Египет иҟоу аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнак Рауф Абаза (Маан) АААК аинфопортал иазеиҭеиҳәеит уатәи адиаспора шьақәзыргыло Абаза ҭаацәара рҷыдарақәеи рыԥсҭазаашьеи атәы.

Саид Барганџьиа

Египет иҟоу аԥсуа-абаза диаспора – зҳәоу еиқәшәоу, еимадоу ҭаацәара дук еиԥш иҟоуп ҳәа Аконгресс аинфопортал иазеиҭеиҳәеит адиаспораа иналукааша ахаҭарнакцәа ируаӡәку Рауф Абаза (Маан), Аин-Шамс ауниверситет аҟны ауаажәларратә еимадарақәа рзы консультантс аус зуа. Ишәгәалаҳаршәоит Египет инхо аԥсуаа абазақәеи зегьы ажәла Абаза еиднакылоит, официаллагьы уи ажәла ныҟәыргоит. Ҭоурыхла доусы жәлақәас ирымаз згәалашәо ыҟоуп, изхашҭхьоугьы ыҟоуп.

Ахыԥхьаӡара, анхарҭа ҭыԥ, адин

Рауф Абаза (Маан) иажәақәа рыла, Египеттәи аԥсуа-абаза диаспора рхыԥхьаӡараҵәҟьа ашьақәыргылара уадаҩуп, аха дыррақәак рыла, иахьазы атәыла иқәынхоит зықьҩык инареиҳаны аԥсуааи абазақәеи рхылҵшьҭрақәа.

«Аиҳараҩык ахьынхо Египет апровинциа дуқәа хԥа рҿоуп: Еш-Шаркиа, Каир, нас Александриа», – иҳәеит Абаза (Маан).

Египет иҟоу Абазаа рыжәла ахаҭарнакцәа зегьы амсылман дин ныҟәыргоит.

Абазаа рыжәла аполитикеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи рҟны

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Абазаа рыжәла ахаҭарнакцәа аӡәырҩы египеттәи Апарламент иалан, иара убас амуниципалтә хеилакқәеи, еиуеиԥшым амчратә, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рҟны аус руан.

«Иахьазы Жәлар реизара (Египеттәи Апарламент ҵаҟатәи апалата, 518-ҩык адепутатцәа злоу – аред.) иалоуп Абаза жәла ныҟәызго хҩык адепутатцәа: Хани Дери Абаза, Аҳмед Фуад Абаза, Ваџьи Хәыссеин Абаза», – ҳәа еиҭеиҳәеит Рауф Абаза (Маан).

1882 шықәса инаркны аԥсуа-абаза диаспора рҟынтә имнистрцәахаз даара ирацәаҩуп.

«Иаҳҳәап, Шәлиман Ҳасан Ԥашьа Абаза ауаажәларратә усқәа рминистрс дыҟан. Десуки Ибрагим Аль-Сида Ԥашьа Абаза икариера хацыркхеит ауаажәларратә усқәа рминистр имаҵурахьы иаҭарала, анаҩс атранспорт аминистрс дҟарҵеит, анаҩс 1947 шықәсанӡа Агәыҳалалратә ҳамҭақәа рыҟаҵара аминистрра дахагылан, аҵыхәтәан Египет Адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟалеит. Махер Бек Абаза афымцатә енергетика аминистрра дахагылан 20 шықәса инареиҳаны, Амин Аҳмед Абаза иакәзар, ақыҭанхамҩа аминистрс дыҟан 2011 шықәсанӡа», – ҳәа аҳәынҭқарратә усзуҩцәа аӡәырҩы рыхьӡқәа еиқәиԥхьаӡеит Рауф Абаза (Маан).

Аҳаҭыртә хьыӡқәа занашьоу

Абазаа рҭаацәара – иахьа уажәраанӡагьы аҳаҭыртә хьӡы Ԥашьа ҳәа зыжәла иаддыргыло Египет аҭаацәарақәа ируакуп (аҳаҭыр хьӡқәа Ԥашьа, ма Бек Египеттәи аҳцәа иналукааша аҭаацәарақәа рхаҭарнакцәа ирхырҵон – аред.). Абазаа рыжәла жәҩык ахаҭарнакцәа ирыхҵоуп ари ахьӡ (Аль-Сид Ԥашьа Абаза, Шәлиман Ԥашьа Абаза, Аҳмед Ԥашьа Абаза, Исмаил Ԥашьа Абаза, Моҳамед Ԥашьа Абаза, Абд-Азиз Ԥашьа Абаза, Фуад Ԥашьа Абаза, Десуки Ԥашьа Абаза, Азиз Ԥашьа Абаза – аред.)

Рауф Абаза (Маан) иажәақәа рыла, Абазаа рыжәла ахаҭарнакцәа аӡәырҩы иахьагьы Египет акрызҵазкуа амаҵурақәа ааныркылоит. Иара иазгәеиҭеит, адиаспора рыбжьара ишырацәоу зыхьӡ нагоу аҳақьымцәа, анџьнырцәа, аҳасабеилыргаҩцәа, аконсультантцәа, аӡбарҭатә усбарҭақәа русзуҩцәа, аҩныҵҟатәи аусқәеи арбџьармчқәеи рафицарцәа. Абазаа аус руеит Египет иреиҳаӡоу акоммерциатә банкқәа рҿы, Египет ахьынӡанаӡа-ааӡо иҟоу анефттә, ателекоммуникациатә наплакқәа рҿы.

Апроблемақәеи урҭ рыӡбашьеи

Рауф Абаза (Маан) гәалсрала иазгәеиҭеит, Абазаа рыбжьара иахьазы зхатәы бызшәа здыруа ҳәа уаҩ шыҟам. Ипроблема дууп ҳәа иԥхьаӡоит иара убас египеттәи адиаспора ахаҭарнакцәа реиҳараҩык Аԥсназы иарбанзаалак информациак ахьрымам. Дақәгәыӷуеит АААК аусура абарҭ аҩ-проблемак рыӡбараҿы ицхыраагӡахап ҳәа.

«Аинформациатә кампаниақәа рымҩаԥгаразы аҭакԥхықәра ду шәыдуп шәара (АААК – аред.), иара убасгьы аԥсуа-абаза ҿар реиҭанеиааира аус аҟынгьы, убри алыршатәуп, доусы рыҩныҟақәа ианыгьежьлак ирбаз-ираҳаз еиҭарҳәаларц азы», – иҳәеит Рауф Абаза (Маан).

Иажәа хыркәшауа иара иазгәеиҭеит, абас еиԥш иҟоу аибабареи, аиҭанеиааирақәеи рыбзоурала аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа ишрылшо адунеи ду иалаԥсоу Абазаа зегь еимыздо ацҳаражәҳәаҩ-ныҟәаҩцәас аҟазаара.

Ҳазҭоу ашықәс мшаԥымзазы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аделегациа усуратә ныҟәарала Египет иаҭааны иҟан. Аусуратә аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган адиаспора активистцәеи, акульутра аузуҩцәеи, ажәла Абаза аҭоурых аспециалистцәеи рԥыларақәа, ԥхьаҟатәи аусеицура амҩақәа азгәаҭан, аиҩызаратә еиқәшаҳаҭрақәа напы рыҵаҩын.