Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс имҩаԥнаго аԥсуаа рҭоурыхи, ркультуреи, ретнологиеи ирызку алекциақәа рцикл аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит ахԥатәи алекциа аԥхьара, уи темас иаман итрадициатәу аԥсуаа ретнокультуреи ретноекологиеи.

Саид Барганџьиа

Итрадициатәу аԥсуаа ретнокультуреи ретноекологиеи иалацәажәеит Аконгресс аҟны имҩаԥысуа аԥсуаа рҭоурыхи, ркультуреи, ретнологиеи ирызку алекциақәа рцикл аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уаанӡеиԥш ари алекциагьы даԥхьеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, еицырдыруа аԥсуа етнолог Марина Барцыц.

Алектор лықәгылараҿы иазгәалҭеит аԥсуа жәлар ижәытәӡатәиу адунеихәаԥшышьеи анцәахаҵареи еиқәдырхеит ҳәа ирызҷыдаҟазшьоу аконсерватизми атрадиционализми ирыбзоураны.

Барцыцԥҳа еиҭалҳәеит, итрадициатәу аԥсуа культураҿы ауаҩи аԥсабареи ҳәа аиҟәшара шыҟам, ауаҩы аԥсабара дахәҭакны ихәаԥшуан, уи аԥшәымас иҟоу иакәымкәан. Иахьанӡагьы еиқәханы иҟоуп, убас, асаби хышықәса ихыҵаанӡа «аԥсабара датәуп» ҳәа агәаанагара.

«Ахәыҷы хышықәса ихыҵаанӡа дкьаҭазар, уи дырҵәыуаӡомызт, аԥсра иацу аритуалқәа акгьы мҩаԥыргаӡомызт, «дызшаз дигеит» рҳәон», – азгәалҭеит аҵарауаҩ.

Аԥсуа етнокультура инақәыршәаны, аԥсабара – аԥсы ҭоуп, изызҳауа зегьы аԥсы рхоуп. Марина Барцыц илҳәеит аԥсуаа анхарҭа ҭыԥ аналырхуазгьы иалкаау аԥҟарақәа ишрықәныҟәоз: аԥсабареи ауаҩи еснагь агармониа рыбжьазар акәын.

Аетнолог еиҭалҳәеит, аԥсуаа адгьыл, аӡы, ашьхақәеи аҵлақәеи ҷыдала ишырзыҟаз. Ажәытә дунеихәаԥшышьа злаҟаз ала, арҭ амчқәа зегьы доусы рынцәахәқәа рыман. Иҟан иалкаау аҭыԥқәа, ашәарыцара ахьыҟамлоз, избан акәзар урҭ ԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡан. Аԥшьаҭыԥқәа ртема акырӡа инарҭбааны иааԥшуеит еиуеиԥшым аҳәамҭақәеи алегендақәеи рҟны.

Аԥсабаратә цәырҵрақәагьы ирыдҳәалоу анцәахаҵарақәа даара аинтерес рыҵоуп, иаҳҳәап адыд-амацәыс.

«Амацәыс иашьыз ауаҩы анышә дарҭаӡомызт, аҵла дықәырҵон, убри аан иҷыдоу ашәа рҳәон. Амацәыс зысыз ауаҩы анцәа иалихыз иоуп ҳәа дшьан», - лҳәеит алектор.

Ашьхақәа цқьаҭыԥны иԥхьаӡан аԥсуаа рҟны. Шьхацан иадҳәалоу, хымԥада изықәныҟәатәу аԥҟарақәа рацәоуп. Иаҳҳәап, ашьхараҿ ауаҩы дҭахазар, уи иԥсыбаҩ уа ааныжьра ҟалаӡомызт, иаразнак дрымбаргьы, зегь акоуп ибаҩ анырыԥшаалак иҷыдоу ақьабз мҩаԥганы илыбааргон.

«Ашьхара – ахацәа иртәу ҵакыроуп ҳәа иԥхьаӡан. Аха уи иаанагаӡом, аҳәса уахь ицаӡомызт ҳәа», - ацылҵеит Марина Барцыц.

Алекциаҿы иазааҭгылеит иара убас ашәарыцацәа ирҿаз «абна бызшәа». Уигьы аԥсышәоуп, аха иашьцылам изеилкааӡом.

Алекциа иазыӡырҩуан есымшатәи аҭааҩцәа реиԥш, раԥхьаӡа акәны арахь имҩахыҵызгьы. Илона Саӡԥҳа Аконгресс алекциақәа рыӡбахә лаҳаит лҩызцәа рҟынтә. Лара илҳәеит аԥсуаа ретнокультураI иазкны абраҟа иҿыцны илаҳаз шырацәоу.

«Абарҭқәа зегь ҳацәцоит иҳамбаӡакәа, еиҳарак аиҳабацәа ҳаԥхацыԥхьаӡа. Иаҳҳәап, санхәа лыдунеи анылыԥсах ашьҭахь убас иаҳхашҭқәаз ыҟоуп. Ахәыҷқәа сазҵауеит: «Абри абас изыҟаҳҵои, иаанагои?» ҳәа. Ирасҳәо анысзымдыруа ыҟоуп, избанзар уи уажәшьҭа иаҳгәалашәаӡом. Иҟоуп убас атрадициатә қьабзқәа ииашаны ишыҟарҵоз анаҳхашҭуагьы. Аҿарацәа абарҭқәа ирзыӡырҩлар бзиан ҳәа сыԥхьаӡоит», - лҳәеит лара.

Алекциа иазыӡырҩуаз Светлана Аҩӡба лгәаанагарала, иахьа ауаажәлар аекологиатә проблемақәа ианрызҿлымҳау, итрадициатәу аетнокультуреи аетноекологиеи ирызку алекциа актуалра аҵоуп.

«Абра иахьа иҳәаз аҟынтә хаҭала сара исмаҳацыз даара ирацәан, уажәшьҭа сагьхәыҷым аха. Иаҳҳәап, аԥсуаа иаарыкәырршоу аԥсабара ишазыҟаз, абна ишеиҷаҳауаз, аԥҟарақәа ишрықәныҟәоз, ишышәарыцоз. Абарҭ акәамаҵамақәа зегьы инҭырҳәцааны иахьа издыруа, иназыгӡо шьҭа ирацәаӡам. Алекциа аинтерес ду аҵан, ихәарҭаз аинформациа акырӡа ҳаҳаит», – лҳәеит лара.

Асида Мархолиа Марина Барцыц Аконгресс аҟны дзыԥхьахьоу алекциақәа зегьы дырзыӡырҩит. Лара агәра ганы дыҟоуп, араҟа ишьҭырхуа атемақәа зегьы ахәарҭара шрыцу, еиҳарак аҿар рзы.

«Ааи, аҩны, ашкол аҿы, ауниверситет аҿгьы абарҭқәа ҳзеиҭарҳәон, аха абас аҵарауаа уанырзыӡырҩуа еснагь иҿыцу ак уаҳауеит, ухатә культуреи уҵасқәеи еиҳа инарҵауланы уагәылаԥшуеит. Убри аҟнытә ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа даара аҵак ду рымоуп ҳаԥхьаҟа ҳхатәы бызшәеи ҳкультуреи, ус анакәха ҳҳәынҭқаррагьы реиқәырхара ҳалшарц азы», – лҳәеит аҭыԥҳа.

Алекциа ахы инаркны аҵыхәанӡа асаит аҟны ицәыргахоит. Ацикл аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп иҵегь алекциақәа маҷымкәа, агәаҳәара змоу зегьы аҭаалар рылшоит. Иааиуа алекциа иазку аинформациа кьыԥхьхоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс адаҟьақәа рҿы асоциалтә ҳақәа рҟны.