Амениу
9 Ԥхынҷкәын 2025
18:51
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    10 Нанҳәа 2025
10.08.2025 12:38
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК агәыҧ рхы аладырхәит «Аҧсны Аҳәынҭқарра ауаажәларратә ҧшьгамҭақәа» зыхьӡыз асеминар

АААК агәыҧ рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада игрантқәа рыцхыраарала еиҿкааз асеминар «Аҧсны Аҳәынҭқарра ауаажәларратә ҧшьгамҭақәа». 

Асеминар мҩаҧыргеит акультура-устә еиҿкаарҭа «ГӘЫМА». Уи мҩаҧигеит асоциалтә технологиақәа Архангельсктәи рцентр «Гарант» аиҳабы Марина Михаилова. 
Аусмҩаҧгатә еиднакылеит ауаажәларратә еилазаареи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, асоциалтә проектҟаҵара аҟәшаҿы аекспертцәа.

Аиҧылара амодератор алахәцәа ирзеиҭарҳәеит Урыстәыла Ахада игрант аиуразы азыҳәанҵа шеиқәыршәатәу. Нанҳәамза 7 инаркны, цәыббрамза 30 рҟынӡа уи аҩыза алшара рымоуп Аҧсны иҭаҩу икоммерциатәым аиҿкаарақәа (аполитикатә еидгылақәа рыда) зегьы.

0