Лента событий ВААК
4 Лаҵара 2026
04.05.2026 14:00
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра
АААК иацнаҵоит алагаратә арратә ҽазыҟаҵара иазку апроект
Алагаратә арратә ҽазыҟаҵара иазку апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны изаамҭанытәиу аҭыҵра еиҿыркааит Гәдоуҭатәи абжьаратә школ N 2 аҵаҩцәа рзы.
Традициала ишаҧу еиҧш, апрограмма хацдыркит абжьгарақәа рыла: ашколхәыҷқәа иреилдыркааит абџьар ахархәара аҧҟарақәа, ахысраан ашәарҭадара алыршашьа, иддырбеит ииашаны агылашьеи абџьар ацәҟьа ақәкшьеи. Атеориа ашьҭахь аҵаҩцәа идырҳаз адыррақәа рхы иадырхәеит ахысраан. Ашколхәыҷқәа гәырӷьаҵәа еибырҳәон ирбаз-ираҳаз. Аҧсҭазаара иаҳнарбеит: ас еиҧш иҟоу аҽазыҟаҵарақәа арҵаратә ҧышәа арҿиауеит.
АААК иҭабуп ҳәа рарҳәоит Гәдоуҭа араион ахадара аҵараҟәша анапхгара, апроект анагӡараан ирырҭаз атранспорт азы.
0