Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы Мусса Егзакь онлаин-режим ахархәарала АААК ИА алахәҩцәа дырҧылеит. Аилатәараҿы ииасуа ашықәс аихшьаалақәа ҟаҵаны, ҳазҭало 2024-тәи ашықәс азы инагӡатәу аҳасабтәқәа алыркааит. 

Есма Гәаланӡиаҧҳа

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак мҩаҧысуан авидеоеимадара ахархәарала. Аиқәшәара иалахәын: АААК ИА Аҧснытәи алахәҩцәа – Виачеслав Чрыгбеи, Џьамбул Инџьгиеи, Ҭырқәтәылатәи алахәҩцәа – Мураҭ Гечбеи, Меҳмеҭ Инаҧшьбеи, Шамиль Ешбеи. Иара убасгьы аилатәара рҽаладырхәит АААК ИА Москватәи алахәҩы Беслан Кәабахьиеи, ААЕ Ставропольтәи атәылаҿацә инхо абазақәа РКА «Абаза» анапхгаҩы, АААК ИА алахәҩы – Армида Чагәи. 

Аиқәшәара ааиртит Мусса Егзакь: Ахантәаҩы авидеоеимадара иалахәыз зегьы аҧсшәа анреиҳәа ашьҭахь, АААКи "Алашареи» ргәыҧқәа имҩаҧыргаз аусуразы иҭабуп ҳәа раҳәаны, аилатәара шаарту рылеиҳәеит. 

Амшхәаҧштә асиа ианын х-зҵаарак: ҳазҭоу ашықәс азы АААК аусура иазку аинформациа, 2024-тәи ашықәс азы имҩаҧгатәу аусқәа рплан, иара убасгьы еиуеиҧшым егьырҭ азҵаарақәа. Аусмҩаҧгатә аиҿкааҩыс дықәгылан АААК Анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба.Аҟәатәи аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа Аконгресс аусура алҵшәақәа дрылацәажәеит. Ииасуа ашықәс азы имҩаҧган хкы рацәала апроектқәа. Урҭ рызкын аетнокультуратә акзаара арӷәӷәара, Абаза жәлар рхатәы бызшәеи, аҵасқәеи, ақьабзқәеи реиқәырхара,  рырҿиара. 

«2023 шықәсазы аплан инацҵаны инагӡан – ҳгәыҧ еиуеиҧшым апроектқәа ирызкыз 102 усмҩаҧгатә еиҿыркааит. Урҭ ирылахәын 50 нхарҭаҭыҧи хәнызқьҩык инарзынаҧшуа ауааҧсыреи. Урҭ апроектқәа ирыҵаркуеит еиуеиҧшым ахырхарҭақәа: аҭоурых, акультура, аспорт, агәабзиарахьчара, ахатәы бызшәа риқәырхара, ахәыҷқәа рааӡареи рырҿиареи, аҵакырадгьылқәа реиқәыршәара, иааҳакәыршаны иҟоу аҧсабара ахьчара», – иҳәеит Ҭемыр Рекәаа.

Рекәаа иазгәеиҭеит ииасуа ашықәс азы Аинформациатә ҟәша ф-бызшәак рыла, 3500 инареиҳаны аматериалқәа шакьыҧхьыз, асоциалтә каҭаҿы иҳамоу анапаҵаҩцәа рхыҧхьаӡара акәзар 24 800-ҩык рҟынӡа иазҳаит. 

АААК ИА Ахантәаҩы иаппарат Анапхгаҩы Кан Ҭаниа Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аныхтәқәа рзеиҧш харџьынҵа иадҳәалоу ахыҧхьаӡаратә рбагақәа дрыхцәажәеит.

«Ҳазҭагылоу аамҭазы Аконгресс есымзатәи административтә ныхтәқәа рзеиҧш харџь миллионки бжаки ыҟоуп. Хәышықәса ирылаӡаны имҩаҧгоу аусқәа алзыршаз афинансқәа рхыҵхырҭас иҟоуп – Ахантәаҩы Мусса Екзагь гәыҳалалрала иалаигалаз 115 миллион мааҭ. Есышықәса иазҳауеит аҳасабтәқәа рымҽхак, иацлоит апроектқәеи аусзуҩцәеи рхыҧхьаӡара, ус анакәха изҳауеит аныхтәқәагьы. Убри инамаданы, ҳазҭало ашықәс азы ҳара хықәкыс иҳамоуп еиуеиҧшым афинанстә хыҵхырҭақәа рыҧшаара», – ҳәа азгәеиҭеит иара. 

Мусса Егзакь АААК Иреиҳаӡоу ахеилак аихшьааларатә еилатәара мҩаҧигеит
© АААК/Селма Базба

Иара убасгьы, Ҭаниа АААК ИА алахәҩцәа ирзеиҭеиҳәеит Ҟарачы-Черқьессиа иҟоу «Алашара» агәыҧ имҩаҧнагаз аусура алҵшәақәа. 

«Ҳазҭоу ашықәс азы иазҧхьагәаҭаз 90 рхаҭыҧан, 23 нызқьҩык инареиҳаны изҵазкыз 95 усмҩаҧгатә еиҿкаан. Аҳарџьынҵа инақәыршәаны, шықәсык иалагӡаны Ҟарачы-Черқьессиа имҩаҧгаз аусмҩаҧгатәқәа 46 миллион мааҭ инареиҳаны аҧара рыхҭынҵан».  

Имҩаҧгоу аусура аихшьаалақәеи, 2024-тәи ашықәс азы иазҧхьагәаҭоу аплани еиқәыршәоуп, Ахантәаҩы ишьақәирӷәӷәарц азы Аконгресс Аппарат ахь инашьҭуп. Ҳазҭало ашықәс азы апроектқәа рхыҧхьаӡара аизырҳара азҧхьагәаҭоуп, ус анакәха урҭ ирыҵаркуа ауаа рхыҧхьаӡарагьы иацлоит. 

«Ҳаплан иарбоуп – адунеи зегьы иалаҧсоу аҧсуа-абаза диаспора аус арыцура амҽхак арҭбаареи арӷәӷәареи. Ааигәа Ливантәи ареспублика ҳаҭааит, уаҟа ҳара ҳрылацәажәон азеиҧш проектқәа раҧҵареи аҭыҧантәи аҟәша аартреи рзы иҳамоу алшарақәа. Хықәкыс иҳамоуп алҵшәақәа реизырҳареи, имҩаҧаҳго аҳасабтәқәа рымҽхак арҭбаареи», – ҳәа азгәеиҭеит АААК Анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба.

Ҳазҭоу ашықәс азы Ҭырқәтәыла имҩаҧысит аҧсуа культуратә ҭыҧ хадақәа рхантәаҩы изаамҭанытәиу иалхрақәа. Мусса Екзагь инапынҵала Аҧсуафед уаанӡатәи анапхгара ирзынарышьҭуан Аконгресси «Алашареи» русура аилазаашьа, аиҿкаара аҧышәа, агәҭакқәа ирызку аинформациеи, еицымҩаҧгатәу апроектқәа реиҿкааразы ааҧхьареи. Леван Атрышба даналырх ашьҭахь, зыӡбахә ҳәоу аинформациа еиҭа аус адуланы, иалху анапхгара ҿыц ирзышьҭын. Мусса Екзагь иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа-абаза диаспора аус арыцура аҳәаақәа рырҭбаара аҭахижьҭеи акыр шааҵуа. 

«Ҳара хықәкыс иҳамоуп Ҭырқәтәыла зылҵшәа ҳараку агәыҧ аидкылара. Уи хымҧадатәиуп Аҧсни ҞЧА абазақәа ахьынхо аулқәеи рҿы аиҧш исистемарку аусура амҩаҧгаразы. Иҟалап уи аусура амҽхак аҽеиҵнахыргьы, избанзар Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспора рпотенциал ҳәаадоуп», – ҳәа азгәеиҭеит АААК ИА Ахантәаҩы.

Аиқәшәара аихшьаалақәа ҟаҵо, Мусса Екзагь даҽазныкгьы иазгәеиҭеит аиҿкаара ауасхыртә ҳасабтәқәа – Абаза жәлар ретнокультуратә акзаара аиҭашьақәыргылара, амилаҭ ахатәҷыдарақәа реиқәырхара, адиаспора ахаҭарнакцәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рырхынҳәра арманшәаларазы аҭагылазаашьақәа раҧҵара. 

«Ҳара ҳнапы злаку – ауаҩы дзыргәырӷьаша ахҭыс лахҿыхқәа раҧҵара мацара акәым, ҳара еиқәҳаршәо апрограммақәа аҵак ду рымоуп абызшәеи, акультуреи, аҭоурыхи реиқәырхаразы, избанзар еиқәыҧхьаӡоу аусқәа рыбзоурала ҳмилаҭгьы еиқәҳархоит. Арҭ апрограммақәа ҳазегьы иҳалааӡазар зықәнагоу аҵасқәеи ауаҩы изааигәоу рахь абзиабареи реиқәырхара иацхраауеит», – ҳәа азгәеиҭеит иара. 

Аиқәшәара ахыркәшамҭазы АААК ИА Ахантәаҩы еизаз зегьы ирыдиныҳәалеит ҳазҭало Ашықәс Ҿыц, ирзеиӷьаишьеит агәабзиареи, иазҧхьагәаҭоу агәҭакқәа зегьы рынагӡареи. 

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс 2023 шықәсазы имҩаҧнагаз аусура иазку, иаҳа инеиҵыху аихшьааланҵа шәаҧхьар ҟалоит АААК Аинформациатә ҟәша анаҩстәи анҵамҭақәа рҿы.