Коџьаели иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкыла ахаҭарнакцәа амҳаџьырра иалаӡыз аԥсуа-абаза хылҵшьҭрақәа ргәалашәара аҳаҭыразы Кандыр ақалақь иҟоу аԥсыжырҭа азааигәара азеиҭынҵлақәа еиҭарҳаит.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз аԥсуа-абазақәа ргәалашәара аҳаҭыразы Ҭырқәтәыла, Қьефқьен адгьылбжьахаҿы азеиҭынҵлақәа еиҭаҳауп. Ари акциа амҩаԥгара аидеиа зтәу апровинциа Коџьаели иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкыла ахантәаҩы Ҳасан Қардиа иоуп. Абри апровинциа иатәу ақалақь Кандыр иахьаҵанакуа иҟоуп амҳаџьырра иалаӡыз ҳашьцәа рыԥсыжырҭа.
Акциа ихы алаирхәит Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра нагӡа змоу Аԥсны ахаҭарнак иабжьагаҩ Џьансыхә Лазба. Иара еиҭеиҳәеит, азеиҭынҵлақәа ахьеиҭарҳашаз аҭыԥ машәыршақә ишалхымыз. Есышықәса, лаҵарамза 21 рзы абраҟа иааины иргәаладыршәоит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ашьхарыуаа.
«Қьефқьен аҟәара – XIX-тәи ашәышықәсазы зҭоурыхтә ԥсадгьыл ақәҵра зқәашьхаз аԥсуа-адыга диаспора раԥхьаӡа иахьықәнагалаз ҭыԥуп», – иҳәеит Лазба.
Џьансыхә Лазба иазгәеиҭеит ари аԥшьгамҭа аҭыԥантәи амчрагьы адгылара шарҭаз.
«Абас еиԥш иҟоу акциақәа мҩаԥгалатәуп, ҳҿар рабиԥара, Аԥсны иҟоума, Ҭырқәтәыла иҟоума, адунеи ҭыԥс иахьықәынхозаалак, ҳтоурых рхамшҭларц азы», – иҳәеит иара.
Агәалашәаратә акциа ихы алаирхәит убасгьы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахелак ахантәаҩы Аҳмаҭ Ҳапат. Иара еиҭеиҳәеит, акциа алахәцәа ишеиҭарҳаз азеиҭынҵлақәа 300 шьапы.
Аҵлеиҭаҳара рхы аладырхәит шәҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра. Ҳапат иажәақәа рыла, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакцәа, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа, Коџьаели, Сақариа, Инегиоль, Бурса, Караельмас еиҿкаау Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рхаҭарнкцәа, иара убас Коџьаели анапхграҿы иҟоу ачынуааи ауаажәларреи.
«Абри абаҳча еиҭаҳҳаз крызҵазкуа ҭыԥны иаанхароуп, изызку ргәалашәара ахаан иҿымцәаарц, ари нахыс аҭынчра наӡаӡа иаԥызрц азы», – иҳәеит Аҳмаҭ Ҳапат.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәладыршәоит есышықәса лаҵарамза 21 рзы. Абри аҽны 1864 шықәсазы Гәбаадәы аибашьратә парад мҩаԥысит 1817-1864 шықәсақәа рзы имҩаԥысуаз Кавказтәи аибашьра аилгара ахьӡала. Аибашьра иахҟьаны зықьҩыла кавкзтәи ажәлрқәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл иқәымҵыр ада ԥсыхәа рмоуит, дара Османтәи аимпериахь иӡхыҵит, нас уантәи есааира адунеи рҽаларыԥсеит.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.