Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, иҳаҩсыз амчыбжь иалагӡаны Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 ачымазара ахҭысқәа 418 аарԥшуп, агәаҭара иахысит 2229-ҩык ауаа.
Саид Барганџьиа
Иаҳхысыз амчыбжь азы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ҿкы рыдырбалеит 418-ҩык ауаа. COVID-19 аарԥшразы агәаҭарақәа ирхысит 2229-ҩык. Абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аоперштаб адыррақәа рыла, абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 127-ҩык апациентцәа. Урҭ рахьтә акоронавирус зцәа иалоу 107-ҩык ыҟоуп, даҽа 20-ҩык чмазаҩуп ҳәа агәҩара рзыҟоуп.
Рҭагылазаашьа хьанҭоуп 32-ҩык, 27-ҩык бжьаратәуп. Мчыбжьык ала згәабзиара ҭышәынтәалаз 53-ҩык атәылауаа ахәышәтәырҭа илҩаауп.
Аоперштаб адырра ҟанаҵоит, Аҟәа, асасааирҭа «Аиҭар» иахьаҵанакуа еиҿкаау амобилтә госпиталь аҟны акоронавирус зцәа иалоу 46-ҩык апациентцәа шьҭоуп ҳәа. Урҭ рахьтә 43-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп, хҩык – хьанҭоуп.
«Иахьазы иааидкыланы Аԥсны ачымазара здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 4720-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 2831-ҩык ргәы бзиахеит, 51-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит», – ҳәа аанацҳауеит аоперштаб.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчарарзы аоперативтә штаб Аԥсны ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.
Аԥсны аус ауеит аимадара ҷыда аномерқәа, урҭ рыла уасны COVID-19 иазку иарбанзаалак аинформациа уоур улшоит, иара убас асециалист иконсультациагьы.
Аҟәа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи асыр рылшоит абарҭ аномерқәа рыла: 995–02–07, 935–30–71, Очамчыра ауааԥсыра рзы 925–10–09, Тҟәарчал 925–10–03, Гал 925–10–07, Гагра 925–10–05, Гәдоуҭа 925–10–02, Агәӡера 925–10–04.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.