Аԥснытәи анаплакцәа Асҭамыр Кәартааи уи иԥшәмаԥҳәыс Гәында Хьиуитт-Кәартааи Британиа Ду ахь нхара ииасын, уаҟа аҭаацәаратә бизнес нап адыркит: иҟарҵо аԥсуа џьыка аҭыԥантәи ауааԥсыра даара ргәы иақәшәаны иҟоуп.

Саид Барганџьиа

Аԥснытәи анаплакцәа Асҭамыр Кәартааи уи иԥшәмаԥҳәыс Гәында Хьиуитт-Кәартааи, ԥшьышықәса раԥхьаҟа Англиаҟа нхара ииасын, уаҟа аԥсуа џьыка аҟаҵара рнапы аларкит. Урҭ рҭаацәаратә ус уажәшьҭа хышықәса ахыҵырц егьагым. Ари аамҭа иалагӡаны аџьыка агьама англызцәа аӡәырҩы хнаххьеит.

Асҭамыр Кәартаа иажәақәа рыла, Британиаҟа нхара ҳәа ианиас ашьҭахь, дара акыраамҭа иазхәыцуан «ҳара иаҳтәу, иҳазгәакьоу аалыҵк» аҟаҵара нап арктәуп ҳәа.

«Раԥхьаӡа инаргыланы – аџьыкеи асыӡбалқәеи роуп ҳхаҿы иааиз. Аџьыка аҟаҵара атехнологиа иаҳа имариоуп, ахарџьгьы рацәаны иаҭахымызт, убри аҟнытә иарала ҳалагарц ҳаӡбеит», – иҳәеит Кәартаа. Британиа Ду ухатә бизнес аԥшьгара мариоуп ҳәа ҳаилиркаауеит анаплакҩы. Уи азы иаҭаху – азинмчы змоу аусбарҭақәа интернетла адырра рыҭароуп, уаҳа акагьы, «убри ашьҭахь ухатә ус напы ауркыр ҟалоит».

Кәартаақәа рҭаацәа итрадициатәу аԥсуа рецепт алоуп аџьыка шыҟарҵо, агьама архаагақәеи аххылақәеи амҭаӡакәа. Аҭиразы аҟаҵара иалагаанӡа, рҩызцәеи рдырцәеи агьама ддырбеит. Иара убас Англиа алаҵәара ду змоу еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәа рҿы ицәырырго иалагеит.

«Аахәаҩцәа ҳаалыҵ ишазнеиуа анаҳба, еилаҳкааит аԥсуа џьыка Англиа аԥеиԥш бзиа шазыԥшу. Убри агәацԥыҳәара ду ҳнаҭеит ҳхатә ус нап аҳаркырц», – ҳәа азгәеиҭеит Асҭамыр Кәартаа.

Уажәшьҭа хаҵеи ԥҳәыси азаҵәҭирала аџьыка рҭиуеит, аха рус қәҿиарала иахьрыцааиуа зыбзоуроу акоуп – аахәаҩцәа аԥхьа раалыҵ агьама рбарц иахьрыдыргало. Кәартаа иажәақәа рыла, аџьыка зегьы еиуеиԥшым ацәаныррақәа рызцәырнагоит «агьама анырбалак раԥхьатәи аимгеимцарақәа рзы», аха нас зегь ирҳәо акоуп.

«Ҳаахәаҩцәа реиҳараҩӡак аџьыка агьама анырбалак ашьҭахь ирҳәо раԥхьатәи ажәақәоуп: «иуамоуп, иссируп, ишаноуп!». Шьоукы зны акыраамҭа аџьыка иахәаԥшуеит, агьамабара рзымгәаӷьуа, аха нас ианрыдаҳцалалак – ирбоит, иаразнакалагьы рхы-рҿқәа рыла игәаҳҭоит ишыргәаԥхаз. Аӡәырҩы азыԥшӡам, ҳәарада, уажәада ирымбац, зыӡбахә рмаҳац аалыҵ абасҟак агьама беиоуп ҳәа. Нас даараӡа иҭабуп ҳәа ҳарҳәоит», – иҳәоит Кәартаа.

Иара излазгәеиҭо ала, алаҵәара дуӡӡа ҳаухьеит ҳәа аҳәара макьана изаацәоуп: аԥсуа џьыка ргәаԥхоит знык иадымхаргьы агьама збахьоу ауаа зегьы, аха урҭ рхыԥхьаӡара ус ирацәамхаӡацт.

«Ҳџьыка аҭиразы иахьнаҳго адәқьанқәа макьана имаҷуп, иара убас мызкахьы знык еиԥш ацәыргақәҵақәеи аиармаркақәеи ҳрылахәуп. Иааидкыланы 60 инарнеиҳаны убас иҟоу аусмҩаԥгатәқәа ҳхы рылаҳархәхьеит Англиа еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы. Адистрибиуторцәеи адәқьан дуқәеи аус рыцура ҳалагар бзиан, аха уи аганахьала макьана шьҿак ҟаҳамҵацт, избан акәзар зназы аалыҵ аҭыжьра иазкыз хкы рацәала егьырҭ апроблемақәа ӡбатәын», – ҳәа ҳаилиркаауеит аԥсуа наплакҩы.

Аџьыка аҟаҵареи аҭиреи ахьымҩаԥыслаша ахыбра аԥшаараҿы ацхыраара ҟанаҵеит ақалақь Донкастер аҭыԥантәи анапхгара иатәу абизнес маҷ ацхыраара аҭаразы адепартамент.

«Ҳаалыҵ ахьыҟаҳҵаша рацәак идуум ахыбра ҳшашьҭоу анраҳҳәа, ҩба-хԥа вариант ҳадыргалеит, убарҭ руак зеиӷьыҟам ала ҳара ҳус ианаалон. Ари ахыбра аинтерес аҵоуп,

избан акәзар уи аҿы – дәқьануп. Уаҟа ҳара ацәыргақәҵаҿы ҳзабадырқәаз аҭыԥантәи ааглыхыҩцәа раалыҵ цәырыргартә алшара раҳҭеит. Адәқьан иааҩнало аклиентцәа ирбоит ахәаахәҭра адагьы иара абраҵәҟьа акы шыҟарҵогьы, уи ҳәарада, азҿлымҳара рызцәырнагоит. Убас ала ҳара ҳаалыҵ дҳардыруеит, аџьыка агьама дҳарбоит. Ари ҳара алшара ҳнаҭоит ҳаахәаҩцәа лабҿаба иаҳбартә, ҳаалыҵ ирызцәырнаго агәаанагара ҳаҳартә еиԥш, иара убас аџьыка ахархәара ахьарҭаша азы абжьгарақәагьы раҳҭартә еиԥш», – ҳәа азгәеиҭоит Кәартаа.

Есымшатәи ҳаклиентцәа рахьтә иҟоуп ипрофессионалтәу ахәыҟаҵаҩцәагьы, Англиа еицырдыруа ауаагьы ҳәа ациҵоит иара.

«2016 шықәсазы араҟа алаҵәара ду змоу ателехәаԥшратә шоу аҟны аиааира згаз Салиха Маҳмуд Лондонтәи аиармаркаҿы ҳџьыка аалхәан, уи аӡбахә лыҩит лхатә инстаграм аҿы. Убасгьы ҳара иҳазку аинформациа лхатә инстаграм аҿы иқәлыргылеит ахәыҟаҵара иазку ателехәаԥшратә дырраҭарақәа ирылахәыз, 2017 шықәсазы Британиа бестселлерны иҟалаз ахәыҟаҵаратә шәҟәы «Кавказ» автор Олиа Херкуле», – иҳәоит анаплакҩы.

Аахәаҩцәеи, хаҭалатәи аекспертцәеи рыхәшьара ҳаракы адагьы аԥсуа џьыкеи уи аҟаҵаҩцәеи еиҳа инарҭбаау азхаҵарагьы роухьеит. Ааигәа Кәартаақәа раалыҵ Британиа Ду пату зқәу аҳамҭа ранашьан – зеиӷьыҟам агьамазы (Great Taste Award).

«Уажәшьҭа ҳақәҵадырга аҿы уи аҳамҭа шҳаузгьы ануп, уигьы ҳалаҵәараҿы ицхыраагӡоуп», – ҳәа иажәа хиркәшоит аџьыка аҟаҵаҩ.

Кәартаақәа рҭаацәаратә бизнес 2017 шықәсазы Шефилд имҩаԥысуаз абизнес-конкурс аҿы афиналистцәа хҩык ирхыԥхьаӡалахеит. Ари аконкурс Англиа аҳаҭыр ду аманы иҟоуп.