Мураҭ Џьандаров, активла зхы аазырԥшуа ашәуа уаажәларратә усзуҩцәа дыруаӡәкуп, Аконгресс иаиҭаз аинтервиу аҟны еиҭеиҳәеит Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспубликаҿы абаза бызшәа аиқәырхара шымҩаԥысуа.
Ҟарачы-Черқьесиа ашколқәа рҟны абаза бызшәа арҵара шымҩаԥысуа, Черқьесск еиҿкаау абызшәатә курсқәеи, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аус ацуреи ртәы еиҭеиҳәеит АААК аинфопортал иаиҭаз аинтервиу аҟны Аԥсуа-абаза жәлар рыҿиара ацхырааразы жәларбжьаратәи аилазаара «Алашара» абызшәа аҟәша аспециалист Мураҭ Џьандаров. Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Асҭа Арӡынԥҳа.
– Ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәымзазы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума иаднакылеит «Аҵаразы азакәан» ахь аԥсахрақәа, урҭ аԥсахрақәа Урыстәыла иқәынхо амилаҭқәа рбызшәақәа ирхьысуеит. Иҳашәҳәарц ҳҭахын, абаза бызшәа арҵара ишԥаныԥши абарҭ аҿыцрақәа?
– Азакәан иаларгалаз аԥсахрақәа ҵакыс ирымоу, шьҭарнахыс ахатәы бызшәа аҳасабала ахәыҷқәа ашкол рҿы ирҵаша рҭаацәа иалырхыр ауеит, убри аан хатәы бызшәас иалухыр иалшо аурыс бызшәа заҵәык ауп. Уаанӡа ишыҟаз ала, хатәы бызшәас ауаҩы милаҭс дызҵазкуаз рбызшәа иман. Убри аҟнытә уажәшьҭа ашәуа хәыҷқәа рмилаҭ абызшәа аҵараҿы иҟаз ауадаҩрақәеи ашәарҭареи еиҳахеит, избанзар аҵаразы хатәы бызшәас аурыс бызшәа алырхыр ҟалоит.
Ари ашәарҭара акыр идууп, избанзар ахәыҷбаҳчаҟынтә ашкол ахь иааиуа ашәуа хәыҷқәа реиҳараҩык абаза бызшәа рыздырӡом, урысшәылоуп ишцәажәо. Анаҩс рҵараҿы ауадаҩрақәа рԥымларц рҭаацәа аурыс бызшәа хатәы бызшәас иалырхыр ҟалоит. Арҵаҩцәагьы урҭ ирықәшаҳаҭхоит. Избанзар абаза бызшәа арҵаразы иҟоу ашколтә программа ззынархоу уи абызшәала ацәажәара зылшо ахәыҷқәа роуп, зынӡа иззымдыруа ирызкӡам. Абри ҳахькылнаго акаҿоуп –убас иҟоу ашколхәыҷқәа аӡәырҩы рҵаратә программа аҟнытә абаза бызшәа зынӡа ахабаргьы ыҟамызшәа иалҵыр ауеит. Ари амзазы, ихадароу ашәуа уаажәларратә еидгылақәа ааба злахәу ассоциациа «Аԥсадгьыл» иҟанаҵаз ацхыраара абзоурала, активистцәа гәыԥҩык ашәуа қыҭақәа зегьы ирылсит, арҭ аԥсахрақәа ралагалара аамышьҭахь абаза бызшәа аҵараҿы аҭагылазаашьа зеиԥшрахаз аилкааразы. Ҳџьынџьуаа ҳарԥыланы ирзеиҭаҳҳәон рхәычқәа рзы хатәы бызшәас абаза бызшәа алхра иахьа даҽа аамҭанык еиԥшымкәа аҵак ду аманы ишыҟоу.
– Ашкол аҿы абаза бызшәа арҵара амҽхак абанӡаҭбаау иахьа? Шаҟа сааҭ азылхи?
– Актәи акласс аҿы абаза бызшәеи алитературеи мчыбжьык ахь ҩ-сааҭ рзылхуп, егьырҭ аклассқәа рҿы – хԥа-хԥа сааҭ. Иаҳҳәозар, Асовет аамҭазы ахатәы бызшәақәа рҵара иазыркуаз асааҭқәа еиҳан, усҟан мчыбжьык ахь хә-сааҭк ыҟан. Акыраамҭа ҳақәԥон убарҭ асааҭқәа рырхынҳәразы, ҳтәыла ахада иахь ашәҟәы ҳаҩит. Ари азҵаараҿы адгылара ҳарҭеит егьырҭ амилаҭқәа руаажәларратә хеидкылақәагьы, избанзар ари апроблема Ҟарачы-Черқьесиа иқәынхо амилаҭқәа зегьы еицырзеиԥшуп. Аха, рыцҳарас иҟалаз, ҳагәжәажәара хыхь ирмаҳагәышьеит. Убри ашьҭахь даҽа мҩак ала ҳныҟәарц ҳаӡбеит: ашәуа қыҭақәа зегьы ҳрылсит, аҭаацәеи, арҵаҩцәеи ашколқәа рнапхгареи ҳрацәажәеит, аҵыхәтәан ҳазааит ахатәы бызшәа иазылху ах-сааҭк даҽа ҩба-ҩба сааҭ рыцҵазарц, афакультатив аҳасабала. Абасала, абаза бызшәеи алитературеи рҵаразы мчыбжьык ахь хә-сааҭк ыҟоуп иахьазы.
Ари имариамыз усын ашколқәа рзгьы, избанзар арҵаратә программагьы ырҭбаатәхеит, ахатәы бызшәа арҵаҩцәа руалафахәгьы иацҵатәхеит, русура аамҭа иахьацлаз азы. Аха егьа ус акәзаргьы, аилибакаара ҳауит. Амала ари уажә сызлацәажәо ашәуа қыҭақәа рышколқәа роуп, уаҟа аҵаҩцәагьы арҵаҩцәагьы милаҭла иашәыуаауп. Аха амилаҭ еилаԥса ахьынхо ақалақьқәа рҿы ас еиԥш аус аиҿкаара акырӡа еиҳа иуадаҩуп.
– Иҟоума адыррақәа, шаҟаҩы ашәуа хәыҷқәа рхатәы бызшәа рдыруа, шаҟаҩы ирзымдыруа атәы ҳазҳәо?
–Росстат адыррақәа рыла, 96 процент Урыстәыла иқәынхо ашәуаа рхатәы бызшәа рдыруеит. Аха ҵыԥх ҳара Ҟарачы-Черқьессиа ашколқәа рҟны аҭҵаарақәа мҩаԥаҳгон, акыр узырхәыцша адыррақәагьы ҳауит. Черқьесск ақалақь ашколқәа рҟны аҵара рҵоит зқьи бжаки ашәуа хәыҷқәа, урҭ рҟынтә ацәажәаратә абаза бызшәа еилызкаауа 35 процент заҵәык роуп. Ақыҭа школқәа рҟны иҟоу аҭагылазаашьа ҳаздыруам, астатистика ҳамам.
Абри апроблема аӡбара ҳацхраарц «Алашара» аофис аҟны иааҳартит абаза бызшәа арҵаразы акурсқәа. Арҵагатә методика рзынархоуп абызшәа зынӡа иззымдыруа ауаа. Аспециалист, иҟаҳҵаз аҳәарала, ҷыдала аметодика ҳазирхиеит, англыз бызшәа арҵаразы иҟоу аметодика ашьаҭала. Хымз рыла ауаҩы дцәажәо, ирҳәо еиликаауа дҟалоит, даҽа хымз рышьҭахь инагӡаны иҿахәы иҳәар илшоит. Абаза бызшәа зегь реиҳа зҵара цәгьоу абызшәақәа ишырхыԥхьаӡалоугьы, иуҵар ауеит. Убри дыршаҳаҭуеит ҳара ҳкурсқәагьы. Ҳара ҳахь иааиуа зынӡа абызшәа ззымдыруа роуп, акурс ианахыслак абаза бызшәала ирҭаху рҳәаратәы иҟоуп. Амала аурыс акцент рымоуп. Аха уи акгьы узазуам, избанзар афонетика, ашьҭыбжьқәа рҳәашьа хаҭаҵәҟьа ушыхәыҷу иуҵароуп, уаныҩеидас ас еиԥш иҟоу абызшәа уҵозар, урҭ ашьҭыбжьқәа рҳәара акырӡа иуадаҩуп.
Акурсқәа аартуп 2013 шықәса инаркны, есышықәса аҵаҩцәа ҳадаҳкылоит, есышықәса 60-80-ҩык аҵаҩцәа ауҳашьҭуеит. Агәыԥқәа қәрала еихшоу ыҟоуп: ахәыҷқәа, ахбыџқәа, адуцәа ҳәа. Ҳара ҳҟны аус руеит иреиӷьу арҵаҩцәа, иреиҳаӡоу аҩаӡара змоу аспециалистцәа, зыԥсҭазаара зегьы абаза бызшәа арҵара иазызкхьоу. Убарҭ иреиуоуп: Гаша Жирова, Лиубов Урунова, Гаишат Ҟлыча, Фатима Кьышьмахәа.
– Шәара ишәҳәеит ахәыҷбаҳчақәа рҟынтә ахәыҷқәа рхатәы бызшәа рзымдыркәа ашкол ахь инеиуеит ҳәа. Урҭ рҟны аҭагылазаашьа аԥсахразы иалкаау шьаҿақәак рыҟаҵара шәгәы иҭоума?
– Ҩышықәса раԥхьа ахәыҷбаҳчақәа рҿы «амилаҭтә компонент» азы мчыбжьык ахь ҩ-сааҭк мацара ракәын иалхыз. Ашьҭахь урҭ асааҭқәагьы амырхит. Ари азҵаара аҵыхәала ҳтәыла ахада иахь ааԥхьара ҟаҳҵеит, иара дазыразхеит аҵараиура аусзуҩцәа рзанааҭдырра аизырҳаразы Аҳәынҭқарратә институт (РИПКРО) алархәны иаԥҵазарц ахәыҷбаҳчақәа рҟны абаза бызшәа арҵаразы апрограммеи аметодикеи.
Аиҿкаара «Алашара» уи аметодика аԥҵаразы аԥара азоунажьит, Ашәуа раион ахадара апрограмма аиқәыршәара ахахьы иагеит. «Алашара» ахә ашәеит ашәуа қыҭақәа рҟны ахәыҷбаҳчақәа рҿы аус зуло ааӡаҩцәа рзанааҭ аизырҳара, урҭ ҩы-мчыбжьа азыҟаҵара иахысуан. Иаҳхысыз ашықәс азы апрограмма ашәуа қыҭақәа рхәыҷбаҳчақәа рҟны аус адыруит. Ақалақь аҿы хазы амилаҭтә гәыԥқәа еиҿаҳкаарц ҳҭахын, аха макьана уи алымҵыцт. Аха ари азҵаара ҳацәхьаҵны ҳаҟаӡам, егьырҭ амилаҭқәа рхеидкылақәа
ҳарԥыларц ҳгәы иҭоуп, ақалақь хәыҷбаҳчақәа рҟны ахәыҷқәа рхатәы бызшәа рҵалартә еиԥш ишыҟаҳҵаша ҳалацәажәарц.
– Иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы абаза бызшәа рҵома? Ауниверситетқәа рҟны аҵара рҵома абаза бызшәа афилологцәа?
– Ашәуа филологцәа аузыжьҭуа иреиҳау ҵараиурҭас иҳамоу Ҟарачы-Черқьессктәи аҳәынҭқарратә университет ауп, ақалақь Каачаевск иҟоу. Иахьазы абас еиԥш иҟоу акадрқәа ҳазҭо абри аҵараиурҭа мацароуп.
Черқьесск ақалақьаҿ иҟоуп иара убас Аҭҵаарадырратә институт, РИПКРО аҟны иҟоуп абаза бызшәа акафедрақәа. Ауниверситет иреиҳау аҵара змоу аспециалистцәа азнархиозар, араҟа урҭ нас аҭҵаарадырратә ҩаӡара роур рылшоит.
Проблемас иҟоу уи оуп, абызшәа ахархәара аныԥку, афилологцәа усда иаанхоит, рхы ззыркра рзымдыруа иқәхоит. Нас убри збо аҿар афилолог изанааҭ алырхуам. «Алашара» аџьшьара рынаҭоит зхатәы бызшәа ҭызҵаауа аспециалистцәа. Иаҳҳәап, иаԥҵоуп 200 нызқь мааҭ инаӡо апремиа абаза бызшәа иазкны акандидаттә диссертациа ахьчаразы. Ҟарачы-Черқьессктәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа, аҵараҿы зхы бзианы иаазырԥшуа, хынтә ишьҭыху астипендиа роуеит – есымза 9 нызқь мааҭ.
Сынтәа инаркны «Алашареи» Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аусеицура рыбжьалеит. Ҳазҭоу ашықәс жьҭаарамзазы быжьҩык абаза бызшәа аспециалистцәа ААУ аспирантура иҭалоит, уаҟа ҳаԥхьаҟа иаадыртраны иҟоуп абазаҭҵаара акафедра. Абасала, ҳфилологцәа Аԥсны аусурҭа ҭыԥқәа рыԥшааразы алшара роуеит.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.