Амениу
15 Рашәара 2026
21:46
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
26.05.2026 11:39
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа

Ленинградтәи аобласт аҿы иаадыртит Аҧснытәи аҵеи ибаҟа

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа рхы аладырхәит Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду афырхаҵа - Балтикатәи афлот амшыншьаҟауаа ррхәҭа 3 тәи абригада алеитенант еиҵбы, Аҧснытәи аҵеи Ҭарба Хьымца Гәыџь-иҧа ибаҟа аартра ацеремониа.

Аусмҩаҧгатә мҩаҧысит лаҵарамза 25 рзы Ленинградтәи аобласт Приозертәи араион Мичуринское аҳабла ашкол аҿы. Амонумент аартра рнапы ианырҵеит араион ахада Александр Соклакови Ҭараа рыжәла ахаҭарнак Ҭенгиз Ҭарбеи.

Ацеремониа ҳаҭыр зқәу сасцәаны иаҭааит афырхаҵа иуацәеи иҭынхацәеи, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, иара убас уаҟа инхо аҧсуааи, акультура рккаратә еилазаара «Аҧсны» ахаҭарнакцәеи.

Аусмҩаҧгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны Мичуринское аҳаблатә школ аҵаҩцәа аибашьра иалахәыз ргәалашәара иазку ажәеинраалақәа ирыҧхьеит. Нас еизаз зегьы абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит. Аофициалтә хәҭа анхыркәшаха ашьҭахь, ашкол адиректор асасцәа рзы аҵараиурҭа аҩныҵҟа аекскурсиа мҩаҧылгеит, амузеии аклассқәеи длырбеит.

0
Ахҳәаа ыҟам