшьгамҭақәа. Уи зегьы мҩаҧысуеит ҟазарала, инашәыгӡо аус бзиа ибаны.
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аколлектив ахьӡала гәык-ҧсыкала ишәыдаҳныҳәалоит!
Ишәзеиӷьаҳшьоит аманшәалара, аусуразы агәацҧыҳәара, аихьӡара ҿыцқәа!
0
Ахҳәаа ыҟам