Ҭырқәтәыла имҩаԥысит Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа VII-тәи аизара ду, Аԥсуафед ахантәаҩи анапхгара алахәцәеи ралхрақәа ирызкны.

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩыс далхуп АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Мураҭ Махариа (Гиумушь). Алхрақәа мҩаԥысуан Аԥсуафед VII-тәи аизара ду аҟны, Қоџьаели ақалақь, абҵара 15 рзы.

Афедерациа ахантәаҩы иалхрақәа, Аԥҟаԥҵәа ишаҳәо еиԥш, ес-ҩышықәса имҩаԥысуеит. Аԥсуафед аиҳабы далырхуеит маӡалатәи абжьыҭарала, абиуллетенқәа харҭәааны. Алхрақәа рымҩаԥгаразы адернеқьқәа, ма акультуратә хедкылақәа зегьы рҟынтә аделегатцәа аарышьҭуеит, зынӡа иахьазы 17 дернеқь ыҟоуп Ҭырқәтәыла.

VII-тәи аизара ду алахәцәа иазгәарҭеит уажәтәи алхрақәа ирҭааз рхыԥхьаӡара рацәан ҳәа: ашәҟәы иҭагалаз 302 аделегатцәа рҟынтә абжьыҭарахь иааит 271. Раԥхьаӡа акәны Аԥсуафед ахантәаҩы иалхрақәа рҟны ҩыџьа акандидатцәа ықәгылан. Мураҭ Махариа диндаҭлон Сақариа иҟоу акультуратә хеидкыла анапхгаҩы Урал Бганба.

АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба иазгәеиҭеит, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа шыуадаҩугьы, аизара лабҿаба амҩаԥгара алшеит ҳәа. Иара иҟаиҵо ахәшьарала, аиҿкааҩцәа иахәҭаз ахыхьчаратә усмҩаԥгатәқәа зегь нарыгӡеит.

Гыцба иҳәеит аизараҿы акырынтә Аԥсуафеди Аконгресси русеицура аӡбахә шҳәаз, ҿыц иалху ахантәаҩы иакәзар, иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Аԥсуафеди русеицура иҵегь ишырҭбаатәу.

АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ адырра ҟаиҵеит, Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иҟаиҵаз ажәалагала инақәыршәаны, Аконгресси Аԥсуафеди рыбжьара Аусеицуразы аиқәшаҳаҭра активла аус адулара ишалаго, ари ашәҟәы шьаҿа-шьаҿала ианыԥшуеит аԥсуа-абаза жәлар рзы акрызҵазкуа ахаԥшьгарақәеи агәҭакқәеи зегьы.

«Абас еиԥш иҟоу аусеицура даара акраҵанакуеит, ҳажәлар реидкылара иацхраауеит, ҳбызшәеи, ҳкультуреи, ҳмилаҭ ахаҭарнакцәа доусы рсоциалтә статуси рыхьчара, реиқәырхара, иара убас Аԥсны ахыԥша бзиа адунеи аларҵәарагьы», – иҳәеит Инар Гыцба.

Аизара ду аҟны иара дықәгылет АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихьӡала. Абри ажәахәаҿы, Гыцба ишиҳәо ала, Аконгресси Аԥсуафеди русеицура ихадароу апринципқәа азгәаҭан, реиҳа иманшәалоу амҩақәа рыԥшаарахь ухьанарԥшуан, ҳдоуҳатә, ҳкультуратә, ҳбызшәатә акзаара арӷәӷәара иазынархоу.

«Убри аан сара игәасҭеит аҩ-еиҿкаарак еиԥшу ахықәкқәа шрымоу, иаҳҳәап Аԥсны – иҭышәынтәалоу, ақәҿиара дуқәа змоу, ишәҭыкакаҷуа тәыланы аҟаларазы ахандеира. Иара убас иазгәасҭар сҭахуп АААК ауаажәларратә дипломатиа афункциақәа назыгӡо еиҿкаарак аҳасабала ишықәгыло, хыԥхьаӡара рацәала адунеи иалаԥсоу аԥсуа-абаза диаспора амчала ҳҭоурыхи, ҳатрадициақәеи, ҳбызшәеи раларҵәаразы системала аус шауа», – иҳәеит Инар Гыцба.

Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩ ҿыц Мураҭ Махариа иакәзар, аделегатцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит игәра ахьыргаз азы, имаҵураҿы раԥхьаӡа инаргыланы инапы злеикуа аусқәагьы дырзааҭгылеит.

«Раԥхьаӡа инаргыланы, хықәкыс иҳамоу, ҳәарада, ҳҭоурыхтә ԥсадгьыл ҳареи ҳаимадара арҭбаароуп, ҳашьцәеи ҳареи гәыла-ԥсыла еиҳагьы ҳаилаҵәаны ҳҟаларц. Иахьатәи аамҭазы Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рзы ихадароу уадаҩрас иҟоуп рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ацарақәа. Убри аҟынтә ацҳаражәҳәаҩцәеи егьырҭ адипломатцәеи рацәажәарақәа мҩаԥаҳгоит», – иҳәеит Махариа. Иара иажәа иалаҵаны иҳәеит «хара-хара уҟаны агәыбылра аиқәырхара шыуадаҩу».

«Лассы-лассы ҳаибабалароуп, аиашьеи аиашьеи гәыдеибакылозароуп, рыгәхьааибагара

иамгарц. Раԥхьаӡа инаргыланы, убри аганахьала аусура ҳҽазаҳшәоит», – иҳәеит Махариа.

АААК аус ацура аҵыхәала Аԥсуафед ахантәаҩ ҿыц иазгәеиҭеит иара ихаҭа Аконгресс дшалоу, уи ахаҭарнакс Ҭырқәтәыла дшыҟоу.

«Сара Ҭырқәтәылатәи адиаспора рхыԥхьаӡарантә Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак иалоу аԥшьҩык сыруаӡәкуп. Салхын 2017 шықәсазы Мусса Егзакь ихантәаҩрала имҩаԥысыз аилатәараҿы. Апандемиа амшала АААК иазԥхьагәаҭаны иамаз аусқәа инагӡаны ҳхы ҳазрыламырхәит. Мызкы-ҩымз рышьҭахь Аԥсны ҳҟалоит, Мусса Егзакь ҳаиԥылоит, ԥхьаҟатәи ҳусеицура аҳәаақәҵаразы», – ҳәа игәҭакқәа дрылацәажәеит Махариа.

Аԥсуафед ахантәаҩы адырра ҟаиҵеит убасгьы, иалхра аамшьҭахь раԥхьатәи Аԥсныҟа ицара иалагӡаны Аслан Бжьаниа диԥыларцгьы игәы ишҭоу.

Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа VII-тәи аизара ду аҟны дықәгылеит иара убас Черқьесск ақалақь иҟоу ИАЕ «Алашара» аҟәша анапхгаҩы Мураҭ Мыкәа. Иара иазгәеиҭеит «Алашара» гәҭакыс ишамоу уаанӡа Аԥсуафеди дареи иазԥхьагәарҭахьаз аусқәа рынагӡара, аҩ-еиҿкаарак аусеицуразы аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵахьоу атәгьы иҳәеит.

«Агәыӷра ҳамоуп ҳапланқәа зегь рынагӡара ҳахьӡап ҳәа. Шаҟа ирацәаны ҳаибабо, ҳаицәажәо аҟара ҳусеицурагьы еиҳа алҵшәа бзиақәа аанашьҭуеит, Аԥсны инхо аԥсуааи Ҟарачы-Черқьестәыла инхо абазақәеи, ҳдиаспореи еицаҳзеиԥшу ҳԥеиԥшгьы еиҳа илашахоит. Ҳара ҳҿырԥшыгахароуп жәҩахыреибыҭала аусура апроблемақәа зегь ушыриааиуа аарԥшразы», – иҳәеит Мураҭ Мыкәа.

Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа – уаажәларратә еиҿкаароуп, Ҭырқәтыәла аԥсуа диаспора жәпаҩны иахьынхо аҭыԥқәа рҿы иҟоу адернеқьқәа 17 еиднакылоит. Аԥсуафед аԥҵан 2010 шықәсазы, иахьазы иара иалоу рхыԥхьаӡара 1500-ҩык инареиҳауп. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Афедерациа ахантәаҩцәас иҟан: Фередун Аҟәысба, Џьенгьиз Ашәба, Аҳмаҭ Ҳапат, уажәаԥхьа иҟаз Аҭанур Аҟәысба ҩынтә далырххьан.