АААК акорреспондент ажәытәтәи ашәуа қыҭа Гәым даҭааит аҵлақәа реиҭаҳара анымҩаԥысуаз аҽны, лыблалагьы илбеит ақыҭа аиҭаиара ишаҿу.
Асҭанда Арӡынԥҳа
Гәымлоуқыҭ шьҭоуп Ҟарачы-Черқьесиа аӡиас Гәым аҿықәан. Ари ақыҭан инхоит х-нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра. Ари ақыҭа егьырҭ ашәуа қыҭақәа акырӡа ирцәыхароуп, аҳҭнықалақь Черқьесски иареи 53 километра рыбжьоуп, ақалақь-курорт Кисловодски иареи 44 километра рыбжьоуп.
Аус бзиа
Ақыҭа агәҭаны иҟоу аспорттә комплекс ашҭаҿы ашьыжь инаркны ауаа рацәа еизо иалагеит. Ақыҭауааи ауаажәларратә еиҿкаара «Алашара» ахаҭарнакцәеи иахьа араҟа ақақаԥсаӡ аҵла қәыԥшқәа еиҭарҳауеит. Зынӡа иҟоуп 40 ҵла. Усда аӡәгьы днымхеит: аҿарацәа рнапы ианырҵеит амашьына иаанагаз адгьыл ԥсыла аҭыгара, аҭыԥҳацәа ақақаԥсаӡ ҟатақәа еиҭарҳауеит, ахацәа рбаҳақәа кны адгьыл ақәрыԥсоит, нас ирҟуеит.
Гәымлоуқыҭ имҩаԥысуа ари аекологиатә акциа – «Алашара» имҩаԥнаго апроект «Уҵла еиҭаҳа» иахәҭакуп. Апроект аԥҵаҩцәа ражәақәа рыла, иара азынархоуп ақыҭа ауааԥсыра аԥсабара ахӡыӡаара разхьарԥшра.
«Ҳара ауаа ҳрыцхраар ҳҭахуп изакәызаалак акы аҟаҵараҿы, рыкәша-мыкәша аԥшӡара аԥҵараҿы. Уи уадаҩӡам, алагароуп иаҭаху. Ас еиԥш иҟоу аусқәа иуларааӡоит аԥсабара пату ақәҵарала азнеишьа, ахӡыӡаара, аԥсадгьыл абзиабара», – ҳәа азгәалҭеит «Алашара» ахаҭарнак Мадина Егзакь.
Аӡы хаҭа аведра хәмаргақәа рҟынтә
Иажәа духом ақақаԥсаӡқәа реиҭаҳара Гәымаа зегьы алахәын ҳҳәар. Аиашазы, хәыҷгьы-дугьы аус рнапы алакын, ахәыҷӡақәагьы уахь иналаҵаны. Аҭыԥантәи ахәыҷбаҳча ааӡамҭацәагьы ари акциа рхы аладырхәырц иааит «рмыругақәа» рыманы – ахәмарга ведрақәеи аҳәҳәагақәеи кны. Ахәыҷқәа аиҭаҳатәқәа адгьыл рывҵарыԥсон, нас аӡы рыҵарҭәон.
Ахәыҷбаҳча аиҳабы Ирина Чыҟәа иазгәалҭоит, ахәыҷқәа рзы ари акциа алахәра – хҭыс дууп ҳәа.
«Дара еилыркаауеит абас ала аус бзиа шыҟарҵо. Иҟалап, аҩны ианнеилакгьы рҭаацәа ирарҳәар: шәааи аҵла еиҭаҳҳап ҳәа. Ус ишнеиуа, абаҳчақәеи апаркқәеи еиҭарҳалап. Ирдырлоит, урҭ ишреиҷаҳалатәу, ишрыхӡыӡаалатәу, абри аҵла шыхәыҷу аиҭаҳарала аԥсҭазаара шарҭаз», – лҳәеит ахәыҷбаҳча аиҳабы.
Аспорт аҿы ақәҿиарақәа
Аҿар абаҩрҵәыреи аспорти бзи ирбо, игәызҩыдоу аԥсҭазаашьа аныҟәгара рҭахны рааӡароуп ииашоу, ус иахәҭоуп ҳәа рыԥхьаӡоит ақыҭауаа. Уи аршаҳаҭуеит ара иргылоу афункциа рацәа ныҟәызго аспорттә комплекс. Атехнологиа ҿыцқәа рыла еиқәыршәоу Аспорт ахан – ари ақыҭа иалҵыз, Аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара ацхырааразы Жәларбжьаратәи аилазаара «Алашара» ахада, еицырдыруа Мусса Егзакь иҳамҭоуп.
Акомплекс аргылара алыршахеит аҭыԥантәи амчрақәа рыцхыраарала. 2018 шықәса жәабранмзазы аспорт ахан аартраан Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика ахада Рашид Темрезов Мусса Егзакь ианаишьеит иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы».
Уи аахыс ари аспорттә комплекс – ақыҭауаа лымкаала изхыҽхәо ак акәны иҟоуп. Араҟа имҩаԥысуеит еиуеиԥшым ахырхарҭақа рыла аҽазыҟаҵарақәа: абокс, акарате, зхы иоужьу аиқәԥара. Иҟоуп ахореографиатә, абаҩрҵәыратә залқәа. Азыҟаҵаҩцәас аҭыԥантәиқәа реиԥш ааԥхьара зырҭаз аспециалистцәагьы ыҟоуп. Иаҳҳәап, абокс азыҟаҵаҩ дааит Санкт-Петербургынтәи, аус иуеит контрактла, иааӡамҭацәа абокс азы ареспубликатә еицлабрақәа рахь ргара далагахьеит.
Гәымлоуқыҭ аҷыдарақәа
Ари ақыҭа иқәынхоит ҭаԥанҭаа, урҭ ашәуа бызшәа шьаҭас иазыҟоу гәымтәи ацәажәашьа рымоуп. Ҭаԥанҭаа «шәышәуеит» рҳәоит, убри алагьы рцәажәашьа аҷыдарақәа азгәаҭауа.
Ажәлар рҳәамҭақәа рыла, ари ақыҭа иаланхо рабдуцәа анкьатәи аамҭақәа рзы Ԥсҳәы иқәҵыз роуп: урҭ акырџьара итәон, аха аҵыхәтәан абри аҭыԥ алырхит.
Гәымлоуқыҭ ахьӡ еиҿыршәшәаны уахәаԥшуазар иуанаҳәоит – Гәым аӡиас аҿықәан ишьҭоу Лоуаа рқыҭа шакәу. Лоуаа ашәуа ҭауадцәа рыжәлоуп. Асовет аамҭазы, 1925 шықәсазы ақыҭа ахьӡ ԥсахны «Красный Восток» ҳәа ахьӡырҵеит, аҭауадцәа рыжәла аӡбахә аанымхарц азы. 2004 шықәсазы Гәымлоуқыҭ ақыҭа астатус аиуит
Ренессанс, мамзаргьы Гәымлоуқыҭ аиҭаира
Аинтерес зцу фактуп, акыр ихароу ари ақыҭаҿы лассы-лассы аԥсшьаҩцәа ахьуԥыло. Акыс, араҟа иҟоуп анарзантә ӡы ҵәыҵәқәа, иҩбахаз – ақыҭа маншәаланы ишьҭоуп: ақалақьқәа Черқьесски Кисловодски еимаздо афедералтә трасса иавакны. Ақыҭа агәаны иҟоу апарк – аҿар бзиа ибаны иахьеизо ҭыԥуп, араҟа иааиуеит ихәшәу аӡы згарц иааиуа аԥсшьаҩцәагьы.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ақыҭа есааира идырҿиоит: еиҭаҳауп апарк, иргылоуп аспорттә комплекс, уажәшьҭарнахыс иҟазаауеит аҵла ԥшӡақәа рыла инагоу аллеиа иаҵәагьы. Арҭ арҿыцрақәа зегь гәазҭо дреиуоуп Гәымлоуқыт инхо, ареспубликаҿы еицырдыруа ашәуа журналист Рубин Бидов, иаргьы далахәын аекологиатә акциа. АААК акорреспондент даниацәажәоз, Бидов иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы ақыҭа иааубаратәы ишыҿиаз, ишыԥшӡахаз, еиҳаракгьы ауаажәларратә ашәуа еиҿкаарақәа рыбзоурала.
«Ауаа рхы агәра рго иалагеит, оптимизмра рызцәырҵит. Аха уи аиҳагьы ихадароу – ҳусурала егьырҭ ақыҭақәагьы аҿырԥшы бзиа раҳҭоит», – ҳәа иҳәеит Бидов.
Уигьы, егьигьы, ҳәарада, уеигәырӷьартә иҟоуп. Ҿыӷәӷәала иуҳәар улшоит, Гәымлоуқыҭ иахьа аиҭаира амҩа иануп ҳәа, ус анакәха Ҟарачы-Черқьессиатәи ашәуа қыҭақәа зегь реиҳа улаҿы иааиуа акәны иҟаларц азы алшара бзиақәа амоуп.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.