Лента событий ВААК
Санкт-Петербург имҩаҧысит Аҧсны Амш
Ԥхынгәымза 21 рзы афестиваль «Лермонтов_Фест2026» аҳәаақәа ирҭагӡаны Санкт-Петербург имҩаҧысит Аҧсны Амш.
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аппарат анаҧхгаҩы Абзагә Ҵәыџьба АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак Ахантәаҩы Мусса Хабал-иҧа Егзакь иҟнытә ааҧхьамҭа даҧхьеит. Уаҟа ианын:
«Гәык-ҧсыкала бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит зырҿиара аурыс культура Кавказ иадызҳәалаз апоет – Михаил Иури-иҧа Лермонтов ихьӡ зху абиблиотекаҿы. Иахьатәи аиҧылара – шәышықәсалатәи Аҧсны аҭоурых азхьаҧшра, уи акультура абжьы аҳара, ажәлар рыҧхара анырра аиура алзыршо акы акәны иҧхьаӡатәуп... Аҧсни Урыстәылеи аҭоурыхтә, адоуҳатә, ауаҩытәыҩсатә еимадарақәа рыла еидҳәалоуп. Арҭ атәылақәа аҧырҵон абиҧарақәа – аусеицурала, наҟ-ааҟтәи аицхыраарала, азеиҧш гәалашәара шьаҭас иҟаҵаны, гәык-ҧсыкала ааигәа аҟазаара рҽазышәаны. Иҭабуп ҳәа расҳәоит абиблиотека аколлектив, апрограмма аиҿкааҩцәа, алахәылацәа зегьы Аҧсны аганахь иаашәырҧшыз азҿлымҳареи адиалог азы аҭыҧ аҧҵареи рзы. Ари амш Урыстәылеи Аҧсни рыжәларқәа реиҩызара арӷәӷәараҿы акрызҵазкуа даҽа шьаҿаны иҟалааит».
Аусмҩаҧгатә апрограмма иаҵанакуан апринц Пиотр Гьаргь-иҧа Ольденбургтәи ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәеа рышьҭаҵара, «Аҧсны аҭоурыхи акультуреи» зыхьӡыз ацәыргақәҵа, иара убас асасцәа аҧсуа милаҭтә чыси, итрадициатәу арыжәтәқәеи, амаҭәарқәеи дырдырра.
Аныҳәа ҳаҭыр зқәу сасцәаны иаҭааит Сергеи Николаи-иҧа Бабурин, Рауф Ҭархәын-иҧа Аиба, аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа, Аҧсни Урыстәыла еиуеиҧшым арегионқәеи рҟынтәи асасцәа.
Аусмҩаҧгатә Урыстәылеи Аҧсни рыжәларқәа рыбжьара акультуратә еимадарақәеи аиҩызареи рырӷәӷәараҿы акрызҵазкуа шьаҿаны иҟалеит.