Нанҳәа 15 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Ахатәгәаԥхарауаҩ имш. Ари амш рызкуп – Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала ҳажәлар ирывагыланы аӷа иабашьыз афырхацәа. Абри арыцхә инақәыршәаны АААК аинфопортал иазнархиеит аветеранцәа-ахатәгәаԥхарауаа ирызку ҭоурыхқәак.

Асҭанда Арӡынԥҳа

1992 шықәса, нанҳәа 14 рзы ақырҭуа ир Аԥсны иалалеит: абас иалагеит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра. Адырҩаҽныҟҵәҟьа Аԥсныҟа иаауеит Кавказтәи ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа (КАЖәР) аҽыхьчаратә еилакы аиҳабы Султан Сосналиев напхгара ззиуаз раԥхьатәи ахатәгәаԥхарауаа ргәыԥ. Урҭ неиуеит аԥсуаа рнапаҿы инханы иҟаз Ӷәдоуҭа ақалақь ахь, Аԥсны егьырахь аӷа дахаԥахьан.

Аԥсуа жәлар зынӡа ишазаԥшымыз ауп аибашьра шалагаз. Ҳәара аҭахума, ахатәгәаԥхарауаа раара – уи аамҭазы ашьақәгылара иаҿыз аԥсуа ар рзы игәышьҭхыгаз хҭысны иҟалеит.

Нанҳәа 15 рзы Аԥсныҟа иааз Сосналиев игәыԥ – зегьы злалагаз раԥхьатәи шьаҿан. Убри аҳаҭыразоуп ари амш – Ахатәгәаԥхарауаҩ имшны Аԥсны изазгәарҭогьы.

Нанҳәа 18 рзы Грозныи имҩаԥысуеит КАЖәР апарламент асессиа ҷыда, уаҟа иӡбан Аԥсны ахьчараз игылаз аибашьцәа ганрацәалатәи ацхыраара рыҭара. Анаҩс Нхыҵ-Кавказ, Аладатәи Урыстәыла, аԥсуа диаспора ахьынхо атәылақәа – Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Шьамтәыла, Канада уҳәа убас егьырҭ рҟынтә ахатәгәаԥхарауаа аауа иалагеит.

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан, згәы аҿыҭра иақәныҟәаны, рашьцәа ирывагыланы гәышԥыла аӷа иҿагылаз зегьы ирымоуп рахтә ҭоурыхқәа. Аха дара зегь еицырзеиԥшыз, еидызкылоз ҟазшьақәан аамсҭашәара, агәымшәара, агәаӷьра, зыԥсадгьыл ахақәиҭразы хамеигӡарала еибашьуаз аԥсуа жәлар рыцхырааразы агәазыҳәара.

Ҳалдун

Аветеран-хатәгәаԥхарауаҩ Ҳалдун Леиба Иорданиантәи дааит. Аибашьра раԥхьатәи амшқәа наунагӡа игәалашәараҿы инхеит.

«Аԥсныи Урыстәылеи рҳәаа ахысра ҳахьӡеит, уи ақырҭқәа рнапаҿы иааргаанӡа. Анаҩс излеилаҳкааза ала, ақырҭқәа аҳәаа аҟынӡа рнеира ҩажәаҟа минуҭ ракәын иагыз: ҩба-хԥа километр ҳнеихьан еиԥш, амҩаҿы иаҳԥылоит Ԥсоуҟа зхы рхаз ақырҭуа ир. Ҳааныркылеит, ҳгәарҭеит… Абџьарс иҳамаз ҳәа уамак акгьы ыҟамызт. Исыцыз аҳәызба сҵәахит. Султан Сосналиев иман ашәҟәы, уи излаҳәоз ала – еицу зегьы ашьапылампыласратә гәыԥ ҳалан, Аԥсныҟа ҳаарагьы уи ишадҳәалоу аршаҳаҭуан. Инҳахәаԥш-ааҳахәаԥшын ҳаруыжьит», – игәалаиршәоит Ҳалдун.

1992 шықәсазы Ҳалдун 31 шықәса ихыҵуан. Убасҟан ауп раԥхьаӡа акәны иабдуцәа рыԥсадгьыл данаҭаа. Ҟабарда-Балкариа, Нальчик ақалақь аҟны Ҳалдун ҭыԥҳа ссирк дибоит, анаҩс уи ԥҳәысс дигарцгьы иақәикуеит.

«Иорданиа инхо аԥсуаа ҟабарда бызшәалоуп ишцәажәо, избан акәзар адыгақәа (хылҵшьҭрала аԥсуаа ирзааигәоу, мрагыларатәи Кавказ инхо ажәларқәа иааизакны адыгақәа ҳәа ирышьҭоуп – аред.) уаҟа еиҳа ирацәаҩуп. Адыга ҭыԥҳацәагьы роуп ԥҳәысс иаарго. Аҭаацәаарақәа еилаԥсоуп азы аԥсуа бызшәа маҷ-маҷ иацәхьаҵуа иалагеит. Исаҳахьан абыргцәа ԥсышәала ишцәажәалоз, аха еилыскаауаз ҳәа егьыҟамызт», – еиҭеиҳәоит Ҳалдун.

Аԥсшәеи аурысшәеи зынӡа иззымдыруаз, аха ибзиаӡаны аҟабарда бызшәала ицәажәоз, хылҵшьҭрала иԥсыуаз Ҳалдун иӡбоит, нхарҭа ҭыԥс Аԥсны акәымкәан Ҟабарда-Балариа алхра.

Аха, ишырҳәо еиԥш, улахь иану узацәцом. Хара имгакәа иҵысыз ахҭысқәа арԥыс иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь днаргоит.

«Иҳәаны исымаз аҭыԥҳаи сареи атеатр аҿы ҳаҟан. Ицоз ақәыргыламҭа аанкыланы, асцена аҟынтә Аԥсны иақәлеит ҳәа иҳаларҳәеит. Азал аҟны «Аԥсны еиқәырхатәуп!» ҳәа абжьқәа аагеит. Убри аухаҵәҟьа Сосналиев дызхагылаз раԥхьатәи ахатәгәаԥхарауаа ргәыԥ сацны автобусла Аԥсныҟа амҩа санын. Иҳәаны исымаз аҭыԥҳа уи аҽны нахыс уаҳа дсымбеит», – ҳәа игәалаиршәоит Ҳалдун.

Аԥсны данааи, Ҳалдун дақәшәоит Ҟабарда-Балкариантәи ахатәгәаԥхарауаҩ Ибрагим Иаган (Аԥсны Афырхаҵа – аред.) игәыԥ. Ҳалдун дрылахәын аԥсуа ар имҩаԥнагоз ихадоу ажәыларатә операциақәа зегьы. Абџьар ахархәашьа бзиаӡаны идыруан, уи иҵеит Иорданиа аррамаҵура данахысуаз аамҭазы.

«Уа, Иорданиа, абџьаркышьа – хымԥада иудырша акы акәны иҟоуп, уаҟа ес-ҩышықәса аибашьра хацыркхоит уҳәар ҟалоит. Аԥсны акәзар, уи даҽакуп. Ара курортуп, ачыс хаақәа, аҭыԥҳацәа... Аԥсуа аибашьышьа рыздырӡомызт, иагьырҭахымызт. Аԥсуаа агрессиа злоу жәларӡам. Саргьы ауаа сшьуеит ҳәа акәӡам сзааз, аӷацәа иқәырхырц ргәы иҭаз сыжәлари сыԥсадгьыли рыхьчаразоуп сзааз. Уи оуп зегьы ирхадоу, уи оуп сара схазы издыруа», – иҳәоит Ҳалдун.

Иара агәра ганы дыҟоуп сфырхаҵахандаз ҳәа аибашьара дшалахәымыз. Насгьы, арԥарацәа лассы-лассы ишрыхьуа еиԥш, иаалырҟьаны изааиз ӡбарангьы иҟамлаӡеит. Уи, сара исыӡбаз акоуп ҳәагьы узҳәаӡом, иазгәеиҭоит Ҳалдун, уи – иреиҳаӡоу амчқәа ирыӡбамҭоуп. Усҟан доусы ишизеиӷьхаша ҳәа уаҩ дазхәыцуамызт, «аҭагылазаашьа иаҳәоз, иахәҭаз» акәын иҟаҳҵоз.

«Зегь реиҳа исцәымӷын аснаипер иаԥыхразы адҵа ансырҭоз. Аснаиперцәа реихсра – уаҩшьроуп. Дубоит, нас дкылкааны, иқәкны ухысроуп. Сара еиҳарак агранатаршәга акәын искыз – «абџьар еиқәаҵәа». «Аиқәаҵәа» ҳәа изашьҭоу жәдыруоу? Иршьхьаз аӡә иабџьар акәын азы. Сара ажәабатәиин убри агранатаршәга захь ииасыз», – еиҭеиҳәоит Ҳалдун.

Аибашьра анеилгалак ашьҭахь еиҳараҩык аибашьцәа ргәалашәараҟны инхо аиааира, ма изҭаркыз амацәаз аҟнытә рхала ацара шрылшаз, ма аидысларақәа рхаҭақәа ракәӡам. Еиҳараӡак иргәалашәо иҭахаз рҩызцәа роуп.

Убас оуп Ҳалдунгьы: «Аибашьраҟны анышә иасҭеит 35-ҩык сҩызцәа. Сара, ҳқьабыз ишаҳәо ала, урҭ зегь кәабаны аҵыхәтәантәи рымҩа ианысҵеит. 35-ҩык. Зегьы рхы-рҿқәа сгәалашәоит».

Риад

Зыӡбахә ҳамоу, Ибрагим Иаган хадара ззиуаз агәыԥ аҟны деибашьуан Шьамтәылатәи ахатәгәаԥхарауаҩ Риад Арыҩҭаагьы.

Аԥсныҟа иара даауеит иашьа гәакьа Фарид дицны. Аибашьра зегь дара еицын, 1993 шықәса, хәажәкырамзазы иашьа Мрагыларатәи афронт аҿы дҭахаанӡа. Анышә дамардеит Тҟәарчал.

«Сашьа иҭахара ашьҭахь сара Шьамтәылаҟа сцеит, сани саби збарц, ргәы сырӷәӷәарц. Ахынҳәра аамҭа анааи, урҭ сныркыларц иалагеит. Рԥацәа руаӡәы дырцәыӡхьан, иаанхазгьы дырцәыӡыр ҳәа ишәон. Аха аӡәгьы сизымӡырҩит, сҽааидкыланы сцеит».

Риад игәалашәоит жәаба иреиҵамкәа итрагикомеидиоу ахҭысқәа. Ишдыру еиԥш, аибашьраҿы ауаа рыԥсҭазаара аангылом, алафҳәарагьы иаҟәыҵуам. Иҟоуп ауаа рыԥсы еиқәзырхаз «имашәырымыз амашәыршақәқәа» ирызку хҭысқәакгьы.

Зегьы ирдыруеит Тамшьтәи адесант аӡбахә (1993 шықәса, ԥхынгәымза 1-2 руха қәҿиарала имҩаԥысыз аоперациа: абаржа аҟынтә Тамшь ақыҭан амшынтә десант ӡхыҵын, Мрагыларатәи афронт иадлеит – аред.). Уи, ҳәарада, қәҿиара дуун. Аха, уи аԥхьаҟагьы адесант Очамчыра аӡхыҵразы аҽазышәара ҟанаҵахьан. Уи атәы аветеран абас еиԥш еиҭеиҳәоит.

«Гәдоуҭатәи асқьалаҟынтә ақалақь ауааԥсыра зегьы ҳнаскьаргон. Аҳәсақәа ҵәыуон, ахәыҷқәа рнапқәа ҳзырҟьон… Ари закә десантузеи? Шәачаҟа аӡәы аҭел даасыр, аӷа иаразнак ала еиликаауан ҳгәы иҭаҳкыз. Ус шакәызгьы амшын ҳхылеит. Аха абар, ҳбаржа ааихәлацәан, аӡааҟәрылара иалагеит. Иааҳакәыршаны мшынуп иҟоу, аҟәара ҳбаӡом. Аҩнуҵҟагьы хар амамкәа аӡы ҭалеит. Аҵыхәтәан излауала иҳалшеит Гәдоуҭаҟа ахынҳәра. Усҟан аӡәы ус иҳәеит: «Сара издыруан амшын ҳзамгоз, избан акәзар Риади Фариди – ԥсылман цқьақәоуп, урҭ Хыхь иҟоу иҭаирхомызт, ирыцҳаишьон» ҳәа. Очымчыра иаҳԥылараны иҟаз аҷкәынцәа ҭахеит: аӷа амацәыз иҭаикын, зегьы ршьит».

Иахьазы Риад дынхоит Аҟәа, бжьышықәсаҟа ҵуеит нхара ҳәа арахь дааижьҭеи. Иԥшәмаԥҳәыси иареи хҩык ахшара рааӡоит.

Шьамтәыла, Риад иҭаацәара нхон Израиль аҳәаа азааигәара, Голонтәи аҳаракырақәа ҳәа иахьашьҭоу. Иҟан аамҭақәак, убраҟа адыга қыҭақәа 14 аныҟазгьы, аха иахьазы урҭ рыҟнытә ҳпа роуп инхаз. Шьамтәылеи Израили реибашьра иахҟьаны аҭыԥантәи ауааԥсыра рыҩнқәа ныжьны ицеит, еиҳарак Дамаск ақалақь ахь ииасит. Аха аибашьра Дамаск аҟынӡагьы инеит.

«2012 шықәсазы сҭаацәара Дамаск иалганы Аҟәаҟа иаазгеит, – еиҭеиҳәоит Риад. – Аҳәыҷқәа ирласны аҭыԥ ҿыц иашьцылеит. Сыҷкәын уи ашықәс азы ашкол далгон. Апрограмма иԥсахыр акәхеит, аха дшыхәыҷыз аахыс аурысшәа бзианы иахьидыруаз абзоурала, Аҟәатәи ашкол аҿы зҵара ицәыцәгьахаз ҳәа акгьы ҟамлеит».

Заур

Ашәуа Заур Ӡыгәа 1992 шықәсазы 25 шықәса ихыҵуан. Уи аамҭазы иара далгахьан амашьынамҩатә ҵараиурҭа, асовет арраҟны амаҵура дахысхьан, Ҟарачытәи апедагогикатә институт аҟны, «абаҩрҵәыра арҵаҩы» изанааҭ ала иҵара хиркәшахьан. Ԥхьаҟа иҭынчыз аԥстазаара изыԥшызар акәын. Ихаҿгьы изаагомызт хаҭала аибашьра амца далагылоит ҳәа.

«Аибашьра аӡәгьы иазгәаҭаны имаӡам…уи аԥшьызгаз рыда. Зхы аҭыԥ аҿы иҟоу ауаа аибашьра зынӡа иазхәыцӡом», – иҳәоит Заур.

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра игәыҿкаагахаз, зынӡа иззыԥшымыз акы акәны ирзыҟалеит Заур иқыҭауаа зегьы. Нанҳәа 14 рзы, Аԥсны аибашьра аналага аҽны, Ҟарачы-Черқьессиа иҟоу Заур иқыҭа гәакьа Хәыжә Ду акультура Ахан аҟны еизеит ақыҭауаа зегьы. Ауаа рыгәқәа ԥыжәжәо ааԥхьарақәа шыҟарҵоз игәалашәоит ахатәгәаԥхарауаҩ.

Иаарласны, ахацәа ргәыԥ далаланы Заур иҽазикуеит аԥсуа жәлар рзы агуманитартә цхыраара аидкылара. Ауаа ирылшоз наргон: афатә-ажәтә, аԥара, аҭаҭын.

1992 шықәсазы (жьҭаарамза) Гагра ахы ианақәиҭтәха ашьҭахь, ҩымш ҳәа ҞЧА даҭаауеит Аԥсны еибашьуаз Муҳаммед Кьылба (Аԥсны Афырхаҵа, иахьазы – Аԥсны Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ – аред.). Аԥсныҟа иара дхынҳәуеит ахатәгәаԥхарауаа гәыԥҩык ицны, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Заур Ӡыгәагьы.

«Сагьазымхәыцкәа, иаразнакала исыӡбеит Аԥсныҟа ацара. Аҩны аӡәгьы акгьы издыруамызт. Усҟан сани саби рыԥсы ҭан, сыҷкәын хәыҷы шықәсык ихыҵхьан. Ари аӡбара аӡәгьы идсымгалеит, даласмырцәажәеит», – иҳәоит Заур, инацҵангьы иазгәеиҭоит: «Акомабтс дҳаман, иахьагьы дҳамоуп – Муҳаммед Кьылба. Апрофессионалтә аруаҩ, Асовет Еидгыла арратә структурақәа рҿы акыршықәсатәи аԥышәа зырҳахьаз, иус бзиаӡаны идыруан, қәрала дҳаиҳабын, аҷкәынцәа зегьы иара идҵаҟаҵара рыдыркылеит. Аибашьраҿы, ҳазшаз Анцәа ишьҭахь, ҳара ҳзы Муҳаммед иакәын иҟаз. Зыԥсқәа еиқәирхаз даара ирацәаҩуп».

Ҟарачы-Черқьессиантәи Аԥсны ахақәиҭтәразы аибашьра рхы аладархәит 119-ҩык ахатәгәаԥхарауаа, урҭ рыҟнытә 13-ҩык ҭахеит. Афырхацәа ргәалашәара иазкны, рҭаацәарақәагьы ацхыраара рыҭаразы, Черқьесск иаԥҵан Аԥсуа хатәгәаԥхарауаа реидгыла. Аамҭак азы Заур Ӡыгәа Аидгыла напхгара азиуан.

Иара ицхыраарала 2016 шықәсазы Черқьесск иаартын Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз ахатәгәаԥхарауаа рбаҟа. Амонумент ргылоуп Аиааира апарк аҿы, Ахьӡ-Аԥша Аллеиа аҟны, афгантәи-аибашьцәа рбаҟа азааигәара.

Х-метрак аҩаӡара змоу аграниттә хаҳә иқәыргылоуп ахаҳәҟьаԥс еиқәаҵәа, уаҟа инауп иҭахаз зегьы рыхьыӡқәа.

Ари аҩбатәи баҟоуп аԥсуа-хатәгәаԥхарауаа ирызкны Урыстәыла иргылоу: раԥхьатәи ргылоуп Ҟабарда-Балкариа, Нальчик ақалақь.

Ахатәгәаԥхарауаа рфырхаҵара наунагӡа хьӡи-ԥшеи ацзаауеит

Еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә Аԥсны аибашьра иалахәын ҩ-нызқьҩык инареиҳаны ахатәгәаԥхарауаа. Урҭ рҟынтә 51-ҩык ирыхҵоуп «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳаракы. 247-ҩык иранашьоуп Леон иорден, 623 – «Агәымшәаразы» амедал. 260-ҩык инареиҳаны ахатәгәаԥхарауаа ҭахеит. Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа, аибашьра ашықәсқәа раан КАЖәР аштаб ахьыҟаз ахыбра аҿаԥхьа игылоуп ахатәгәаԥхарауаа ргәалашәара иазку астела.

Амемориал авторцәас иамоуп асахьаҭыхыҩцәа Баҭал Џьапуеи, Ҭемыр Ҟаиҭани, Беслан Багаҭелиеи. Астелаҟны иаарԥшуп ауарба – ахақәиҭра асимвол, уи арымарахьтәи амҵәыжәҩа иаҵакуп аԥсуа бираҟ, арыӷьарахьтәи амҵәыжәҩа иаҵакуп – Аконфедерациа абираҟ.

Ари амемориал аԥсуа хатәгәаԥхарауаа иаадырԥшыз ахаҵареи агәамчи наунагӡа ргәалашәара шаҳуалу иасимволуп.