Аԥсуа-абаза жәлар рҿаԥхьа ишьҭоу хра злоу аусқәеи, ҳаицтәылауаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ԥсабаратәны рырхынҳәра амҩақәеи, амилаҭ рыҿиара апрограммақәеи ирызкны шәаԥхьар шәылшоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы, Аԥсуа-абаза милаҭ аҿиаразы Жәларбжьаратәи аилазаара «Алашара» ахада Мусса Егзакь иҿцәажәараҿы.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Асҭа Арӡынԥҳа

- Мусса Ҳабал-иԥа, абзиара шәымазааит! Раԥхьатәи сызҵаара абас иҟоуп: иахьа аԥсуа-абаза жәлар рҿаԥхьа ицәырҵуа аԥышәарақәа ишԥархыстәу, ишԥариааитәу? Ҳажәлар аҿиара амҩа ианымҵырц азы иарбан ҭагылазаашьақәоу иаԥҵатәу?

- Ҳара зегь иаҳҵароуп ҿыц аицәажәашьа, аизыӡырыҩшьа, аилибакаашьа. Ирласны иҳаӡбалароуп иарбан усқәоу раԥхьа иргыланы имҩаԥгатәу, насгьы, – зегь реиҳа ихадароу – ҳҿаԥхьа иқәгыло азҵаарақәа рыӡбара амҩақәа реицалхшьа ҳҵароуп.

Зегь реиҳа ихадароу уи оуп – аилибакаара, аҳәоуеиқәшәара, ҭаацәарак шҳакәу азхәыцра, доусы ииҳәо-ииуа, игәы иҭоу азы мацара акәымкәа, иааигәара иҟоу рзгьы ҭакԥхықәра ишиду еиликаауа дыҟазарц. Аҭаацәара иалоу аӡәы изы агәхашҭра ҳаур ҟалаӡом, доусы игәхьаа ҳагәхьаазароуп, доусы ибзиа ҳабзиазароуп, ҳацәгьеи-ҳабзиеи еизакызароуп.

Ҳажәлар зегьы ааидкыланы ҭаацәара дук еиԥш срыхәаԥшуеит, аҭаацәараҿы тәым дҟалаӡом!

- Убри зегьы ишԥазааитәу?

- Аҩада Кавказ уи аганахьала аԥышәа ду ҳамоуп. Аҳәара́ ҟалоит знык, ҩынтә еиҭоуҳәеит ҳәагьы, баша аҳәара мацара, егьа иурххаргьы, акгьы алҵуам. Иарбан ажәазаалак аус ацзароуп. Ҳара, хаҭала, иҳаҩуеит апрограммақәа, урҭ рынагӡарагьы иалаҳархәуеит иахьынӡауа ирацәаҩны ҳаицтәылауаа рхаҭарнакцәа.

Аҿырԥшы аазгоит. Иҟан ақыҭа, хәы-шықәсаҟа раԥхьа угәы каҳартә ихьысҳан зегь рыла, абар-абар ииаӡауеит уҳәаратәы – аҩыжәра, ауаа рлакҭақәа тацәӡа, иҟаҵатәу, ишыҟаҵатәу аӡәгьы издыруамызт. Ажәакала, «аҭырас» рхысны иҟан. Ԥсыхәакгьы ыҟамызт. Иахьа уԥшыр, абжаҩык рхатә усхкқәа рнапы алакуп, ақыҭауаа рхала амҩақәа еиҭашьақәдыргылеит, абаҳча еиҭарҳаит, еиҿыркааит, Акультура ахан еиҭадырҿыцит. Ҩба-хԥа шықәса раԥхьа адгьыл иқәаарыхуаз аӡәык-ҩыџьак ракәызҭгьы, иахьа баша ишьҭоу дгьылк ыҟаӡам. Ауаа гылеит, анхара иалагеит.

- Аԥсҭазааратә гәаҳәа зцәыӡыз ауаа рдунеидкылашьа аԥсахра зылшои? Агәкаҳара аҿынтә абзабаахь ишԥанеитәу?

- Ҳара иаԥаҳцеит аҳәса рхеилакқәа, абыргцәа рхеилак. «Алашара» захьӡу ҳаилазаара Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспубликаҿы абар шьҭа быжь-шықәса ҵуеит хықәкыла амилаҭ реиқәырхареи рыҿиареи апрограммала аус ауеижьҭеи. Аилазаара аструктураҿы ахырхарҭақәа зегь рыла ахылаԥшцәа алхны ыҟоуп: аҿар, аҭаацәа, аспорт, амедицина, аҵара уҳәа реиԥш иҟоу.

Урҭ ахылаԥшцәа – анапхгаҩцәа доусы рхырхарҭақәа рыла аексперттә хеилакқәа аԥырҵоит, урҭ ирылахәуп иреиӷьу ҳаспециалистцәа, ззанааҭдырра уаҳа наҭахымкәа иҳараку. Дареи ҳареи еицалаҳхуеит аус зыдулатәу апроблема, иалаҳкаауеит аԥхьа иҟаҵатәу, ашьҭахь иҟаҵатәу, иҳаҩуеит апрограммақәа, анаҩс аԥсҭазаара иалаҳарҵәоит урҭ. Абас ала быжь-шықәса раахыс аус ҳуеит.

Ҵыԥх абаза ауаажәларратә еиҿкаарақәа зегьы еидаҳкалеит акаҿы «Аԥсадгьыл» ҳәа хьӡыс изаҳҭаз, уажәшьҭа иара имҩаԥнагоит ҳапрограммақәа зегьы. Уи иалоу зегь ҭаацәарак реиԥш еидгыланы аус еицыруеит.

Апрограммақәа зегьы инҭкааны иҳаҩуеит, қыҭацыԥхьаӡа иара атәы, уи ақыҭаҿы инхо ауааԥсыра алархәны. Дара реиҳа, ирыгу здыруа ҽаӡәы дыҟаӡам. Апрограмма ашьақәыргылараан иазгәаҳҭоит иара убас қыҭацыԥхьаӡа амчхара зеиԥшроу, ақыҭауаа рымч-рылшарагьы уахь иналаҵаны: аинтеллект аганахьала аума, аматериалтә аагарҭа аганахьала аума, уҳәа егьырҭгьы. Нас ақыҭауаа ҳрыҿцәажәоит, иҭаҳҵаауеит, аҭагылазаашьа излацхрааша гәаҳҭоит. Анаҩс ақыҭа абиуџьет шьақәҳаргылоит, уи зҵазкуа араиони, ареспублика абиуџьети зеиԥшроу шьаҭас иҟаҵаны, иара убас афедералтә биуџетгьы зеиԥшрахар ҟало ҳазхәыцны.

Мусса Егзакь АААК аҿаԥхьа иқәгылоу ихадароу ахыдҵақәа азгәеиҭеит
© АААК

- Аҭыԥантәи аиҳабыра шԥазыҟоу шәара имҩаԥыжәго ауаажәларратә усура?

- Амчра аганахьала шьарда аилкаара ҳауит. Уи ҳара ҳзы акраанагон. Уара уԥсадгьыл аҟынгьы акәзааит, баша уааины, ажәлар еидкыланы ак рауҳәо уалагар ҟалаӡом, аӡәгьы адырра имҭакәа.

Ҳара иҭаҳҵаауеит аҳәынҭқарратә программақәагьы, акультура, аспорт, уҳәа ахырхарҭақәа рыҿиара иазынархоу. Урҭи ҳара ҳтәқәеи реиҿыбаара ҳҽазаҳшәоит, еицхырааны ҩынтәны еиҳаны алҵшәа бзиақәа ҟаларц азы.

- «Алашара» иамоу аԥышәа ахархәара аиур шԥалшо Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс аусураҿы?

- Аконгресс аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны, ҳажәлар рхаҭарнакцәа ахьықәынхо аҭыԥқәа зегьы рҿы иаԥаҳҵароуп арегионалтә усбарҭақәа, дара рыла ҳапрограммақәагьы мҩаԥаҳгалоит. Ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны адиаспора рзы апрограммақәа ҳаҩлоит, тәылацыԥхьаӡа, регионцыԥхьаӡа иҟоу рзы – дара рхатәқәа. Избанзар урҭ зегьы акрызҵазкуа аиԥшымзаарақәа рымоуп, ҳаргьы урҭ азгәаҳамҭар ҟалом. Уи акыр аҵанакуеит, аиашаз.

Уи адагьы, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа арҭ аусқәа зегьы рылахәхара иахьынӡазыхиоу акраанагоит. Аҭагылазаашьа аҿиашьа ҳахәаԥшлоит, шаҟа иазхиахо аҟара, рҿаԥхьа иқәгылало азҵаарақәа рыӡбашьа амҩақәа рыдаҳгалалоит.

- Аконгресс аҟны иарбан хадара злоу усқәас иӡбатәу?

- Хадара злоу ракәны иалаҳкаауеит ԥшьба. Актәи – адунеи аҿы иҟоу ҳашьцәа зегьы-зегьы аӡәы дыбжьамыжькәа рыԥшаара, аргылара аус ралархәра. Аҩбатәи – зегь ҳамчқәа еибаҳҭалоит ҳмилаҭ рхыԥхьаӡара аизырҳаразы, иагымхарц азы. Иара убри иалагӡаны зхатә ус знапы алаку ҳауаажәларгьы дара-дара еидкылатәуп, еиԥшьтәуп, ҳалшарақәа еицаҳҵарц азы. Аҵыхәтәан ҳаззааиуа – Аԥсны Аҳәынҭқарра аиқәырхареи аҿиареи рзы акомплекстә программа ашьақәыргылароуп.

Абизнес знапы алаку ҳаицтәылауаа адунеи иахьықәынхозаалак еиԥаҳшьроуп, Аԥсны ахырхарҭақәа зегь рыла, аекономикагьы уахь иналаҵаны, шьаҿа ӷәӷәала ԥхьаҟа ицаларазы. Убри ҳалшар ауп, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ԥсабарала рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәразы иаԥсоу аҭагылазаашьақәа анҳзышьақәыргыло. Аԥсны иҟоу аԥсуаа рымацара ирылшом уи аҟаҵара, зегь ҳаицхырааны иаԥаҳҵароуп урҭ имншәалоу аҭагылазаашьақәа ҳәа ҳзышьҭоу, избанзар Аԥсны – ҳара зегьы иҳаԥсадгьылуп. Ҳтәыла хәыҷы алшара дуқәа змоу тәыланы иҟаҳҵароуп, уи азы иахәҭоу зегь ҳамоуп.