Лондонтәи адернеқь иалахәу ҩажәаҩык инареиҳаны ауааԥсыра аԥсуа бызшәа акурсқәа рахь иныҟәоит.
Саид Барганџьиа
Есымчыбжьатәи аԥсуа бызшәа аурокқәа еиҿкаауп Лондонтәи адернеқь иаҭаауа рзы (адернеқь даҽакала иуҳәозар – аԥсуа-абаза культуратә хеилак – аред.). Ҳџьынџьуаа рхатәы бызшәа длырҵоит Аԥснынтәи Британиа ду аҵараҵаразы инеиз Лана Басариаԥҳа.
АААК аинфопортал аинтервиу азҭаз Лана Басариаԥҳа еиҭалҳәеит 1990 шықәсазы лара лаб иаҳәшьа Светлана Басариаԥҳагьы Лондон инхо аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәа аԥсшәа шыдлырҵоз. Усҟан аԥсуа бызшәа аурокқәа мҩаԥысуан мчыбжьык ахь хынтә, фымз инарзынаԥшуа.
«Ари аамҭа кьаҿуп ухы уақәиҭны абызшәала уцәажәаратәы, еиҳаракгьы ҳара ҳбызшәеиԥш иуадаҩу акы анакәу. Аха дара ирылшеит абзазаратә темақәа рыла еицәажәартә еиԥш абызшәа аҵара. Маҷк иадымхаргьы абызшәа заҳауаз иаарласны рхаҭақәагьы цәажәо иалагеит. Аинтерактивтә методикала аус руан, ирырҭоз атемала адиалогқәа шьақәдыргылон. Ҳәара аҭахума, саҳәшьа ду лабжьгарақәа срызҿлымҳауп иахьагьы, сҵаҩцәа рахь сазыҟаҵаны снеилароуп, уи акраанагоит са сзы», – лҳәеит Басариаԥҳа.
Лана Басариаԥҳа мчыбжьык ахь знык аурок мҩаԥылгоит, урокк – ҩ-сааҭк ицоит. Арҵаҩы еилылкаауеит ари аамҭа шазымхо инарҵауланы абызшәа аҵаразы. Аха лара ишҳаиллыркааз ала, уи аамҭа ацҵаразы уажәазы алшара лымам, избан акәзар лырҵаҩратә усуреи ауниверситет аҟны лара лхаҭа лҵареи еилалыгӡароуп.
Аха рҵаҩык лаҳасабала даара гәахәарыла илыдылкылоит лыстудентцәа – урҭ реиҳараҩык адернеқь акыр иацәыхараны инхоит – русура мшы анхдыркәшалак аамышьҭахь имаашьаӡакәа есымчыбжьа харантәи иааны, рхатәы бызшәа ргәацԥыҳәаны ирҵарц иахьашьҭоу.
«Сгәы иалоуп уажәазы исызрыҭо мчыбжьык ахь ҩ-сааҭк мацара ахьракәу», – лҳәеит арҵаҩ қәыԥш.
Абызшәатә курсқәа ирҭаауа аҵаҩцәа қәрала еиуеиԥшым: 30 шықәса зхыҵуа инадыркны 65 шықәса зхыҵуа рҟынӡа ыҟоуп. Абызшәа адырра аҩаӡарақәагьы еиԥшым, иҟоуп шьоукы алфавит ала аҵара иалаго, даҽа шьоукы маҷк ицәажәартә иҟоуп. Абызшәа зҵо рыбжьара дыҟоуп милаҭла иаҭырқәоу аԥсуаа ҳҭацагьы.
«Ҳаурокқәа акыр лахҿыхрала имҩаԥысуеит: астудентцәа еиҳарак аинтерес рымоуп ацәажәаратә бызшәа. Аха сара уи аҿы саангыларц сҭахӡам, абызшәа абеиара еиуеиԥшым аганқәа рыла идсырбар сҭахуп», – лҳәеит Басариаԥҳа.
Акурсқәа ирҭаауа аҵаҩцәа ируаӡәку Аҭакан Ҷкәотуа иазгәеиҭеит аԥсуа бызшәа аҵара иацу ауадаҩрақәа ртәы.
«Даара имаҷуп ҳара иҳахәаша арҵага шәҟәқәа, аматериал еилаҳкааратәы иахьарбоу, мамзаргьы авеб-саитқәа. Абызшәа ахаҭа, ҳәарада, иуадаҩуп, аха аҵара алшоит. Уадаҩрас иҟоуп иара убас, абызшәа абжьааԥнытәи ҳаԥсҭазаараҿы иахьаҳмаҳауа», – ҳәа азгәеиҭеит аҵаҩы.
Аха егьа ус иҟазаргьы, иарбанзаалак абызшәа аҵара – даара аинтерес зҵоу процессуп ҳәа ациҵеит иара.
«Сгәыӷуеит аԥсуа бызшәеи алитературеи ишысҭаху еиԥш снапаҿы исзаагоит ҳәа», – абас иажәа хиркәшеит Ҷкәотуа.
Лондонтәи адернеқь ахантәаҩы Иашьым Аҭрышԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит, иахьазы акультуратә центр ишеиднакыло шәҩык инареиҳаны аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәа, урҭ рахьтә ҩажәаҩык инеиԥынкыланы аԥсуа бызшәа аурокқәа ирҭаауеит. Адернеқь еиҿнакаауеит ҳџьынџьуаа реидкылара иазынархоу егьырҭ аусмҩаԥгатәқәагьы.
«Аратәи ҳџьынџьуаа реиҳараҩык Аԥсны збахьоу роуп. Ҳара ҳалахәуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусура, Аԥсны иҟоу аусбарҭақәа ԥыҭк ҳрымадоуп, иаҳҳәап Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата еиԥш иҟоу», – ҳәа еиҭалҳәеит Аҭрышԥҳа.
Лондон иҟоу аԥсуа-абаза культуратә хеилак аус ауеит 2013 шықәса раахыс, уи еиднакылоит шәҩык инареиҳаны ауааԥсыра. Адернеқь алахәцәа лассы-лассы еиԥылоит, рҭоурыхтә ԥсадгьыл Аԥсны иамадоуп.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.