Аԥсны аԥсабара – иреиҳаӡоу беиараны иԥхьаӡоуп, иара блахкыоуп. Хкырацәала еиларсу, ԥшшәыс, гьамас, бжьыс иааҟоу зегь рыла иҭәу, лакәҵас иҟоу ари аԥсабара знык иадымхаргьы зыблала избахьоу игәы иҭҵәом. Аԥсны аԥсабара аԥшӡара аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш иаҭаауа асасцәагьы аргәырӷьоит.

Агеографиа

Аԥсны Аахыҵ Кавказ аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭаҟны ишьҭоуп аӡиасқәа Ԥсоуи Егри рыбжьара, алада-мраҭашәарахьала Амшын Еиқәа иаҿықәуп. Аҟәара аура 210 километра инаӡоит. Аҩадахьала Аԥсны Урыстәыла идуп, алада-мрагыларахьала – Қырҭтәыла.

Кавказтәи ашьхеибаркыра хада аҿыгақәа Аԥсны аҵакырадгьыл аиҳарак ааныркылоит (75% инарзынаԥшуа). Аҩадахьала Аԥсны ҳәаас иамоу ашьха ҿыгақәа ирыхьӡуп Гагратәи, Бзыԥтәи, Аԥсуа, Кәыдрытәи. Кавказтәи ашьхеибаркыра аҟынтә Аԥсныҟа уааргоит акаҵәарақәа Клыхәратәи (2781 метра), Марыхәтәи (2739 метра).

Алада-мрагыларантә Аԥсны иҭалоит есааира аҽарҭшәо Ҟалӷьҭатәи арха. Иара каршәуп амшын аҿықә иамариашаны Кәыдры аӡиас аҩада-мраҭашәара иҩахыкны. Ашьхеи амшыни рыбжьара ашьхарԥқәа еизыхәхәа ицоит.  

Аԥсны аӡиасқәа рацәак иауӡам, дара зегьы Амшын Еиқәа иалалоит. Реиҳа идуу ӡиасқәоуп Кәыдры, Бзыԥ, Кьалашәыр, Гәымсҭа. Адунеи аҿы зегь реиҳа икьаҿу аӡиасгьы Аԥсноуп иахьыҟоу, Репруа ахьӡуп, Гагра араион аҿы илеиуеит. Уи аура 18 метра заҵәык инаӡоит.

Аҳауа

Аԥсны амшыни ашьхақәеи рыбжьара иахьышьҭоу аҳауа аҭагылазаашьагьы ианыруеит. Амшын аҿықәан аҳауа цәаакуп, исубтропикатәуп. Ашықәсан абжьаратә ҳауаԥхарра +15°C иеиҵаӡам.

Ашәаԥыџьаԥ

Аԥсны аҵиаа хкқәа 3500 цыра ыҟоуп. Урҭ рахьтә  180 – ачықьрақәеи аҵлақәеи роуп, егьырҭ зегь ишьацтәу ҵиаақәоуп. Инықәырԥшны 400 ҵиаа раҟара Кавказ иахьаҵанакуа мацара изызҳауа роуп, 100 – ендемикқәоуп, уи иаанаго Аԥсны заҵәык ауп иахьуԥыло. Аԥсны аҵакырадыгьыл абжеиҳарак абнарала ихҟьоуп. Пицунда иуԥылоит иреликттәу пицундатәи амзаҵлақәа, ари аҭыԥ амзара ҳәа иашьҭоуп.

Аԥсны аҵакырадгьыл ахәҭа дук шьхароуп, убри аҟнытә аԥсшьаҩцәа зҭаауа аԥшӡарҭа ҭыԥқәа реиҳаракгьы ахьыҟоу ашьхақәа рҿоуп – иаҳҳәап аӡиақәа Риҵеи Амҭҟьали. Акиносахьақәа акымкәа-ҩбамкәа иахьҭырххьоу Гегатәи аӡхыҽҽа даараӡа иблахкыгоуп, уахь анеирагьы мариам, аха ус шакәугьы аҭааҩцәа агхом.  Гагра араион аҟны, Гагра ақалақь иацәыхарамкәа иҟоуп адунеи аҿы зегь реиҳа иҵаулоу аҳаԥы – Крубера-Ворониа. Уи аҵаулара 2080 метра ыҟоуп. Гагра ахахьы, агаҿа 6 километрак инацәыхараны иҟоуп аҳаракыра ԥшӡа Мамзышьхагьы.   

Афауна

Аԥстәқәа рахьтә Аԥсны абнарақәа рҿы иуԥылоит амшә, абынҳәа, аԥыҭҳәа, аҽацә, ашьабсҭа, ашьхарахь – ақәасаб, кавказтәи ашьхашәишәи, акаԥкаԥ, алаҟәырақәа рҿы – абгалаџ. Аӡиасқәеи аӡиақәеи ирҭоуп акалмаҳа, амлагәыр, апҟыш, абыбсыӡыш уҳәа егьырҭ аԥсыӡ хкқәа.

Аҳәырԥсаррақәа

Аԥсны иҟоуп ахылаԥшра ҷыда змоу аԥсабаратә ҳәырԥсаррақәа хԥа, дара зегь ааицуҵар атәыла аҵакыра 10% дыртәоит. Урҭ ахԥа рҟынтә акы мацара амшын иаҿықәуп – Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра, иара иаҵанакуеит 3,761 нызқь гектар, иаԥҵан 1985 шықәсазы. Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк 39 нызқь  гектар инарзынаԥшуа адгьыл амҽханакуеит, ари аҳәырԥсарра Кавказтәи ашьхеибаркыра хада аладатәи анаараҿ иҟоуп, иаԥҵан 1996 шықәсазы, уаанӡа 1930 шықәсазы ишьаҭаркыз Риҵатәи аҳәырԥсарра ашьаҭала. Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсарра 40,018 нызқь гектар зымҽхазкуа Аԥсны ашьхара агәҭаҵәҟьа ишьҭоуп, уи аҭоурых абас иҟоуп – 1946 шықәсазы Гәымсҭатәи ахәҭа ҳәырԥсаррахеит, анаҩс – Шәҟәырчеи Ԥсҳәы абнареи. Аԥсны аҳәырԥсаррақәа рҟны иуԥыло аҵиаақәеи аԥстәқәеи реиҳарак Ашәҟәы ҟаԥшь иану роуп.

Аблахкыгарҭақәа

Афон ҿыц иҟоуп адунеи аҿы иреиҳаӡақәоу ирхыԥхьаӡалоу Афонҿыцтәи аҳаԥы, уи Аԥсара ашьха иагәылоуп. Аҳаԥы аҩнуҵҟа иубар улшоит аҳашҳакнаҳақәеи аҳашҳашьаҟақәеи, иара убас аҳаԥы иамоуп 100 метра ԥшьыркцак зхышәа-ҵышәара ыҟоу аӡиа блахкыга.

Ақыҭақәа Арсаули (Приморское) Кындыӷи иҟоуп аминералқәа рацәаӡаны излоу аӡыршыҵхәраақәа, дара аԥсабаратә ӡыршә аҳасабала адгьыл иҵыҵуеит.

Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа иҟоуп хьӡи-ԥшеи згым Аботаникатә баҳча, 1838 шықәсазы зышьаҭа кыз, уаҟа ирызҳауеит иуникалтәу аҵиаақәеи аҵлақәеи. Ари аҭыԥ иацәыхарамкәа игылоуп Аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститут иатәу Амаамынқәа рааӡарҭа.

Аԥсны реиҳа иԥшӡоу аԥсабаратә блахкыгарҭақәа рахь иаҵанакуеит аӡиақәа Риҵа, Риҵа хәыҷы, Мзы, Амҭҟьал, Адәыҩада, Аӡиа иаҵәа; аӡхыҽҽақәа «Аӡӷаб лылаӷырӡқәа», Гега, Шьаҟәраан; аҩхааҭшәақәа Ҩԥсара, Ҳашԥсы; Афонҿыцтәи аҳаԥы, Абраскьыл иҳаԥы.