23090

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аԥшьгарала еиҿкааз Санкт-Петербург инхо аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа реиԥылара раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит амҽыша, абҵара 11 рзы.

Санкт-Петербург инхо аԥсуааи ашәуааи абҵара 11 рзы еиԥылеит, еибабарц, иаҳа ибзианы еибадырырц, анаҩсгьы иааигәаны еиҿцааларц азы. Абас еиԥш зымҽхак дуны имҩаԥысуа раԥхьатәи еиԥыларан ари. Аиԥылара иалахәын 120-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра.

Абри атәы еиҳа инарҭбааны>>

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы ицхырааҩ Кан Ҭаниа еизаз ирзеиҭеиҳәеит аиԥылара хықәкы хадас ишамоу – Санкт Петербург инхо аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа реибадырреи, аимадара рыбжьаҵареи. Кан Ҭаниа иазгәеиҭеит ари ахықәкы шынагӡоу, ишазгәаҭоу анаҩстәи аимадареи аиҿкаара ҿыцқәа раԥҵареи рзы агәҭакқәа.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз аконцерт аҟны иқәгылеит Санкт-Петербург инхо аԥсуа-абаза артистцәа, аратәи адыга кәашаратә ансамбль «Нарҭ».