Мрагыларатәи аҳәынҭқарратә музеи Нхыҵкавказтәи аҟәша аҟны, Аԥсныи Адыгатәылеи ркультуратә министррақәа ирыбжьоу акультуратә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, Маиҟәаԥ имҩаԥган акультуратә-цәыргақәҵатә проект «Аԥсны. Аҭоурых, акульутра, иахьатәи аамҭа» аӡыргара.

Саид Барганџьиа

Акультуратә-цәыргақәҵатә проект «Аԥсны. Аҭоурых, акультура, иахьатәи аамҭа» аҳәаақәа ирҭагӡаны Маиҟәаԥ имҩаԥган ацәыргақәҵа «Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа», афотоцәыргақәҵа «Ажәытәтәи Аҟәа архитектура», иара убасгьы астол гьежь «Иахьатәи адунеи аҟны акультуратә ҭынха аиқәырхара. Ауадаҩрақәа, апроблемақәа, аперспективақәа»ҳәа хьӡыс измаз. Акультуратә-цәыргақәҵатә проект ӡырган Мрагыларатәи аҳәынҭқарратә амузеи Нхыҵкавказтәи аҟәша аҟны ахәаша, жәабран 22.

Аԥсны аделегациа иахагылаз Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчаразы аминистр Ельвира Арсалиа АААК аинформациатә портал иазеиҭалҳәеит, апроект «Аԥсны. Аҭоурых, акульутра, иахьатәи аамҭа» Аԥсныи Адыгатәылеи ркультура аминистррақәа ирыбжьоу аусеицуразы Амеморандум аусмҩаԥгатәқәа ишырхыԥхьаӡалоу.

«Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара Аԥсны аҭоурых мацара акәӡам ҳазлацәажәо, убасгьы ишьҭыхуп иахьазы актуалра зҵоу азҵаарақәа — акультуратә-ҭоурыхтә ҭынха аиқәырхара, арҿиаратә аԥшьгамҭақәа адгылара рзура уҳәа ирызку. Ҳара ҳажәларқәа (араҟа: аԥсуааи адыгааи — аред.) иузеиҟәымҭхо культуралеи доуҳалеи еидҳәалоуп, агәра ганы сыҟоуп, иахьатәи ҳусеицура аформат ҳаизыҟазаашьақәа иҿыцу аимпульс шрырҭо», - лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Ельвира Арсалиа убасгьы иазгәалҭеит, ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны ишынагӡаз акырзҵазкуа аусмҩаԥгатәқәа, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла 80 шықәса ахыҵра иазкыз ацәыргақәҵа «Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа» уахь иналаҵаны. Лара иацылҵеит, ари аекспозициа Маиҟәаԥ даҽа мызкы ишаартызаауа, анаҩс Москвеи Санкт-Петербурги ишцәыргахо атәгьы.

Ацәыргақәҵа иаҭаауа рзы ицәыргоуп асахьаҭыхыҩцәеи, аскульпторцәеи, аграфикеи, адекоративтә напҟазацәа русумҭақәа, иара убасгьы аԥсуа милаҭтә маҭәа — Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчаразы аминистр, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәҩы, Урыстәыла адизаинерцәа Реидгыла алахәҩы, Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Ельвира Арсалиа лусумҭақәа рҟынтә.

«Ҳара ҳзы акраҵанакуеит ацәыргақәҵа аусура Адыгатәылантә иахьалагаз. Имҩаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа зегьы рҿы апрофессионалтә знеишьеи аиҩызареи аҳра руеит», - лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Ацәыргақәҵа «Аԥсны асахьаҭыхаҩцәа» даҭааит Адыгатәыла акультура аминистр Иури Атулев. Иара иазгәеиҭеит ари аҩыза аусмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны аишьаратә жәлар ркультура еиҳа еиӷьны аилкааразы алшарақәа шаԥҵахо.

«Ҳаизыҟазаашьақәа активлатәи аусеицура рыцуп, лымкаала аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы. Ари акциа алыршахеит аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра ҳнапы анаҵаҳаҩ ашьҭахь. Акраҵанакуеит арҿиара знапы алаку ауаа аиҩызара анрыбжьоу, иара убасгьы хаҭала дара русумҭақәа убаратәы алшара аныҟоу. Хымԥада, ԥхьаҟагьы ҳусеицура иацҵахоит», - иҳәеит Атулев.

Акультуратә-цәыргақәҵатә проект «Аԥсны. Аҭоурых, акультура, иахьатәи аамҭа» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган афотоцәыргақәҵа «Ажәытәтәи Аҟәа». Уаҟа ицәырган уиникалтәу Ажәытәтәи Аҟәа аграждантә архитектуреи, XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭеи XX-тәи ашәышықәса алагамҭеи рааны 2500 шықәса зхыҵуа ақьалақь ахаҿра беиа зныԥшуа афотосахьақәа.

«Афотоцәыргақәҵа хықәкы хадас иаман уи иаҭааз Аԥсны архитектуратә хаҿсахьа дырбара. Афотосахьақәа рҿы иаарԥшу аргыларақәа реиҳарак Аҭоурыхтә-культуратә ҭынха аобиектқәа рҳәынҭқарратә сиа иануп, урҭ хымԥада, Аминистрра иҷыдоу аҟәша хылаԥшра рынаҭоит.

Астол гежь «Иахьатәи адунеи аҟны акультуратә ҭынха аиқәырхара. Ауадаҩрақәа, апроблемақәа, аперспективақәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны уи алахәылацәа алацәажәеит аглобализациа аамҭазы аусеицура аформақәа, иара убасгьы иазгәарҭеит ԥхьаҟатәи аусмҩаԥгатәқәа рыплан.

Акультуратә-цәыргақәҵатә проект «Аԥсны. Аҭоурых, акульутра, иахьатәи аамҭа» мҩаԥган 2010 ашықәс азы Аԥсныи Адыгатәылеи ркультура аминистррақәа рнапы зҵарҩыз аусеицуразы Амеморандум инақәыршәаны.