Муҳаџьыр Ниров 55 шықәса ихыҵра аламҭалазы АААК аинфопортал иазеиҭеиҳәеит Абаза муниципалтә раион аԥҵараан изхысыз аетапқәеи, уи ԥҳьаҟатәи асоциал-економикатә ҿиареи ртәы.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Лиудмила Аисанова

- Муҳаџьыр Чаӷбан-иԥа, амуниципалтә раион аԥҵоуижьҭеи жәашықәса ҵит. Араион қәҿиарала иҿиарц азы шәҿаԥхьа иқәгылаз ахықәкқәа зегь шәзынагӡама? Урҭ рахьтә ихадақәоу ҳзалышәкаа.

- Иҿыцыз атерриториалтә еиҿкаара раԥхьатәи администрациа рҿаԥхьа иқәгылан аполитикатә, аекономика-социалтә, анхамҩатә зҵаарақәа рыӡбара. Аҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩуан усҟан аинфраструктура аҟамзаара. Ахадараҿы иҟаз ирылшоз зегь ҟарҵеит ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәразы алагала ҿыцқәа аусура иалагарц. Урҭ анаҩсгьы иҿиаларц азы. Иахьазы Администрациа иамоуп аструктуратә ҟшәшақәа 16, урҭ араионаҿ аԥсҭазаара аиӷьтәразы есыҽны аус руеит.

- Араион абиуџьет абанӡаҟоу ҳазҭоу ашықәс азы? Иара убасгьы хашәалас иамои, аизырҳаразгьы планқәас ишәымои?

- Абаза муниципалтә раион 2019 шықәсазтәи абиуџьет наӡоит 309 миллиони 717 нызқьи мааҭ рҟынӡа. Ихадоу ахашәала - ашәахтәқәа роуп. Урҭ реиҳаракгьы ашәоит арԥхарҭатә комбинат "Иужныи" (18 миллион мааҭ раҟара).

2019 шықәсзы абиуџьет аизырҳаразы ҳӷәы иҭоуп хаҭалатәи ахаҿрақәа еиҭамҵуа рмал ашәҟәы ишҭагалоу агәаҭара, урҭ рыҟнытә ишахәҭоу еиԥш иарбам амал ыҟазар, уи алԥшаара. Насгьы имҩаԥаҳгоит ауааԥсыра рацәажәарақәа, инагӡаны илхым ашәахтә аԥыхразы. Убасгьы ҳҿаԥхьа ишьҭоуп амуниципалтә мал аинвентаризациа амҩаԥгара, иара аҟнытә қьырала игоу ахә ахшәаашьа ахылаԥшра. Акырзҵазкуа усмҩаԥгатәқәас иҟоуп ауааԥсыреи, абиџьеттә усбарҭақәеи инырхо агази, афымцамчи ахә шахыршәаауа ахылаԥшра.

- Араион адгьылҵакыра 300 нызқь метра ԥшьыркца инаӡоит. Ари, ҳәарада, иаԥнаҵоит алшара ақыҭанхамҩа қәҿиарала арҿиаразы. Убри аус аҟны иҟои?

- Ақыҭанхамҩатә аалыҵ - ихадоу хырхарҭоуп Абаза муниципалтә раион аҿиараҿы. Араион аҟны ашәҟәы иҭагалоуп 66 ферма, урҭ рыҟнытә 12 - аҵиаақәа рааӡоит, 54 - арахә анырҵоит. Иара убасгьы араион аҟны аус ауеит Европа иреиҳаӡоу агрокомбинат "Иужныи", уи иамоуп аҵакырадгьыл 144 гектар. Уаҟа ирааӡоит анашеи, апомидори еиуеиԥшым рыхкқәа, иахьатәи атехнологиақәа инарықәыршәаны. Акомбинат аҟны иахьазы аус руеит 246 аҭыԥантәи ауааԥсыра. Иара убасгьы, лымкаала иазгәасҭар сҭахуп аус шауа хықәкылатәи Афедералтә программа ақыҭанхамҩа аҿиара ацхыраара азҭо. Абаза муниципалтә раион ақыҭанхамҩа аҟәша ауааԥсыра еснагь ирыланаҳәоит иҟоу апрограммақәа ирызку аинформациа, анаҩс урҭ ирылахәхарц азы.

- Аофициалтә статистика излаҳәо ала, араион азҳара иаҿуп. Уи зыбзоурои, насгьы араион аҟны инхо ауааԥсыра аҳәынҭқарра аҟнытә ацхыраара, адгылара аҟаҵара азԥхьагәаҭаны ишәымоума?

- Абаза раион аԥҵара хықәкы хадас иаман амилаҭ жәытәнатә аахыс иахьынхоз аҭыԥи, абызшәеи, акультуреи реиқәырхара. Абаза муниципалтә раион аҿы, 2019 шықәса ажьырныҳәа 1 азы иҟоу астатистика излаҳәо ала, инхоит 17 733-ҩык ауааԥсыра. 2018 шықәсазы ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 17 530-ҩык ыҟан, 2017 ашықәс азы - 17 450-ҩык.

Араион иаланхо ауааԥсыра рхыԥхьаӡара азҳара адҳәалоуп абарҭ афакторқәа: афедералтәи ареспубликатәи биуџьетқәа рҟнытә асоциалтә дгылара, иаҳҳәап аҭаацәара хҩык, ма инареиҳаны ахшара змоу анхаразы адгьыл ҳәыда-ԥсада ирыҭахоит, иара убасгьы хҩык ахшара змоу рзы есымзтәи аԥаратә цхыраагӡа, уи 9600 мааҭ рҟнынӡа инаӡоит. Насгьы, аԥшьбатәи ахшара дзауз аҭаацәара ирыҭахоит шә-нызқь мааҭ, дара рзы ирмаҷхоит акоммуналтә маҵзурақәеи, ауаажәларратә транспорти рыхәԥса.

Уи адагьы, ҳара ҳраион аҟны, атәыла зегь аҟнеиԥш, лымкаала аҿар рааӡареи урҭ рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәреи ҳашьҭоуп, ҳалаԥш ахуп. Уахь иаҵанакуеит аҿар аусурҭа ҭыԥқәа рзыԥшаара, ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәа рыргылара, аспорттә дәқәа реиҿкаара. Еиқәаҳаԥхьаӡаз зегьы рыда адемографиатә ҭагылазаашьа ԥсахшьа амаӡам.

Аганаҿ инхом ашәуа наплакцәагьы, афермерцәа, ахазхаҿқәа, урҭ лассы-лассы афинанстәи, егьыс еиуеиԥшым ацхыраареи ҟарҵоит. Уи азы ҳара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит.

- Иҟоуп ашәуаа рынхарҭақәа Абаза муниципалтә раион аҵакырадгьыл иақәымшәаз. Дареи шәареи шәеимадара шԥашьақәгылоу?

- Ашәуа қыҭақәа Абаза раион ахь иаҵанамкуеи ҳареи аԥхара зҵоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп.

Абаза муниципалтә раион аҟны еиуеиԥшым аспорттә ма акультуратә усмҩаԥгатәқәа анымҩаԥысуа, ашәуа қыҭақәа зегьы рҟны инхо ааԥхьара раҳҭоит. Абаза бызшәала иҭыҵуа амультфильмқәеи, асахьаркыратә фильмқәеи зну адискқәа ахәыҷқәа зегьы ҳамҭас ираҳҭоит, араион аҟны инхои инымхои ҳәа еилых ҟамҵакәа. Иара убасгьы еиқәыршәоу аметодикатә цхыраагӡа ҿыцқәа абаза школқәеи ахәыҷбаҳчақәеи зегьы еиԥшны ирызшахоит.

- Араион аҟны инхоит еиуеиԥшым амилаҭқәа рхаҭарнакцәа, аха 85% ашәуаа роуп. Абаза бызшәеи акультуреи аиқәырхареи аҿиареи азы усқәас имҩаԥышәгои?

- Амилаҭ аиқәырхара абызшәа аиқәырхара ишиашоу иадҳәалоуп. Уи азҵаара аӡбара ҳара хшыҩзышьҭрала ҳазнеиуеит, иааиԥмырҟьаӡакәа аус адаҳулоит. Иаҳҳәап, абаза бызшәа аиқәырхаразы ашколқәа рҿы уи асааҭқәа ирыцҵоуп, иара убасгьы иаԥҵоуп еиуеиԥшым амилаҭтә кружокқәа аурокқәа рышьҭахь раҭааразы. Иалшо зегь ҳхы иаҳархәоит ҳхатә культуреи ҳбызшәеи аӡыргаразы.

Убасгьы, аҵараиурҭақәа рҿы имҩаԥыргоит хыԥхьаӡара рацәала аҵаси ақьабзи ирызку аусмҩаԥгатәқәа. Аҵаҩцәа рыбжьара ахатәы бызшәеи алитературеи рахь азҿлымҳара аизырҳаразы, иара убасгьы аҟыбаҩ бзиа злоу ахәыҷқәа рцәыргаразы 2011 шықәса инаркны имҩаԥысуеит Араионтә ԥхьарақәа. 2015 шықәса инаркны Абаза муниципалтә раион аҟны имҩаԥаҳгоит Ареспубликатә аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Табуловтәи аԥхьарақәа" "Абаза бызшәеи алитературеи рфестиваль" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Уи рхы аладырхәуеит еицырдыруа афилологиа аҭҵааҩцәа, абызшәадырыҩцәа, аҭоурыхҭҵааҩцәа, иара убасгьы абаза бызшәа арҵаҩцәа. Насгьы аӡбахә сымҳәар ҟалом есышықәсатәи аицлабра "Акалам аԥышәара" апоезиеи апрозеи рырҿиара иазку. Аиҿкааҩцәа даара еигәырӷьоит уи алҵшәақәа, избан акәзар даараӡа ирацәоуп аҩымҭақәа абаза бызшәала ашколҳәыҷқәа аицлабраҿы ицәырырго.

Абызшәахьы агәыбылра ауаҩы дшыхәыҷу ишьҭихуеит азы, ахәыҷбаҳчақәа рҿы хкырацәала иқәдыргылоит абаза бызшәала еиуеиԥшым асценкақәа, ҳмилаҭ рҵаси рқьабзи аазырԥшуа. Уахь иаҵанакуеит, алакәқәа, жәлар рҳәамҭақәа, алегендақәа. Уи зегьы, ҳәарада, ахәыҷқәа ирзаанартуеит рмилаҭ акульутра абеиара. Убасгьы, ахәыҷбаҳчақәа рҿы иддырбоит абаза бызшәахьы еиҭагоу амультфильмқәа. Иахьазы абаза бызшәала идырцәажәахьеит амультфильмқәа "Алым-акрал", "Харҵәрыԥшьынтәи хҩык", "Винни-Пыҟә","12 мзы", асахьаркыратә фильм "Нарниа ахроникақәа".

- Зыӡбахә шәҳәаз аусмҩаԥгатәқәеи апроектқәеи зегьы амуниципалтә раион абиуџьет ала имҩаԥгоума?

- Ааи, ус оуп. Аха араҟа иазгәаҭатәуп хәшьара аҭашьа змам ИАЕ "Алашара" иаҳзыҟанаҵо ацхыраарагьы. Ахәыҷбаҳчақәа зегьы рҟны рхы иадырхәоит "Алашара" аспециалистцәа еиқәдыршәаз аметодикатә цхыраагӡақәа. Иҭыҵуа ашәҟә ҿыцқәа зегьы абиблиотекақәеи арҿиаратә центрқәеи рахь ирызнеиуеит. Аицлабрақәеи, афестивальқәеи аҿар активла ирылархәхоит, уи дара ирызцәырнагоит агәаҳәара рбызшәеи ркультуреи иаҳагьы иҵауланы ирдырырц, ирҵарц азы.

Даҽазныкгьы исҳәар сҭахуп, абаза бызшәеи акультуреи реиқәырхареи рырҿиареи аус аҿы иҳауа аԥышәа ашәуа қыҭақәа зегьы, Абаза муниципатә раион ахь иаҵанамкуагьы ишрылаҳарҵәо атәы. Уи ҳара ҳзы акраҵанакуеит, ҳақәгәырӷьоит уи аҩыза алшара ахьыҟоу.

- Муҳаџьыр Чаӷбан-иԥа, зегьы еилаҳкаауеит заҟа уадаҩра, кәамаҵама аҵоу араион ахадара азура. Шәгәабзиара шәышԥацклаԥшуеи, насгьы аколлектив аҟны аилибакаара еиқәырханы излаажәгои? Уи амацара акәымкәан, аҩызцәеи, аҭаацәеи... урҭгьы аамҭа рызктәуп. Иабантәаажәго убарҭ зегьы ирызхо амчқәа?

- Абаза муниципалтә раион аколлектив – зус бзиаӡаны издыруа, гәыкала рнапы злаку аус иашьҭоу специалистцәоуп. Убри абзоурала ҳазегьы ҳаилибакаауеит, есыҽны ҳҿаԥхьа ицәырҵуа азҵаара ҿыцқәа рыӡбараҿы ҳгәаанагарақәа еиқәшәоит.

Хаҭала сара стәы сҳәозар, амчқәа сынаҭоит сызҿу аус аҭакԥхықәра исыднаҵо аилкаара. Убасгьы амч сырҭоит аус сыцызуа ауаа, ҳәарада – ҳусқәа рылҵшәа анызбогьы. Сҭаацәа ибзианы еилыркаауеит иахьазы иныскыло аҭыԥ иамоу аҵакы шдуу. Насгьы, ауаа сыгәра ргазар, уи агәрагара смырԥхашьароуп, уи сара исуалԥшьоуп.

Абаза раион аԥҵоуижьҭеи иҵит жәашықәса, ари аамҭа иалагӡаны иҟаҵоу рацәоуп. Сынхьаԥшны хьаҳәа-ԥаҳәарада исҳәар сылшоит: избоит аԥеиԥш бзиа, ҳаԥхьаҟа иқәсыргылоит ахықәк дуқәа, иҟасҵар исҭаху рацәаӡоуп.