Москватәи Аԥсуа Диаспора ацхыраара ҟанаҵоит Аԥсны акоронавирустә ҿкы иарҭо аҿагылараҿы.
Москватәи Аԥсуа Диаспора (МАД) (Арегионалтә уаажәларратә еилазаара «Москватәи аԥсуа диаспора» - аред.) Аԥсны акоронавирустә ҿкы COVID-19 алаҵәара иаҿагылаша аԥкрақәа аналагалаз раԥхьатәи амшқәа инадыркны амчқәа зегьы Аԥсадгьыл ацхыраарахь иархеит. МАД ахада Беслан Агрба АААК аинфопортал иазеиҭеиҳәеит адиаспора Аԥсны ацхраара аганахьала имҩаԥыргаз аусура атәы, иара убас анаҩстәи шьаҿақәас иҟарҵо.
«Аԥсны ахада иалхрақәа анымҩаԥыс ашьҭахьҵәҟьа МАД анапхгара ирыӡбеит Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы аоперативтә штаб аԥҵара. Аштаб хықәкы хадас иамоу – аԥареизгара аиҿкаареи, анаҩс Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи ҳтәыла ауааԥсыреи ирҭаху ахыхьчагатә маҭәашьарқәа раахәареи роуп», – иҳәеит Агрба.
Иара иазгәеиҭеит, МАД анапхгара ишырыӡбаз аштаб анапхгаҩыс Богдан Шьакаиа иаҭара, МАД аусқәа Аԥсны ҳәаақәҵара рзылуеит Инна Барчан.
«Убасҟан ҳара иҳаҳаит Аԥсны ишҵысыз «Ҳара ҳаидгылоуп» ҳәа хьӡыс изауз ахеидкыла (хәажәкырамзазы аԥсуа наплакцәа иаарласны иаԥырҵеит акоронавирустә ҿкы аҿагылара ацхрааразы афонд – аред.). Убри аӡбахә шааҳаҳаз иаразнакала дареи ҳареи ҳусқәа еимаҳдеит, шьаҿеиқәшәала ҳхықәкы ҳазнеирц. Ҳара ҳусураҿы Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра аԥнаҵаз Аоперативтә штаб ҳазхьаԥшуеит, аӡәи-аӡәи ҳашьҭрақәланы акәымкәа, хҭак еицҭаршәны ҳзеиԥш ус наҳагӡаларц азы», – иҳәеит Агрба.
Иахьазы Москватәи аԥсуа диаспореи «Ҳара ҳаидгылоуп» ахеидкылеи рымчала еизгоуп 50 миллион мааҭ инарзынаԥшуа аԥара. Иаахәоуп арыԥҳақәа аҳауарҭарсга аппаратқәа 21, атест-системақәа 5000, асабрадақәа 10 000, амедусзуҩцәа рышәҵатә ҷыда, апульсоксиметрқәа, уцәа иадҵатәым ашоурашәагақәа уҳәа убас ирацәаны егьырҭ ахәшәқәеи ахыхьчагатә маҭәашьарқәеи (инарҭбаау асиа шәахәаԥшырц шәылшоит МАД асаит аҟны – аред.).
Аха абри алагьы Москватәи аԥсуа диаспора иҟанаҵо ацхыраара нымҵәеит. Убыржәтәи аамҭазы аидкылара иаҿуп зыкапан 20 тонна ҟало аилахәыра «Мистраль треидинг» аҟынтә афатә аалыҵқәа реидара, ари ацхыраара Аԥсныҟа иаарышьҭырц ргәы иҭоуп мшаԥымза 10 рҟынӡа.
МАД ахада иазгәеиҭеит, адунеи зегь аҟын акарантин анрылаҳәоу аамҭазы иааухәаз атауарқәа Аԥсныҟа рышьҭра ауадаҩрақәа ацуп ҳәа, аха «урҭ азҵаарақәа зегь акоуп иӡбахоит».
Беслан Агрба «даараӡа иҭабуп ҳәа реиҳәеит агәыҳалалра аарԥшны ацхыраара ҟазҵаз зегьы, МАД анапхгара иалоу иҩызцәеи иколлегацәеигьы уахь иналаҵаны – рџьабааи ргәыбылреи азы».
Москватәи аԥсуа диаспора ахада ахҳәаа рзыҟаиҵеит акоронавирустә ҿкы аламырҵәаразы Аԥсны аиҳабыра иаланагалаз аԥкрақәагьы.
«Даара ихәарҭоу, иаҭаху аусқәа мҩаԥган аамҭа кьаҿк иалагӡаны. Сара сгәы излаанаго ала, атәыла аиҳабыра ииашаз ашьаҿақәа ҟанаҵеит. Атестқәа аарыхәеит, ахәышәтәырҭақәа аздырхиеит. Аоперативтә штаб ибзианы аус ауеит», – ҳәа иажәа хиркәшеит Агрба.
Аԥсны акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аҿагылараҿы ацхыраара азҭарц зҭаху зегьы рзы алшара ыҟоуп рыхәҭалагала ҟарҵарц – Москватәи Аԥсуа Диаспореи «Ҳара ҳаидгылоуп» ахеилаки ирымоу реквизитқәа рахь доусы илшо алаҵарала Аԥсныи Урыстәылатәи Афедерациеи рҟынтә, иара убас Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ареквизитқәа рахь – Ҭырқәтәылантә, ма Аконгресс асаит аҟны онлаин-ԥарашәара амҩаԥгара. Еизгахо аԥара зегьы Аԥсны ауааԥсыра аҿкы чымазара рацәыхьчареи ргәабзиара ашьақәыргылареи иазкхоит.
Еизгахо аԥара зегьы Аԥсны ауааԥсыра аҿкы чымазара рацәыхьчареи ргәабзиара ашьақәыргылареи иазкхоит.
2020 шықәса хәажәкыра 24 инаркны Аԥсны аиҳабыра ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчаразы аԥкрақәа аланагалеит – иаанкылоуп ауаа рацәа еизызго аусмҩаԥгатәқәа, иаркуп аҵаратә усбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русура ҳәааркуп, иаркуп аџьармыкьақәеи ахәаахәҭратә ҭыԥқәеи, афатә-ажәтәи ихымԥадатәу атауарқәеи ахьырҭиуа аҭыԥқәеи аԥҭекақәеи рыда, ауааԥсыра реиҭанеиааира ԥкуп, иара убас егьырҭ аԥҟарақәа алагалоуп.
Хәажәкыра 28 раахыс атәылаҿы иалагалоуп Аҭагылазаашьа ҷыда: аамҭала иаркуп аԥсуа-аурыс ҳәаа адипломатцәеи аруааи рыда атәымуаа зегьы рзы, зыԥсадгьыл ахь ихынҳәуа Аԥсны атәылауаагьы аҳәаа рахысраан ргәаҭара акыр ирӷәӷәоуп.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.