Зхы иақәиҭу аиқәԥара аклуб «Абаза» ааӡамҭа Денис Қәаранӡиа Санкт-Петербург ахәыҷқәа азыҟаиҵо далагеит.

Зхы иақәиҭу аиқәԥара аклуб «Абаза» аушьҭымҭа, ҩажәа шықәса зхыҵуа Денис Қәаранӡиа Санкт-Петербург ахәыҷқәа разыҟаҵаҩс аусура далагеит. Азыҟаҵаҩ қәыԥш дызнысыз амҩеи, аспортсменцәа рааӡара дшазнеиуеи АААК акорреспондент изеиҭеиҳәеит.

Аҩзыа ижәҩахырс аҟазаара

Денис Қәаранӡиа иҽазыҟаиҵон зхы иақәиҭу аиқәԥара аԥсуа школ «Абаза» аҟны, анаҩс 2016 шықәсазы Санкт-Петербург иҟоу аолимпиатә резерв аҵараиурҭа №2 даанаԥхьеит. Сынтәа иара иҵара хиркәшоит, уажәы адипломтә усумҭа аҩра даҿуп.

2021 шықәса ҭагалан азы аспортсмен иҵара инаваргыланы аусура далагеит Union Wrestling SPB аҟны, зхы иақәиҭу аиқәԥара асекциаҿы ахәыҷқәа азыҟаиҵоит.

Азыҟаҵаратә ус далагарц ааԥхьара ииҭеит иҩыза, курск аҿы аҵара ицызҵо Максим Исаев – зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Урыстәыла аспорт азҟаза, Урыстәылеи Санкт-Петербурги еизгоу ркомандақәа ирылахәу.

«Максими сареи аҵараиурҭаҿы аҵара еицаҳҵоит хәышықәса раахыс. Иара ҩышықәса ҵуеит ахәыҷқәа азыҟаиҵоижьҭеи, саргьы уааи ҳәа сеиҳәеит», – ҳәа имарианы далацәажәоит Денис. Иара аус ахьиуа асекциаҿы рҽазыҟарҵоит 150-ҩык ахәыҷқәа, ацхыраара иҭаххеит, убри аҟнытә аҩбатәи азыҟаҵаҩс иҩыза Денис дааиԥхьеит.

Азыҟаҵаҩ қәыԥш иҳәеит дызлагаз аусура шигәаԥхо, иааӡамҭацәа ақәҿиарақәа анроуа иаҟара шицло атәы.

«Уџьабаа алҵшәа анубо, ахәыҷқәа иудыруа ануҿырҵаауа, еилукаауеит уџьабаа шмыӡыз, уи угәы шьҭнахуеит», – иҳәеит Қәаранӡиа.

Union Wrestling SPB аҟны зхы иақәиҭу аиқәԥара асекциа иаҭауаа ахәыҷқәа ԥшьышықәса инаркны 14 шықәса рҟынӡа рхыҵуеит.

«Аӷәӷәақәа» ҳәа ҳзышьҭоу агәыԥ ҳамоуп, уи зегьы иреиҵбацәоу роуп 4-6 шықәса зхыҵуа. Урҭ макьана аиқәԥара иазыҟаҳҵаӡом, рыбаҩ ҳарҵәуеит ауп, ԥшьаала иазааҳгоит. Ихадароу агәыԥ 6-14 шықәса зхыҵуа роуп. Есҽны ԥшьба-ԥшьба гәыԥ азыҟаҳҵоит, урҭ рҟынтә ҩба сара соуп азыҟаҵаҩс ирымоу, аиҵбацәа мчыбжьык ахь хынтә иазыҟаҳҵоит», – ҳәа играфик зеиԥшраз ҳаиҳәеит аԥсуа спортсмен.

Иусура дазааҭгыло Денис Қәаранӡиа аӡбахә цәыригеит илахьынҵаӡбагахаз еиԥыларак атәы. Аклуб «Абаза» аиубилеи иазкыз афильм анҭырхуаз, дара рзал даҭааит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь – зхы иақәиҭу аиқәԥара аспортхкы згәы азыбылуа, Асовет Еидгыла аспорт азҟаза, акырынтә Ленинград ачемпионс иҟалахьоу.

«Мусса Ҳабал-иԥа сиабадырит. Сгәаҿы иаанхеит еизҳауа абиԥара ргәы бзианы, иреиӷьу ала еизҳаларц дшашьҭоу. Аԥсуа, абаза ҿарацәа рзы иҟаиҵо рацәоуп, ақәԥаҩцәа рзы мацарагьы акәым, иааидкыланы зегьы рзы. Иареи сареи ҳаицәажәон. Ҳхәыцшьақәа акыр еиԥшын, сара сгәалашәараҿ инхеит ҳаиқәшәара. Сара схаҭагьы Мусса Егзакь ибзоурала Аԥсны иаартыз аклуб «Абаза» ааӡамҭацәа среиуоуп. Иара алшара бзиақәа аԥиҵеит ҳтәылаҿы аспорт ҿиаларц азы», – ҳәа алкаа ҟаиҵеит Қәаранӡиа.

Иара игәаанагарала, аспорт зегьы иреиӷьу цхырааҩуп аҿар ԥхасҭазтәуа ҳаамҭазтәи агаджетқәа радгаразы. Аҽны хәлаанӡа ателефон зку ахәыҷы, аинтернет-хәмаррақәа ирчычоу, маха-шьахала дуашәшәыраны, алаӡара ҳәа акгьы имамкәа изҳауеит ҳәа игәы иаланы иҳәеит Денис.

«Аха баша ирымухит ҳәа аус узыӡбӡом, даҽакала иԥсахтәуп, аамҭа иаҳагьы еиӷьны излархыргаша рацәаны ишыҟоу дурбароуп, иаҳҳәап аспорт. Ахәыҷы аспорт иалааӡоу зегь рыла дышәуеит. Иахьатәи аҿар каты-шәатуа иҟоуп, амч ҳәа акгьы рылам. Уи зыхҟьо амзызқәа иреиуоуп анацәеи абацәеи рыџьбарамра, ирылшо зегь ҟарҵароуп рхәыҷы иаҳа деиӷьны, иаҳа дыӷәӷәаны иҟаҵаразы. Аспорт ауаҩы даӡрыжәуеит, аԥыза иҟазшьақәа илаанаӡоит. Убас изызҳаз ахәыҷы аду ԥсҭазаараҿы иаҳа изымариахоит ихатәы мҩа алхра, алеишәа закәу идыруеит, аҽынкылашьа, адисциплина уҳәа – арҭқәа зегьы ихадароу уаҩытәыҩсатә ҟазшьақәоуп», – ҳәа ирҳахьоу аԥышәа ҳацеиҩишеит Денис.

Ахәҷқәа рзы азыҟаҵаҩ ани аби дырҩызоуп ҳәа иԥхьаӡоит Денис Қәаранӡиа. Аҽазыҟаҵара ахаҭа анахысгьы, азыҟаҵаҩ иааӡамҭацәа рыхдырраҟны аԥсҭазааратә ориентир иашақәа рышьаҭа икуеит. Убрахь иахуԥхьаӡалар ауеит ахәыҷқәа ргәабзиара аиқәырхаразы агаджетқәа «рабашьрагьы».

«Агаджетқәа, асоциалтә ҳақәа, аблогерцәа – абарҭқәа зегьы ахәыҷы акгьы иҭахымкәа дҟарҵоит, лабҿабатәи аԥсҭазаара игәы ахдыршәоит, маха-шьахала ак аҟаҵара аинтерес ицәыӡуеит. Ҳара хықәкыс иҳамоу – абзиеи ацәгьеи еилырганы ахәыҷқәа араҳәароуп, амҩа иаша рықәҵароуп, абык иеиԥш рааӡароуп. Шәхәыҷы дызлашәҵо аспортхкы закәызаалак ауеит, иара дандухалак аспорт ахь ихы имырхаргьы ауеит, дыспортсменхап, мамзар ддипломатхап, уи акәым аус злоу. Абра ихадароу – агәызҩыдаратә ԥсҭазаара ауаҩы дшыхәыҷу агьама иркроуп», – ҳәа азгәеиҭеит азыҟаҵаҩ.

Аспорттә кариера

Азыҟаҵаратә ус аҟны иааирԥшуа аихьӡарақәа инарываргыланы Денис Қәаранӡиа хаҭала дызлахәу аспорттә еицлабрақәа рҟынгьы ақәҿиарақәа имоуп. Убас, ҳазҭоу ашықәс мшаԥымзазы зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Санкт-Петербург аԥхьахә агараан иара актәи аҭыԥ ааникылеит 24 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ақәыԥшцәа рыбжьара, аспорт азҟаза инорматив нагӡаны.

Денис макьана иаахҵәаны изҳәом испорттә кариера ԥхьаҟа иҵегь иациҵару, азыҟаҵаҩ иус алихру.

«Аамҭа иаҳнарбап. Аԥхын маҷк аҟара сыԥсы сшьоит. Аспорт саҿуижьҭеи аахақәа исоуаз еиқәылеит, урҭ алсыргароуп. Аԥхынра иалагӡаны сеиҭашьақәгылароуп, анаҩс иалсхшагьы сыӡбоит», – ҳәа ипланқәа ҳацеиҩишеит аспортсмен. Иҳәатәуп, иара ихаҭагьы аҽазыҟаҵарақәа дшырҿу, иформа ицәымӡырц.

Уажәазы аолимпиатә резерв аҵараиурҭаҟны иара дазыҟарҵоит Урыстәыла аспорт азҟазацәа – Санкт-Петербург 24 шықәса зхымҵыц ақәԥаҩцәа разыҟаҵаҩ хада Александр Чураев, 18 шықәса зхымҵыц ақәԥаҩцәа разыҟаҵаҩ хада Сармат Николаев. Денис гәадурала игәалаиршәоит Аԥсны дазыҟазҵоз аспортсменцәагьы, иара ашкол данҭаз аспорт ахь дныҟәо далагеит.

«Аҟәа раԥхьатәи сазыҟаҵаҩ Ҭемыр Џьапуа иакәын, нас Навик Алабиан, анаҩс Манучар Бешир-оглы иахь сақәшәеит. Амҽышада есҽны аҽазыҟаҵара сцон азал ахь. Азыҟаҵаҩ Манучар ҳицны, ааигәа иԥсҭазаара далҵит рыцҳа, ирацәаны аҳәаанырцә ҳныҟәон атурнирқәа рахь Шәача, Краснодар, Ставрополь. Иара иҟаиҵаз абжьгаралоуп Санкт-Петербург аҵараиурҭа сшаднакылаз», – ҳәа еиқәиԥхьаӡеит Денис зааԥсара иду азыҟаҵаҩцәа рыхьӡқәа.

Қәаранӡиа иазгәеиҭеит Аԥсны зус иазҟазоу азыҟаҵаҩцәа хазынақәа шыҟоу, ахәыҷқәа рызнагалатәуп ҳәагьы ациҵеит. Иара агәра ганы дыҟоуп азыҟаҵаҩцәа ахәыҷы аспорт ахь аинтерес шизцәырырго, иаразнакала аџьабаа ду шидмырбо, хаҭала зегьы ирылшо ала ишрызнеиуа.

«Хьыӡҳәала аӡәгьы далыскааӡом, машәырла уаҩ дысхамшҭырц. Анацәеи абацәеи рахь ааԥхьара ҟасҵоит рхәыҷқәа рԥеиԥш иазхәыцырц», – ҳәа иажәа хиркәшеит аспортсмен.

Иара гәҭакыс имоуп ихаҭагьы мышкызны Аԥсны иахьаҵанакуа аспортзал аартра.

«Сгәы иҭоуп Аԥсныҟа схынҳәырц. Аԥхынразы санаауа аҟәатәи азалқәа рҿы сҽазыҟасҵоит. Аха, аиашазы схатә зал еиҿыскаар сҭахуп, иахәҭоу амаҭәахәқәа зегь рыла еибыҭаны. Убри азоуп уажәы аус зызуа, аԥышәа сырҳарц, иҭышәынтәалоу азыҟаҵаҩ иаҳасабала сыԥсадгьыл ахь схынҳәырц. Нас ахәыҷқәа разыҟаҵара салагон», – ҳәа еиҭеиҳәеит Денис Қәаранӡиа.

Аԥсны иахьаҵанакуа раԥхьаӡатәи  зхы иақәиҭу аиқәԥара аклуб «Абаза» аԥҵан 2009 шықәсазы, иаракоуп иахьанӡагьы ҳтәылаҿы иаарту. Аханатә инаркны ари аус аԥшьгаҩ, аклуб аԥҵаҩы Мусса Егзакь хықәкы хадас иҿаԥхьа иқәиргылоз аԥсуа хәыҷқәа ргәабзиара зчаԥаша, аспорт иадзыԥхьалаша аҭыԥқәа раартреи, аспорт ахь аинтерес ашьҭыхреи акәын. Ииасыз абарҭ 13 шықәса рыла аклуб аныҟәгареи арҿиареи ирықәхарџьын 70 миллион мааҭ инареиҳаны.

Ҳазҭоу ашықәс азы Аԥсны иахьаҵанакуа аклуб асекциақәа рҟны аус руеит 36-ҩык азыҟаҵаҩцәа. Жәаха шықәса рыла аклуб «Абаза» иахысит 3500 арԥарацәа. Иахьазы рҽазыҟарҵоит 648-ҩык ааӡамҭацәа хәба инаркны 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа. Аԥсны араионқәа зегьы рҟны иаартуп, аусгьы руеит аклуб асекциақәа. Аԥсны анҭыҵ 16-ҩык аспортсменцәа ыҟоуп.

2011 шықәса ианркны аклуби Аԥсны зхы иақәиҭу аиқәԥара Афедерациеи еилахәны имҩаԥыргоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихраҿа агаразы атурнир. Жәашықәса рыла ари аицлабра ахьӡ-аԥша арҳаит Аԥсны анҭыҵгьы – есышықәса ари жәларбжьаратәи атурнир рҽаладырхәырц арахь иаауеит Нхыҵ Кавкази егьырҭ Урыстәылатәи арегионқәа рҟынтә еизгоу акомандақәа. Ари аицлабра аспорт аныҳәа дук еиԥш имҩаԥысуеит, аешьаратә жәларқәа рдоуҳатә акзаара аҳра ахьауа.