Лента событий ВААК
  Вернуться к ленте
20.07.2026 13:40
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
Алагер «Ахьышьтрахь» аҩбатәи асезон алахәҩцәа Аҧсны атеатртә ҟазара иахьысит
Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки АААКи еидгыланы, аҵарадырратә лагер «Ахьышьтрахь-2026» аҩбатәи асезон алахәылацәа рзы еиҿыркааит С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа драматә театр ахь аекскурсиа.
Атеатр актриса Елеонора Коӷониаҧҳа алагер алахәылацәа рзы узырхәыцша аекскурсиа мҩаҧылгеит, ахәыҷқәа ирзеиҭалҳәеит амилаҭтә культура символс иамоу ари атеатр аҧҵара аҭоурых. Ҳџьынџьуаа ҿарацәа азали асценеи ирҭааит, атеатр аҧсҭазаара иазку азҵаарақәа ҟарҵеит.
Ишәгәалаҳаршәоит, алагер ахықәкы хада – аҿар Аҧсны аҭоурыхи, акультуреи, абызшәеи, атрадициақәеи дырдырра, иара убас аҭоурыхтә ҧсадгьыли дареи реимадара арӷәӷәара роуп.
0