Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа ииубилеи иазку ацәыргақәҵа аадыртит Аҟәа.
Саид Барганџьиа
Аԥсуа литература ауасхыршьҭаҵаҩ, аԥсуа ҩыра аԥҵаҩы Дырмит Гәлиа 145-шықәса ихыҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ацәыргақәҵатә зал хада аҟны аԥшьаша, хәыжәкыра 14 азы.
Дырмит Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи еиҿнакааз агәалашәаратә усмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны ицәыргоуп еиуеиԥшым ашықәсқәа раан иҭыхыз апоет ифотосахьақәеи, аԥсуа, аурыс, ақырҭуа сахьаҭыхыҩцәа иҭырхыз ипортреҭқәеи, иара убасгьы Гиви Рухаӡе иҟаиҵаз аскульптуреи, архивтә материалқәеи, апоет инапылаҩырақәеи.
Амузеи аиҳабы Светлана Кәарсаиаԥҳа АААК аинфопортал иазеиҭалҳәеит, ацәыргақәҵа аартра егьырҭ аиубилеитә рыцхәқәагьы шзрықәшәаз – раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны» аҭыҵра 100 шықәса ахыҵреи, Дырмит Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи 45 шықәса ахыҵреи. Иара убасгьы ацәыргақәҵа аартын Дырмит Гәлиа иҷкәын Гьаргь Гәлиа имшира аҽны.
«Сынтәа убас еиқәшәеит, Дырмит Гәлиа 145 шықәса ихыҵра иазку ацәыргақәҵа, иара иҷкәын аиҳабы имшира аҽны иаартын. Ҵыԥх уажәааны абри аҭыԥ аҟны имҩаԥган афотоцәыргақәҵа Гьаргь Гәлиа 105-шықәса ихыҵра иазкыз. Абас арыцхәқәа реиқәшәара амистикатә ҟазшьа амоуп», – лҳәеит лара.
Светлана Кәарсаиаԥҳа иазгәалҭеит, ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа Алитературатә-мемориалтә музеи аҟны рымҩаԥгара ахьзалмыршахо иахҟьаны, ацәыргақәҵатә зал хада аҟны ишеиҿкааз.
«Амузеи аҭагылазаашьа даара иуашәшәыроуп. Ацәыргақәҵа хәыҷқәа амузеи ахолл аҟны имҩаԥаҳгоит, аха, ҳәарада, уи азхом. Инарҭбааны ацәыргақәҵа ахьеиҿаҳкааша азал ҳамаӡам», – ҳәа гәаартыла илҳәеит Кәарсаиаԥҳа.
Ацәыргақәҵа аартраҟны дықәгылеит Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа. Уи иазгәалҭеит, Дырмит Гәлиа иԥсҭазаареи ирҿиареи ирыдҳәалоу аекспонатқәа реизгаразы амузеи аусуҩцәа аус ду шымҩаԥыргаз.
«Ацәыргақәҵа еиднакылаз аекспонатқәа Аԥсны ауааԥсыреи, уи асасцәеи азҿлымҳара рызцәырнагоит, еиҳарак аҽар рыбжьара. Дырмит Гәлиа еиԥш иҟоу ауаа дуқәа ргәалашәара ҳмырӡроуп, рыӡбахә еиҭаҳҳәалароуп. Иналукааша аурыс шәҟәыҩҩцәа Аԥсны ианаҭаауаз, раԥхьаӡа иргыланы Дырмит Гәлиа сасра изымҩахыҵуан», – лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Аусмҩаԥгатә аҟны убасгьы дықәгылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иабжьагаҩ, апоет Владимир Занҭариа. Уи иазгәеиҭеит Дырмит Гәлиа аԥсуа литература аҿиарахьы хәы змаӡам алагала шыҟаиҵаз.
«Шәахәаԥш, аламала џьара иуԥымло иуникалтәу афотосахьақәеи адокументқәеи шаҟа цәыргоу абраҟа. Арҭ афотосахьақәа рыла, сара сгәанала, ҳҿари, ҳашколхәыҷқәеи рааӡара ҳалшоит», – ҳәа азгәеиҭеит Занҭариа.
Аԥсны ахада иабжьагаҩ агәыӷра ааирԥшит, ҳаԥхьаҟазы Алитературатә-мемориалтә музеи ареставрациа азура алшахоит ҳәа, убасгьы атәыла ахадара рыхьӡала амузеи аусуҩцәеи, ацәыргақәҵа аиҿкаара иалахәызи зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Ари азҵаара еснагь ҳазхәыцуеит, ҳгәы иҭоуп, избан акәзар ҳара ҳзы уи иԥшьоу ҭыԥк иаҩызоуп. Даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп амузеи аусзуҩцәа, абарҭ иуникалтәу архивтә материалқәа ирыхӡыӡааны иҵәахны иахьрымоу, насгьы ҳарҭ иаҳбартә азы алшара ахьҳарҭо», – иҳәеит Занҭариа.
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ацәыргақәҵатә зал хада аҟны иаарту Дырмит Гәлиа 145-шықәса ихыҵра иазку ацәыргақәҵа аҭааҩцәа рзы даҽа хәымш аус аулоит.
Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны Жәлар рпоет, арккаҩы, аҵарауаҩ, абызшәаҭҵааҩы Дырмит Гәлиа диит 1874 шықәса жәабран 21 азы, Гәылрыԥшь араион Уарча ақыҭан.
Дырмит Гәлиа – иналукааша алитературатә аԥҵамҭақәеи аҭҵаарадырратә усумҭақәеи дравторуп, уахь иаҵанакуеит 1912 шықәсазы иҭыҵыз раԥхьатәи аԥуса шәҟәы «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи». Иара иоуп иаԥызҵаз раԥхьатәи адраматә кружок «Шарԥыеҵәа», иара иаԥшьгаралоуп Аԥсны ақыҭақәа рҿы иқәгыло ишалагазгьы раԥхьатәи аԥсуа театртә труппа. Убасгьы, Дырмит Гәлиа иоуп 1919 шықәсазы иҭыҵыз раԥхьатәи аԥсуа агазеҭ «Аԥсны» редакторс иамаз.
1967 шықәсазы Аԥсны иаԥҵан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рхырхарҭала. Апремиа анашьара мҩаԥысуеит ес-хышықәса.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.