68241

Аҟәа имҩаԥысыз иҷыдоу ацәыргақәҵаҿы еизаз идырбан хкырацәала ахҭырԥаҿаҳәашьақәа.

Ахҭырԥақәа рцәыргаразы аиҿкааҩцәа рхы иадырхәеит аԥсуа скульпторцәа русумҭақәа – аҭоурыхтә фырхацәеи, еицырдыруа актиорцәеи, ашәаҳәаҩцәеи рхаҿсахьақәа зманы ичаԥаз. Апроект аиҿкаара иалахәын Аԥсны раԥхьатәи амобилтә оператор «Аҟәафон».

Абри атәы еиҳа инарҭбааны>>

Апроект авторцәа руаӡәк, афотосахьаҭыхҩы Ибрагим Ҷкадуа еизаз асасцәа идирбеит ахҭырԥа аҿаҳәашьа жәа,а вариант. Иагьазгәеиҭеит, арҭ авариантқәа ҟазшьала еиуеиԥшым ахҭысқәеи, аусмҩаԥгатәқәеи ишрызку.

Ацәыргақәҵа авторцәа ируаӡәку, афонд «Ахеидкыла ацҳа» аԥҵаҩы Елена Лабахәуа 20 шықәса инареиҳаны аԥсуа милаҭтә маҭәа аҭоурых ҭылҵаауеит. Ажурналистцәа рацәажәараан иазгәалҭеит, ахҭырԥа – аԥсуа милаҭтә маҭәа иахадоу елементны ишыҟоу.

Апроект иаа убас ацавторс иҟоу аԥсуа сахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа еиҭеиҳәеит, ахацәа ахҭырԥа рхаҵара ҭагылазаашьак ишадҳәалаз, иара убасгьы ахҭырԥа ныҟәызгоз ишааирԥшуаз имоу агьамеи, иоригиналреи.