Амениу
26 Абҵара 2026
23:33

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    Вернуться к ленте
05.11.2026 15:49
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Апроект «Аҟәатәи абаа» афинал

Гал араион – Хьацхәа Шьашьикәара ақыҭақәа рыҟнытә ашколқәа хҧа рҵаҩцәа апроект «Аҟәатәи абаа» ахыркәшаратә етап рхы аладырхәит.

Ашколхәыҷқәа иддырбеит аҭоурыхтә обиекти хәызмоу археологиатә ҧшаахқәеи. Ахәыҷқәа аекскурсиамҩаҧгаҩ ииҳәоз гәцаракны иазыӡырҩуан.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿыркааит аҭыҵрақәа 4, абаа иаҭааит еиуеиҧшым ақыҭақәа рыҟнытә 8-школк рҵаҩҵәа. Аусмҩаҧгатә иаҳнарбеит ахәыҷқәа рыблақәа рҿы аҭоурых аҧсы шҭалоз!

Апроект иалахәыз ашколқәа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит!edited 16:01

0