Амениу
12 Ԥхынгәы 2025
10:00
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    1 Ԥхынгәы 2024
01.07.2024 15:55
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Агәазыҳәарахь ашьаҿа: Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаҧысыз аконцерт хада аҟнытә инарылукааша ахҭысқәа

Аҧсны имҩаҧысуеит «Агәазыҳәарахь ашьаҿа» зыхьӡу, II Жәларбжьаратәи ахәыҷтәи ақәыҧштәи ахореографиатә ҟазара афестиваль-аицлабра. Уи рхы аладырхәит Урыстәыла еиуеиҧшым атәылаҿацәқәа рыҟнытә ҩышәҩык инарзынаҧшуа артистцәа ҿарацәа. Жәамш имҩаҧысуа афестиваль апрограмма иаҵанакуеит арҵаратәи, арлахҿыхратәи, акультуратәи хәҭақәа.

Аҧснытәи Урыстәылатәи акәашаратә коллективқәа злахәыз ахыркәшаратә концерт хада мҩаҧысуеит рашәарамза 29, Р.Гәымба ихьӡ зху Аҧсны аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Афестиваль шымҩаҧысуа, артисцәа ҿарацәа ирҵаз, аконцерт хадаҿы ахәаҧшцәа ирзыҧшу – абарҭқәа зегьы аныҧшуеит иазырхиоу ҳрепортаж.

Ахәыҷтәы ҟазара арҿиареи, аҿар рыбжьара агәабзиара иазеиӷьу аҧсҭазаашьа аӡыргареи, ацәаҩашәатә хәдурақәа рырҿиареи адгылара рыҭара еснагь ҳгәы аздууп.

0
01.07.2024 15:34
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Афестиваль хыркәшан Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаҧгаз аконцерт хадала

Р.Гәымба ихьӡ зху Аҧсны аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаҧысит «Агәазыҳәарахь ашьаҿа» зыхьӡыз, афестиваль аконцерт хада. Еиуеиҧшым арепертуар, анагӡаҩцәа рҟазара, иҧшӡаркыз амаҭәақәа, азал аҿы аншлаг – аконцерт алахәцәеи ахәаҧшцәеи ҳамҭас ироуит аныҳәа лаша. Аҧсуа кәашарақәа, аурысқәа жәлар рыкәашарақәа, ҳаамҭазтәи акәашарақәа – ахореографиатә номерқәа зегьы рыдыркылон напеинҟьарыла.

Агран-прии аҧаратә ҳамҭеи еиҩыршеит «Ритмы детства» зыхьӡу Москватәи ахореографиатә ансамбли, «Аурашьа» зыхьӡу Гәдоуҭатәи акәашаратә гәыҧи. Ирыдаҳныҳәалоит аиааира згази, алахәцәеи, абжьгаҩцәеи, ирзеиӷьаҳшьоит анаҩстәи арҿиаратә қәҿиарақәа! Аконцерт иақәымшәаз ракәзар, ирыдаҳгалоит иазҳархиаз авидео кьаҿ.

0