Абаҟақәеи аҭоурыхтә ҭыԥқәеи Жәларбжьаратәи рымш аламҭалазы АААК аинфопортал иҿцәажәеит Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кәабахьиа, иара еиҭеиҳәеит акультуратә ҭынха ахьчараҿы иҟоу ауадаҩрақәеи ақәҿиарақәеи ртәы.
Аиҿцәажәара мҩаԥигон Саид Барганџьиа.
Аԥсны аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчара иацу апроблемақәеи, уи иадҳәалоу азҵаарақәа азин аганахьала рҭышәныртәалареи, акультуратә баҟақәа рыхьчареи, реиҭашьақәыргылареи, реиқәырхареи рзы аҭакԥхықәра зду, насгьы ҿыц иаарԥшу аобиектқәа ртәы уҳәа азҵаарақәа жәпакы дырзааҭгылеит АААК аинфопортал иаиҭаз аинтервиу аҟны Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кәабахьиа.
– Ҳазҭоу ашықәс азы ихыркәшахоит Аԥсны аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа рышәҟәҭагалара иазку апрограмма. Шаҟа аамҭа аус ауази абри программа, уажәы иабанӡанеихьоу, насгьы бжьаратәла иарбан лҵшәақәоу иаанашьҭыз?
– 2014 шықәса, ԥхынҷкәын мзазы аиҳабыратә усбарҭақәа реиҭашьақәыргылараан Акультура аминистрреи Аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчара Аусбарҭеи еидҵаны еиҿкаан Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра. Аминистрраҟны иаԥҵан атәыла аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчара Адепартамент. Ҳусура анхацҳаркуазҵәҟьа иаҳԥылаз ауадаҩрақәа ируакуп аҭоурыхтә-культуратә ҭынхахьы (АКҬ) иаҵанакуа аобиектқәа рбазаҟны аинформациа азымхара: аԥгаԥсатә хәыԥса ахәшьара иазкны аексперттә еихшьалақәеи, архитектуратә стиль аҷыдарақәеи ирызкны, аҭоурыхтә дыррақәеи, ахьчаратә зонақәеи урҭ аҵакырадгьылқәа рҳәаақәеи ирызкны уҳәа.
АКҬ аобиектқәа рышәҟәҭагалара аԥҟарақәа инарықәыршәаны, обиектцыԥхьаӡа 20 раҟара еиуеиԥшым адокументқәа ацзароуп. Ҳара иазҳархиеит «Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы иҟоу, еиҭамҵуа АКҬ аобиектқәа рышәҟәҭагаларазы» ахықәкытә программа, уи Аминистрцәа реилазаарахь иалаҳҵеит, анаҩс иара иазыразхан, аҳәынҭқарра афинансқәа азоунажьит. Апрограмма анагӡара аҿҳәарас аԥхьа иалхын 2016-2018 шықәсақәа, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны аусурақәа ирыцҵан 2019 шықәсанӡа. 2015 шықәса нҵәаанӡа адепартамент аус ауан аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа ирызкны иҟоу адыррақәа рсистемаркра аганахьала.
Уаанӡа иҳамаз Аҟәа иаҵанакуа АКҬ аобиектқәа рҳәынҭқарратә сиа заҵәык акәын. Аԥсны иалаԥсоу егьырҭ аобиектқәа зегь рыла мҽхакы ҭбаала аусура ҳалагеит. Абас ала, 2015 шықәса анҵәамҭазы атәыла зегьы зымҽхазкыз Аҳәынҭқарратә сиа азҳархиеит, уи иҭагалан 1535 обиект. Урҭ рахьтә хаз-хазы аҭагаларатә шәҟәқәа ззаҳкыз рацәоуп, афотофиксациа мҩаԥаҳгеит, архивтә материалқәа еидаҳкылеит, агәаҭара аамҭазы рҭагылазаашьа зеиԥшраз атәы зҳәо актқәа азҳархиеит, архитектуратә стильқәа рҷыдарақәа азгәаҳҭеит, нас доусы ирызку ашәҟәқәеи, апланқәеи, ахсаалақәеи рышьақәыргылара нап аҳаркит. Ҳәарада, аобиектқәа зегьы рыла ихаҭәаау аинформациа ҳамоуп ҳәа ҳазҳәом, аха уи ахырхарҭала аусура ҳаҿуп. Убри Ахықәкытә программоуп Аҳәынҭқарратә сиаҿы иарбоу АКҬ аобиектқәа зегьы рышәҟәҭагалара иазынархаз.
– Иахьынӡаҳдыруа ала, шәгәы иҭоуп агеоинформациатә система аԥҵара, уи ацхыраарала дарбанзаалак аинтернет-хархәаҩ алшара иоуеит Аԥсны акультуратә баҟацыԥхьаӡа иазку аинформациа ахәаԥшра. Убри асистема азырхиара шәаҿума, иара аусура анбахацыркхо?
– Аԥсны аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа зегьы еидызкылаша Агеоинформациатә система (ГИС) аԥҵара – уаанӡа зыӡбахә сҳәаз Ахықәкытә программа ззынархаҵәҟьоу ауп. Уи иаанагоит иҿыцӡоу аинформациатә технологиақәа рхархәара. ГИС – обиектцыԥхьаӡа иазкны иҳамоу аинформациа зегьы еидызкыло программоуп. Сгәыӷуеит, рашәарамза анҵәамҭазы уи апрезентациа аҟаҵара ҳалшап ҳәа, уи убаратәы иҟалоит Акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчраеи рминистрра аофициалтә саит аҟны. Агеоинформациатә система аусура ианалагалак нахыс аинформациа аиураҿы аепоха ҿыц ҳҭалоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Зназы иҭаҳгалоит 150 обиект ирызкны ихарҭәаау аинформациеи, даҽа 550 ҭоурыхтә баҟа ирызкны хәҭа-хәҭалатәи аинформациеи.
– Аминистрра иамоума аҳәынҭқарра аганахьала ахьчара зҭаху аобиектқәа ирызкны адырра хаҭәаақәа?
– Акультуратә баҟақәа зинла рыхьчара – даара акрызҵазкуа усуп. Зегь ҳаршанхеит Парижтәи ауахәамаҿы иҟалаз абылра (зыӡбахә имоу Парижтәи Анцәа иан луахәамаҿы ааигәа иҟалаз абылра ду ауп –аред.). Абри атрагедиатә ажәабжь хыхьынтәи иҳауз дыргак аҳасабала исыдыскылеит, акультуратә ҭынха шуашәшәыроу, уи ауаҩы ишидҳәалоу ҳхамшҭларц азы. Франциа акәын акультуратә ҭынха ахьчареи, аҭоурыхтә баҟақәа аҳәынҭқарра иахьчо рыҟаҵареи азҵаараҿы еснагь аԥхьагылара змаз. 19-тәи ашәышықәса алагамҭазы уаҟа аусура иалагеит абаҟақәа рыхьчаразы Аинспекциа хада. Европа акультуратә ҭынхақәа ираԥхьатәиу ауахәама хьчамкәа ианыҟалах, шәазхәыц ҳара ҳбаҟақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Аԥсны акультуратә баҟақәа рыхьчаразы ахеилак раԥхьаӡа акәны иаԥҵан 1925 шықәсазы. Аҭоурыхтә баҟақәа раԥхьатәи рсиа шьақәзыргылаз Вианор Ԥачлиа иоуп, 1961 шықәсазы, уи ианылеит 260 обиект инарзынаԥшуа. Анаҩс уи асиа хаирҭәааит Иосиф Аӡынба, 1967 шықәсазы. Уи ашьҭахь иаарԥшхоз аобиектқәа зегьы ҭаргалон ҿыц иԥшаау аҭоурыхтә-культуратә ҭынха абаҟақәа рсиа ҳәа изышьҭаз ахь. 2015 шықәсазы Аԥсны зегьы аҟынтә акультуратә обиектқәа зегьы знылаз Аҳәынҭқарратә сиа анҳадаҳкыла ашьҭахь, иахьа уажәраанӡа даҽа 400 инарзынаԥшуа аобиектқәа ааҳарԥшхьеит. Уажәтәи аамҭазы урҭ шәҟәыла реиқәыршәара ҳаҿуп, Аҳәынҭқарратә сиа рҭагаларазы. Ари ашықәс нҵәаанӡа убри аус ҳзалгар, аҭоурыхтә-культуратә ҭынха абаҟақәа ҩ-нызқь рҟынӡа инаӡалоит. Асиа еиҳарак излахаҭәаауа уаанӡа ирызгәамҭаз аобиектқәа роуп, адәынтәи аҭҵаарақәа раан иаарԥшхо археологиатә обиектқәа рыла.
– Аԥсны ашьхарахь ааигәа имҩаԥгаз аекспедициақәа раан иаарԥшын акультуратә ҭынха аобиект ҿыцқәа маҷымкәа, урҭ ирызку ашәҟәгьы ҭыҵраны иҟоуп. Ԥыҭк инарҭбааны иаҳзеиҭашәҳәар ҳҭахын убарҭ абаҟақәа рыӡбахә, насгьы ашәҟәы аҭыҵра ҳанбазыԥшри?
– Арҭ аекспедициақәа фба мҩаԥысит ҳминистрреи афонд «Ишьхатәылоу Аԥсныи» (Аԥсны ашьхақәа ҭызҵаауа афонд – аред.) Аԥсны ашьхақәа рҟны иҟоу абаҟақәа рышәҟәҭагаларазы еицымҩаԥыргоз апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аекспедициақәа мҩаԥысит Хьымца, Ӡыхәа, Башкаԥсара, нас Ауадҳара аҳаракырақәа рҟны. Ҳара иааҳарԥшит 300 инарзынаԥшуа уаанӡа идырымыз, мамзаргьы хәҭакахьала зыӡбахә ҳәаз АКҬ аобиектқәа. Аргыларақәа шьоукы-шьоукы иаку комплексны иҟоуп аҟнытә ҳара урҭ еидаҳкылеит, иагьҳауит убас иҟоу акомплексқәа ааба, рыцыԥхьаӡа 10 инаркны 60 рҟынӡа ргылара зҵазкуа. Еиҳарак уи ахаҳәтә ргыларақәа роуп, ахьчацәа рҭыԥқәа, ма аҵангәарақәа ҳәа изышьҭоу. Ари ажәа ахьынтәаауа ажәытәтәи амифологиатә уаа-ссақәа аҵанаа рҟынтә ауп, убри азоуп аҵангәарақәагьы рышәагаа змаҷу, иагьыҳаракӡам. Дара уԥылоит Аԥсны ашьхараҿы, альпиатәи, альпиаԥхьатәи азонақәа рҟны. Аекспедициақәа ҳанрылагоз дара абас ирацәахоит ҳәа ҳаҟамызт, иаҳбаз ахыԥхьаӡара ҳаршанхеит, еилаҳкааит Аԥсны ашьхақәа рыҭҵаараҿы макьана иҟаҵатәу шырацәоу. Ашәҟәы ҳазҭоу ашықәс азы иҭыҵуеит. Уи каталог ҳасабла иҟалоит, иагьеиднакылоит абарҭ аргыларақәа рзеиԥш хҳәаа, анаҩс аҵарауаа доусы иалыркаауа иаҳа инарҭбааны иҭырҵаалоит.
– «Ҳаршанхеит» ҳәа ишәҳәаз ҳазыгьежьуазар, аҵакырадгьыл амҽхаки акультуратә ҭынха абаҟақәа рхыԥхьаӡареи реизыҟазаашьа аганахьала ирыхәаԥшуама? Даҽакала иаҳҳәозар, Аԥсны зламаҷу ала абаҟақәа рхыԥхьаӡара арацәара – иџьоушьаша ак акәны иҟаӡами?
– Сара лассы-лассы еиуеиԥшым афорумқәеи аизарақәеи срылахәуп, еснагьгьы исҳәоит аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа рырацәарала Аԥсны – иуникалтәу тәылоуп ҳәа. Ҳәарада, аобиектқәа рҵаки рхаҭабзиареи рганахьалагьы ирыхәаԥштәуп. Аԥсны – ауаҩытәыҩсатә цивилизациа аамҭақәа зегьы ирыҵаркуа акультуратә ҭынха ашьҭақәа ахьыҟоу тәылоуп. Иара убас ҳара иҳамоуп аҵыхәтәантәи х-нызқь шықәса раахыс аԥсуааи егьырҭ амилаҭқәеи реимадара иадҳәалоу аобиектқәа, аԥсуаа араҟа ишьагәыҭ жәларны ишыҟоу атәы зырҵабыргуа аобиектқәеи рацәаӡаны. Уи антикатәи аамҭа, насгьы абырзенцәеи, аурымцәеи, византиааи ара рыҟазаара атәы зҳәо ашьҭақәагьы уахь иналаҵаны.
Иубаратәы иҟоуп аҭырқәцәа рышьҭамҭақәагьы, уи ааԥшуеит иалкаау архитектуратә формақәеи акерамикеи рҟны. Иаҳа ихьшәоу аамҭақәа рзы рышьҭамҭа анрыжьит агенуезцәа, нас аурысцәа, 19-тәи ашәышықәса инаркны. Убри аҟнытә еилкаатәуп, зыӡбахә ҳәоу убарҭ абаҟақәа ҳҵакырадгьыл аҟны егьырҭ амилаҭқәеи ацивилизациақәеи рыҟазаара ишадҳәалоу. Аԥсны акультуратә ҭынха ду амоуп, ҳара ҳауп уи аиқәырхаразы аҭакԥхықәрагьы зду. Убри аганахьала ҳара ҳтәыла – зхатә ҭоурых беиа змоу тәылоуп.
– Ҳҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны акультуратә обиектқәа 150 рышәҟәҭагаларатә хәыԥса шьақәыргылан. Иарбанқәоу урҭ аобиектқәа, насгьы ҵакыс ирымоузеи?
– Аиашазы, ари аҩыза аус Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥган. Абри аинформациа аҟамзаара аԥықәсларақәа рацәаны иҳанаҭон. Иаҳҳәап, акультуратә ҭынха абаҟа ԥхасҭахар, уи мзызс изыхҟьазаалакгьы, ишыҟалалакгьы, уи аиҭашьақәыргылара шаҟа харџь аҭаххо ҳзыԥхьаӡаӡомызт. Иаҳҳәап, ауаҩы акультуратә баҟа ааха аиҭеит, ҳара аус аӡбарҭахь инаҳгоит, нас уаҟа иқәырҵо ахараԥсеи иара иҟаиҵаз аахеи зынӡа иузеидымкыло иааҟалоит. Административтә хараԥса 500 маҭ инаркны 5000 мааҭ рҟынӡоуп иахьыҟоу. Зқьи бжаки акультуратә баҟақәа рҟынтә ашәҟәҭагаларатә хәыԥса ззышьақәыргылаз 150 заҵәык роуп, урҭ рахьтә 23 – культтәқәоуп, Лыхнытәи аныхабаа, ма Бедиатәи ауахәама реиԥш иҟоу, егьырҭ 127 – аграждантә архитектура аобиектқәа роуп.
Ари асиахь иаҵанакит архитектура аганахьала реиҳа хәы змоу аобиектқәа, урҭ ҳтәылазы рҷыдарақәеи руникалреи ахәшьара рыҭахон. Алԥшааразы иҟаз акритериқәа ируакын иара убас аобиект ахьынӡаҭҵаау азгәаҭара, мамзаргьы аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы иаҭаху аханатәтәи адокументқәа рыҟазаара. Асиа иаҵанакит иара убас архитектура аиҳагьы аҭоурыхтә ҵакы змоу ахыбрақәа – уаҟа имҩаԥысуаз аҭоурыхтә хҭысқәа, ма инхоз ахаҭарақәа ирыдҳәалоу. Акультуратә ҭынха аобиектқәа рыԥгаԥсатә хәшьара аганахьала аусурақәа ирыцҵахоит, агәыӷра сымоуп иааиуа ашықәсазы даҽа 200 рҟынӡа рыхәшьара аҟаҵара ҳалшап ҳәа.
– Аибашьраан, мамзаргьы иара ус аамҭа цацыԥхьаӡа иԥхасҭахаз абаҟақәа реиҭашьақәыргыларазы иарбан усурақәоу имҩаԥысуа?
– Рыцҳарас иҟалаз, ҳара иҳамаӡам иҷыдоу аҳәынҭқарратә усбарҭа, аҭоурыхтә-культуратә ҭынха абаҟақәа реиҭашьақәыргылара, ма реиқәырхара знапы иану. Уаанӡа иҟан «Абхазреставрациа», аха иара аԥыхын 18 шықәса рыла хықәкыла аус ахьамуз иахҟьаны. Ҳара ҳгәы иҭоуп ари аҳәынҭеилакы аиҭашьақәыргылара, иахәҭоу аспециалистцәа адыԥхьаланы: архитекторцәа, аҭоурыхҭҵааҩцәа, асахьаҭыхыҩцәа уҳәа убас егьырҭгьы. Ареставрациа зҭаху аобиект аҵакы акыр ихадаразар, уи аиҭашьақәыргылара рнапы ианылоит ацентртә усбарҭақәа, иаҳа имаҷзар – аҭыԥантәи аусбарҭақәа. Аобиект аӡәы ихатәны иҟазар, азакәан инақәыршәаны, уи аиҭашьақәыргылара зыдло иара зтәу иоуп – изыхәҭоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ареставрациа апроект ианазыразхалак ашьҭахь. Аха аҵыхәтәантәи 25 шықәса ирылагӡаны атәыла абиуџьет аҟны знык иадымхаргьы иарбамызт аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа реиҭашьақәыргылара иазынархоу аныхтәқәа.
Абар уажәшьҭа ԥшьышықәса ҵуеит абри азҵаара сыӡбарц саҿуижьҭеи, аха макьана лҵшәа ҳәа егьыҟам. Ҳара аԥшьгарақәа рацәаны иҳаман ари ахырхарҭа зинтә ҟазшьала аҳәаақәҵара иазкны, урҭ рахьтә шьоукы рыдыркылеит, шьоукы – уажәыгьы ирмыхәаԥшыцт. Иахьатәи аамҭазы апарламент актәи аԥхьарала иахәаԥшит «Аҭоурыхтә-культуратә ҭынхазы» азакәан ахь иҟаҳҵаз ариашарақәа, урҭ иазԥхьагәарҭоит ламысцқьалатәи ахархәаҩцәа рзы азин ҷыдақәеи аԥыжәарақәеи, иара убас аобиектқәа рыприватизациеи уи иадҳәалоу ахәдықәҵарақәеи ҳәаақәырҵоит. Ҳазааир ҟалап иара убасгьы АКҬ аҵәахреи ахархәареи рзы иаку Аҳәынҭқаратә фонд аԥҵара азҵаарагьы.
– Аԥсны аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа рахьтә иарбанқәоу адунеизегьтәи акультуратә ҭынха иахуԥхьаӡалартә иҟоу, ус анакәха ИУНЕСКО асиа ианылар зылшо?
– ИУНЕСКО асиа ианылар зылшо ҳобиектқәа рыӡбахә аҳәара ҳалагаанӡа, иара аиҿкаара ахаҭа иамоу азыҳәарақәа ҳарзааҭгылароуп. Ҳбаҟақәа маҷымкәа адунеизегьтәи аҭынха асиа ралаҵаразы ИУНЕСКО акритериқәа ирықәшәоит. Аха «Адунеитә ҭынха ахьчаразы» Аконвенциа инақәыршәаны, аҳәынҭқарра ахаҭоуп раԥхьаӡа иргыланы аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аиқәырхаразы аҭакԥхықәра зду. Ус анакәха, жәларбжьаратәи анормақәа инарықәыршәаны, ашәҟәҭагалареи, ахьчареи, аиҭашьақәыргылареи рзы аҳәынҭқарра иалымшозар инагӡаны аҭакԥхықәра ахахьы агара, ИУНЕСКО ус иҟоу апроектқәа ирыхәаԥшӡом. Акультуратә баҟақәа рганахьала ҳара ҳҟны ашьақәгылара иаҿу аҭагылазаашьа ҳахәаԥшуазар, иаҳҳәар ауеит иахьынӡахәҭоу аҭакԥхықәра ҳхы иадаҳҵаӡом ҳәа.
Аҩбатәи аспект – аҳәынҭқарра иара аҵакырадгьыл хылаԥшра анаҭозароуп. Ҳара ҳадгьыл ҳара ҳауп иахылаԥшуа, аха араҟа ицәырҵуеит Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара иадҳәалоу азҵаара. Амала иазгәаҭатәуп ҳполитикатә ҭагылазашьа абас ишыҟоугьы, ИУНЕСКО шазхиоу абаҟақәа рыхьчаразы вариантқәак рыхәаԥшра.
ИУНЕСКО абаҟақәа ирыднаҵо азыҳәарақәа иреиуоуп – уи ахаҿра аицамкра. Ҳәара аҭахума, ҳара иҳамоуп адунеитә ҭынхахьы иаҵанакыр зылшо аҭоурыхтә-культуратә баҟақәа, иаҳҳәап Драндатәи ауахәама, Бедиатәи, Пицундатәи, Лыхнытәи аныхабаақәа, Симон Канатәи иныхабаа, Анаҟәаԥиатәи абаа, Аҟәатәи абаагәара уҳәа егьырҭгьы.
– Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Аԥсны иалгаз акультуратә ҭынхақәа рсиа аԥҵара шәалагахьоума?
– Макьаназы ҳаламгацт. Сынтәа аԥхынра раԥхьатәи амзазы ҳгәы иҭоуп абри азҵаарала жәларбжьаратәи аиԥылара еиҿаҳкаарц. Асовет аамҭазы имҩаԥысуаз акультуратә ҭынхақәа реиҭанеиааира азҵаара иалацәажәатәны иҟоуп, нас уи анеилаҳа аамышьҭахьгьы, аибашьрақәеи аидысларақәеи раан имҩаԥысыз акультуратә баҟақәа реиҭаҵра уҳәа. Иалацәажәатәуп иара убас акультуратә ҭынхақәа атәыла ралалареи ралҵреи азҵаарагьы, изакәантәымкәа рылахәаахәҭрагьы уахь иналаҵаны. Убас ала ҳтәыла иалгоу аҭынхақәа еиҿыршәшәаны рыҭҵаара аганахьалагьы аус ду ҳҿаԥхьа ишьҭоуп, акыршықәса раахыс уи ахырхарҭала аусурақәа шымҩаԥысуагьы.
– Иматериалтәым аҭоурыхтә-культуратә баҟақәа рганахьала аусқәа шԥацои? Афольклор, амилаҭтә чыс, аџьыка, аԥсуа кәашарақәа уҳәа реиԥш иҟоу, иахьазы азакәан ала ишьақәырӷәӷәам, аха ҳкультура иузаҟәымҭхо иахәҭаку, ихьчатәны иҟоу.
– Ари ахырхарҭала аус ҳуеит, инҭкааны иаҳҳәозар – иматериалтәым аҭынха асиа ашьақәыргылара ҳаҿуп. Зегьы ашәҟәы ианҵатәуп, апроцессқәа зегьы акодификациа рзутәуп. Ҳара иҳамоуп Нарҭаа репос, уи рымоуп убасгьы адыгаа, аҟабарда, ауаԥсаа, ачерқьесцәа. Сара убас аидеиа соуит, Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿгьы ицәырызгахьеит иара: Аԥсны инагӡаны жәларбжьаратәи азхаҵара амаӡам, аха Нарҭаа репос ахьыҟоу Урыстәыла асубиектқәа рҽааидкыланы ҳара иҳацҭырҵаалар ауеи? Нарҭаа репос арҭ ажәларқәа зегьы еицырзеиԥшны ианыҟазтәи аҿиара авариант ааԥшааны, аепос иалкаауетапк амодель аԥҵазар ауеит, ажәларқәа зегьы ирызҷыдароу. Абри аидеиа аус адулара ҳаҿуп, аҵарауаагьы аӡәырҩы уи уажәнатә иазыразхахьеит.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.