Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь аԥсуа-абаза (абаза), аубых жәларқәеи, аешьаратә Кавказ жәларқәеи рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Кавказтәи аибашьреи мчылатәи ахҵәареи ирылаӡыз ргәалашәара амш 156 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.

Акыр иаԥсоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Аԥсуа-абаза, аубых жәларқәеи ҳаешьаратә кавказ жәларқәеи зегьы рзы ирыцҳара духаз ахҵәара 156 шықәса ахыҵра инамаданы сгәаҟынтә иаауа ажәақәак шәасҳәарц сҭахуп. Арҭ аҭоурыхтә хҭыс еиқәаҵәақәа ирыхҟьаны зыԥсадгьыл иқәынхоз ашьагәыҭ жәларқәа хаз-хазы еиҟәшахеит, Нхыҵ Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рыдгьылқәеи Аԥсны агәҭеи уаҩ дахымкәа иааҭацәит.

Абри атрагедиатә аамҭа ахашҭра азин ҳамам, иаҳгәалашәозароуп наунагӡа. Убри агәалашәара ҳахәароуп иахьатәи ҳҭагылазаашьа ииашаны еилкааны аԥеиԥш лаша аагара азықәԥараҿы.

Ажәлар шәхаҵкы!

Ҳара зегьы ҳаидызкыло акоуп ҳҭоурыхтә ԥсадгьыл алахьынҵа азхәыцра, уи аԥеиԥш ахӡыӡаара, акала ҳахәартә еиԥш аҽазышәара. Зегьы еилаҳкаауеит уаҵәтәи ҳамш зеиԥшрахо азы аҭакԥхықәра ҳара ишҳаду, ҿыц еиҵагыло абиԥара ирымаҳдо аԥышәа акырӡа шаҵанакуа. Абас ихлымӡааху ахҭысқәа зҭоурых иалоу ҳажәлар аҽеидкылареи акзаареи шхымԥадатәу рхамшҭуа ԥхьаҟа ицалароуп. Убри азоуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусура хықәкы хадас изамоугьы аԥсуа-абаза, аубых жәларқәа ретнокультуратә акзаара арӷәӷәара, рсоциалтә-економикатә, ркультуратә ҿиара ацхраара, аешьаратә еизыҟазаашьақәеи аимадарақәеи реиҭашьақәыргылара, рырҭбаара, аԥсуа-абаза диаспора рҭоурыхтә ԥсадгьыл разхьарԥшра, иҳабжьоу ацҳақәа рырӷәӷәара. Забдуцәа ршьамдгьыл анҭыҵ инхо ҳџьынџьуаа иахьнӡарылшо уи аԥсҭазаара иалахәуп, зегь рыла иамадоуп, еиуеиԥшым акультуратә усмҩаԥгатәқәа рҟны рхы аадырԥшуеит, рхатәы бызшәеи рмилаҭтә ҵасқәеи рӡыргара иашьҭоуп.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс мҽхакы ҭбаала аус рыцнауеит Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа, Египет, Европа атәылақәа уҳәа ирықәынхо аԥсуа-абаза диаспорақәа. Ҳара ҳдиаспора – хәы змаӡам резервуп аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахырхарҭақәа зегь рыла аизҳара аагараҿы.

Акыр иаԥсоу сашьцәеи саҳәшьцәеи,

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ԥхьаҟагьы аус аулоит ҳаешьаратә кавказ жәларқәеи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара аганахьала, абра Кавказ аҩнуҵҟеиԥш адунеи иалаԥсоу адиаспора ду рыҩнуҵҟагьы. Ҳазегьы ҳамчқәа еибыҭаны еицаҳзеиԥшу ҳкультуратә ҭынха абеиара еихаҳҳароуп, шьала-дала, ҭоурыхла ҳаигәыцхәра ҳхаҳмыршҭлароуп.

Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит аманшәалареи агәабзиареи.

 Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы М. Ҳ. Егзакь