Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рзы аинтеллектуалтә викторина рхы аладырхәит акомандақәа быжьба.

Селма Базԥҳа

Авикторина «Абаза», Аԥсны аҭоурыхи акультуреи ирызку, аздырхиеит иагьымҩаԥыргеит АААК аҿари абаҩырҵәыреи рыҿиаразы аҟәшеи аинтеллектуал-рҿиаратә клуб «Диуна» алахәылацәеи.

Авикторина алахәылацәа ирырҭон азҵаарақәа Аԥсны аҭоурых, атрадициатә ашәақәеи акәашарақәеи, амилаҭтә чыс, жәлар рҟазара, архитектура ирызкны. Ирыдыргалон азҵаарақәа, зҭакқәа ҟарҵарц азы  Тевфик Есенче,  Кериман Ебжьноуԥҳа, Нарҭаа ирызку аҳәамҭақәа, асахьаҭыхыҩ Александр Чачба-Шервашиӡе иҭыхымҭақәа, Аконгресс аҭоурых уҳәа еиуеиԥшым адыррақәа хымԥадаз.

Авторцәа ражәақәа рыла  аинтеллектуалтә хәмарра аформат ҿыц аус адыруылеит, атематикатә раундқәа фба рыла еиҿыркааит.

«АААК 2021 шықәсазы имҩаԥнагеит аинтеллектуалтә хәмарра «Иарбан? Иаба? Ианба?».  Апроект ателехәаԥшратә формат ала алаҵәара ду аиуит. Ҳара иҳаӡбеит иара иашьашәалоу ахәмарра, аха телехәаԥшратә форматда имҩаԥаагарц.  Иагьалаҳхит авикторина – еиҳа ианаалоу альтернативан иԥхьаӡаны. «Иарбан? Иаба? Ианба?» ахәмарреи ҳара еиҿаҳкааз ахәмарреи еиԥшымзаарас ирымоу, ари – аинтеллектуалтә ҟазшьа адагьы арлахҿыхратә ҟазшьа амоуп. Апроект аформат ҿыц аиҿкаараҿы ацхыраара  ду ҳарҭеит атекстқәа равтор Гудиса Мамацеви аредактор Ельвира Торосиани», – ҳәа еиҭеиҳәоит АААК аҿари абаҩырҵәыреи рырҿиаразы аҟәша анапхгаҩы Валери Берзениа.

Иара иажәақәа рыла  акомандақәа реиҳараҩык раԥхьаӡа акәны аинтеллектуалтә еицлабра иалахәылахеит.

«Агәахәара ҷыда унаҭоит ахәмарра Аԥсны аҭоурыхи акультуреи ирызку акәны ҳгәалашәараҿы иахьаанхо. Акомандақәа аинтеллектуалтә хәылԥазы иформалым аҭагылазаашьаҿы иахьырхыргаз адагьы  амилаҭтә культура еиҳа инарҭбааны, инарҵауланы  ирдырит.  Абаза жәларқәа рҭоурых абасеиԥш аларҵәароуп авикторинагьы хықәкы хаданы иамаз. Ҭабуп ҳәа расҳәоит зегьы – авикторина рхы ахьаладырхәыз, адырра шьахәқәа ахьаадырԥшыз. Иара убасгьы ҭабуп  ҳәа раҳҳәоит аресторан «Аԥра» анапхгара, ауснагӡатә аиҿкаараҟны иаҳзыҟарҵаз адгыларазы» ҳәа иҳәеит иара.

Азҵаарақәа равтор Гудиса Мамацев иазгәеиҭеит апрограмма аиқәыршәараан ҷыдала азхьаԥшра шаҭаз атемақәа рхырхарҭарацәара.

«Апрограмма аԥышәа-зҵаарақәа рыдагьы аԥсуа фильмқәа, ашәақәа рцыԥҵәахақәа алаагалеит, иара убасгьы иалаагалеит ахәмарра адинамикатә ҟазшьа азҭоз  ареквизитқәа зцыз азҵаарақәа» ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аинтеллектуалтә еицлабра иалахәын Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахаҭарнакцәа, ауаажәларратә еиҿкаара «Abkhaz-Desk», иара убасгьы Абаза жәларқәа рҭоурыхи ркультуреи рдырраҿы зхы ԥызшәар зҭахыз зегьы.

Аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа нызкылаз акомандақәа иранаршьеит ахыц ала ахысырҭатә клуб «Аеҵәақәа кыдзыршәшәо» асертификатқәа. Актәи аҭыԥ нызкылаз акоманда алахәылацәа иранаршьеит анапылаҟаҵамҭа хҭырԥақәа.

Аиааира ргеит акоманда «Abkhaz-Desk» алахәылацәа: Бетиуль Маршьанԥҳа, Енџьии Патараиаԥҳа, Омар Харчылаа, Рада Харчылааԥҳа, Мрамза Лакашьиаԥҳа, Анжелика Вартикиан.

Мрамза Лакашьиаԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит  ахәмарра илызцәырнагаз ацәаныррақәа ртәы, ҭабуп ҳәа ралҳәеит АААКи аинтеллектуал-рҿиаратә клуб «Диунеи» ауснагӡатә аиҿкааразы.

«Сгәы иаанагоит асеиԥш ахәмаррақәа аҿар еидыркылалап ҳәа. Авикторина  хырхарҭаны иаман ҳтәыла, атрадициақәа, аҵасқәа рдырра. Ари аус шеицлабразгьы аиндаҭлара  аидеиа ҳамамызт. Алахәылацәа зегьы аамаҭ бзианы иаҳхаагеит, аԥсуа культура иазкыз адыррақәа жәпакы ҳауит. Абас иформалым аҭагылазаашьаҿоуп  иахьалшо  ауаажәларра еиуеиԥшым рыхәҭақәа реидкылара ахьалшо, ҳкультура ахьалаҳарҵәо» ҳәа еиҭалҳәеит иаиааиз акоманда алахәыла Мрамза Лакашьиаԥҳа.

Апроект «Авикторина «Абаза» - ари интеллектуал-гәмырҿыӷьгатә хәмарроуп, иазырхоуп алахәылацәа Аԥсны аҭоурыхи акультуратә ԥсҭазаареи ралархәра. Апроект иахықәкуп  аԥсуа-абаза милаҭтә культура адырра аларҵәара, адунеи ажәларқәа еиҳа инарҭбааны Абаза жәлар рыӡбахә рдырыртә аҟаҵара.