Фазиль Искандер ииубилеи иазкыз арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥысит Москва, Пушкин ихьӡ зху алитературатә музеи аҟны.
Саид Барганџьиа
Еицырдыруа ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер диижьҭеи 90 шықәса аҵра иадҳәалаз агәалашәаратә иубилеитә хәылԥазы мҩаԥысит Москва, Пушкин ихьӡ зху алитературатә музеи аҟны, ахаша, хәажәкыра 6 рзы. Абри атәы АААК аинфопортал иазеиҭалҳәеит Искандер ихьӡ зху жәларбжьаратәи акультуратә фонд «Ауаҩы игыларҭа» анапхгаҩы Шьазина Агрԥҳа.
«Ари раԥхьатәи иубилеиуп Фазиль Искандер ида имҩаԥааго, аха иара иҩымҭақәа рҿы наунагӡа иԥсы ҭоуп. Фазиль абри аганахьалагьы – лымкаала узхәаԥшыша хаҭароуп. Искандер уааҟәымҵӡакәа уеиҭаиԥхьалар ҟалоит, уи иԥхьара еснагь – ныҳәоуп. Иқьиоу, иҟәышу, иҳараку ҳәа ззырҳәаҵәҟьо алитература ианыҳәоуп, автор ибаҩхатәра згәылыжжуа. Иҩымҭақәа иргәылоу ахыччаратә ҟәымшәышәреи, ихәшәу ашҳами аӡәырҩы алашарахь ихьанарԥшхьеит», – лҳәеит лара.
Агрԥҳа иазгәалҭеит ахәылԥаз шеиҿыркааз Пушкинтәи аҳәынҭқарратә музеи, Искандер ихьӡ зху жәларбжьаратәи акультуратә фонд «Ауаҩы игыларҭеи», Москватәи аԥсуа диаспора ацхыраарагьы нацны.
Афонд анапхгаҩы еиҭалҳәеит аиубилеитә хәылԥазы ахьымҩаԥгахашаз аҭыԥ алхра машәырны иҟамлаӡеит ҳәа, избанзар Пушкинтәи амузеи аҟноуп Фазиль Искандери иԥшәмаԥҳәыс Антонина Хлебниковеи «рыхьтәы чара» ахьымҩаԥысыз.
«Амузеи атриум аҟны, аконцерттә зал аҿаԥхьа ицәырган Фазиль Искандер ишәҟәқәа иуникалтәу рколлекциа, адунеи еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭыжьу 80 шәҟәы инареиҳаны», – ҳәа азгәалҭеит Агрԥҳа.
Ашәҟәыҩҩы ирҿиаратә хәылԥазы даҭааит иара иԥшәмаԥҳәыс Антонина, иԥеи иԥхаи – Маринеи Александри. Фазиль Абдул-иԥа ирҿиамҭақәа дрыԥхьон еицырдыруа урыстәылатәи актиор Вениамин Смехов.
Ахәылԥаз иалахәын иара убас Москватәи аԥсуа диаспора аиҳабы, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Беслан Агрба, Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аҭакзыԥхықәу, Азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, Москватәи ақалақьтә дума ахантәаҩы Алықьса Шапошников, Урыстәыла акультура аминистрра иатәу Амузеиқәа рдепартамент адиректор Владислав Кононов, апоет Константин Скворцов, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ Сергеи Коковкин, автор- анагӡаҩы Лариса Новосельцева, акинорежиссиор Николаи Досталь уҳәа убас ирацәаҩны арҿиарауаа, зыԥсҭазаараҿы Фазиль Искандер аҭыԥ ду ааникылаз.
Еизаз зегьы рзы аиубилиар игәалашәара аҳаҭыраз ашәа лҳәеит ҳаамҭазтәи аоператә шәаҳәаҩ нага Хьыбла Гьерзмаа, Фазиль Искандер иԥсы ахьынӡаҭаз изныкымкәа лара лбаҩхатәра дшыхнахыз азгәеиҭахьан.
Арҿиаратә хәылԥазы лхы алалырхәит иара убас Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиа. Лара иазгәалҭеит ахәылԥаз ҩаӡара ҳаракыла ишеиҿкааз.
«Ахәылԥаз угәы иҭымҵәо имҩаԥган. Иҭабуп ҳәа расҳәоит уи аиҿкааҩцәа, Пушкин ихьӡ зху Москватәи амузеи, Искандер ихьӡ зху жәларбжьаратәи афонд. Агәырӷьара ду ҳнаҭеит, избанзар Фазиль дызгәалашәо, уи хаҭала дыздыруаз, аус ицызуаз, ирҿиара аҭҵааҩцәеи абзиабаҩцәеи зегьы еиԥылеит абри ахәылԥаз аҟны, иара агьымҩаԥысит аԥхарреи агәыбылреи аҵаны», – ҳәа илоуз ацәаныррақәа ҳацеиҩылшеит Арсалиа.
Лара иазгәалҭеит убасгьы, Искандер ихаану, еицырдыруа акино, атеатр арежиссиорцәа, иара ифырхацәа аекрани асценеи рахь ииазгахьоу, ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара аҟынтә еиуеиԥшым ахҭысқәа шыргәаладыршәоз.
«Ахәылԥаз асасцәа, ҳџьынџьуаа рахь рхы нарханы, Аԥсны жәлар иҭабуп ҳәа рарҳәон Фазиль Искандер еиԥш ашәҟәыҩҩ ду аурыс литература дахьарҭаз азы», – лҳәеит Арсалиа. Иналукааша ашәҟәыҩҩы иԥсра – цәыӡ духеит адуеитә литературатә еилазааразы.
Иара иҩымҭақәа бызшәа рацәала еиҭагоуп, адунеитә литературатә ҭынха ахьтәы коллекциа иалоуп.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.