Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, иҳаҩсыз амчыбжь иалагӡаны Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 ачымазара ахҭысқәа 315 аарԥшуп, агәаҭара иахысит 1746-ҩык ауаа. 

Саид Барганџьиа
 

Иаҳхысыз амчыбжь азы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ҿкы рыдырбалеит 315-ҩык ауаа. COVID-19 аарԥшразы агәаҭарақәа ирхысит 1746-ҩык. Абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аоперштаб адыррақәа рыла, абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 92-ҩык апациентцәа. Урҭ рахьтә акоронавирус зцәа иалоу 81-ҩык ыҟоуп, даҽа 11-ҩык чмазаҩуп ҳәа агәҩара рзыҟоуп. Рҭагылазаашьа хьанҭоуп 25-ҩык, 29-ҩык бжьаратәуп. Мчыбжьык ала згәабзиара ҭышәынтәалаз 61-ҩык атәылауаа ахәышәтәырҭа илҩаауп. 

Аоперштаб адырра ҟанаҵоит, Аҟәа, асасааирҭа «Аиҭар» иахьаҵанакуа еиҿкаау амобилтә госпиталь аҟны акоронавирус зцәа иалоу 32-ҩык апациентцәа шьҭоуп ҳәа. Урҭ рахьтә 28-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп, ԥшьҩык – хьанҭоуп. 

«Иахьазы иааидкыланы Аԥсны ачымазара здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 5065-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 3466-ҩык ргәы бзиахеит, 61-ы рыԥсҭазаара иалҵит», – ҳәа аанацҳауеит аоперштаб.

Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчарарзы аоперативтә штаб Аԥсны ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.

Аԥсны аус ауеит аимадара ҷыда аномерқәа, урҭ рыла уасны COVID-19 иазку иарбанзаалак аинформациа уоур улшоит, иара убас асециалист иконсультациагьы.

Аҟәа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи асыр рылшоит абарҭ аномерқәа рыла: 995–02–07, 935–30–71, Очамчыра ауааԥсыра рзы 925–10–09, Тҟәарчал 925–10–03, Гал 925–10–07, Гагра 925–10–05, Гәдоуҭа 925–10–02, Агәӡера 925–10–04.