АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи Урыстәыла иҟоу Аҭакзыԥхықәу, Азинмчра нагӡа змоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩи реиԥылара мҩаԥысит.  

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи  Урыстәыла иҟоу Аҭакзыԥхықәу, Азинмчра нагӡа змоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ Башар Аль-Џьаафари реиԥылара мҩаԥысит Ацҳаражәҳәарҭаҿы аԥшьаша, мшаԥы 20 рзы. 

Ари аиԥылараан Мусса Егзакь адипломат инапаҿы ииркит жәабран 6 рзы иҟалаз адгьылҵысраан ааха зауз Шьамтәыла ауааԥсыра ирзынархоу аматериалтә цхыраара.

Аконгресс ахантәаҩы Шьамтәыла аиҳабыра рганахьала адгылара шааирԥшуа иҳәеит, зыуацәа ҭахаз дрыдышшылеит, ааха зауз иаарласны ршьапы иқәгыларц азеиӷьашьара ҟаиҵеит.

«Абаза жәлар зегь реидкылара иазку Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи Шьамтәыла аиҳабыра зегьы, уи ахада Башар Асад аԥхьа днаргыланы, ҳашрыдгылоу ажәа шәаҳҭоит, ашьам жәлар еишьцәаҵас ҳарзыҟоуп. Згәакьацәа аԥсабаратә рыцҳараан изыцәҭахаз срыдышшылоит. Ахәрақәа змоу, ааха зауз иаарласны ргәы бзиахааит, раԥхьаҟа аԥсҭазаара бзиа рзыԥшызааит! Ҳаимабзиара шьардазааит!» – иҳәеит Егзакь.

Ацҳаражәҳәаҩ Аль-Џьаафари иакәзар, аԥсуа-абаза жәлар иҟарҵаз адгылара ахә ҳаракны ишьеит, хаҭалагьы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Мусса Егзакь иҟаиҵаз афинанстә цхырааразы. Иазгәеиҭеит, арыцҳара аныҟала раԥхьатәи амшқәа инадыркны абаза жәлар иаадырԥшыз агәыбылреи адгылареи ишдыршаҳаҭуа Аԥсни Шьамтәылеи реиҩызара аӷәӷәара.

Мусса Егзакьи Башар Аль-Џьаафари реиԥылара ишьақәнарӷәӷәоит жәларбжьаратәи аизыразра аҵак ду шамоу, ажәларқәа русеицуреи, реицхыраареи азҵаараҿы адипломатиа аҭыԥ ҷыда шаанакыло.  

Иахьа ҳазну адунеи аилибакаараҿы апроблема дуқәа азаанханы излаҟоу ала, ажәларқәа рыбжьара аиқәшаҳаҭреи, аиҩызареи, аешьареи ралаҳәара агәыӷра унаҭоит ауаҩреи арыцҳашьареи знымзар-зны аҳра рыманы иҟалап ҳәа, урҭ иреиҳау даҽак шыҟамгьы угәаланаршәоит. 

Аиԥылара иалахәын Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Мадина Аҩӡԥҳаи, АААК ахантәаҩы иаппаратә напхгара азҭо, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниеи. 

АААК анапхгара иҭабуп ҳәа иарҳәоит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа, иара убас Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩ, адипломат Мадина Аҩӡԥҳа, абас зыҩаӡара ҳараку аиԥылара аиҿкаараҿы иҟарҵаз ацхырааразы. 

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Мусса Егзакьи Башар Аль-Џьаафари агәаларшагатә ҳамҭақәа еимырдеит.