Амениу
28 Ԥхынгәы 2026
02:47

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
17.06.2026 16:42
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Зегь еидызкыло аклассика: «Аҳ Лир» адискуссиа шцәырнагаз

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси Аԥсуа драматә театри Адискуссиатә клуб аҟны изаамҭанытәиу аиҧылара мҩаҧыргеит. Ахцәажәарахь ииасит Уилиам Шекспир ипиеса ала иқәыргылаз аспектакль «Аҳ Лир» ахыркәшара ашьҭахь. Аиҿцәажәара модераторс дықәгылеит аспектакль арежиссиор Адгәыр Ақаҩба.

Аиҿцәажәара адинамикатә ҟазшьа аиуит, гәык-ҧсыкалатәи аемоциақәа аҵаны имҩаҧысит. Ахәылҧаз асасцәа инарҵауланы анализ рзыруан иуадаҩу асахьаркыратә хаҿсахьақәа, ирыҧшаауан асценографиаҿы иҵәахыз асимволтә ҵакқәа, иазааҭгылеит XXI ашәышықәсазы Шекспир исиужетқәа рактуалра. Аусмҩаҧгатә иаанарҧшит –атеатр адиалоги крызҵазкуа аидеиақәа рызхәыцреи рзы зеиӷьыҟам ҭыҧуп.

0