Амениу
4 Ԥхынҷкәын 2024
06:21
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Аҟазара

11.11.2020 19:20 Аԥсны 28338
Егзакь апроект «Амазара» авидео иазкны: аролик иахәаԥшхьеит 30 нызқьҩык ауаа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь адоуҳатә ҭынха иазку апроект «Амазара» раԥхьатәи аетап аихшьаалақәа ҟаиҵеит.

06.01.2019 14:15 Ажәабжьқәа 22719
АААК аҳамҭа ҷыда лынаҭеит ашәаҳәаратә конкурс «Орфеи» аҟны иалнакааз аӡӷаб

Очамчыра араион аҟны имҩаԥысуа ашәахәаҩ қәыԥшцәа рконкурс «Орфеи» алахәцәа руаӡәык аҳамҭа ҷыда лоуит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟынтәи.

24.12.2018 17:30 Алонгрид 40810
Александр Шервашиӡе-Чачба: асахьаҭыхҩы атәым жәҩан аҵаҟа

Раԥхьаӡатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхҩы, аҭауад Александр Шервашиӡе-Чачба – Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба имоҭа диԥан. Шервашиӡе – аԥсуа жәла Чачба қырҭшәала аҳәашьа аформа ауп, қырҭтәылатәи аҩыратә традициаҿы ус ишьақәгылеит абжьаратәи ашәышықәсақәа рынҵәамҭа инаркны..

21.12.2018 12:30 Ахҭысқәа 22357
Иналукааша аԥсуа актриса Софа Агәмаа лырҿиаратә ԥсҭазаара иазку афотоцәыргақәҵа аадыртит Аҟәа

Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмаа лиубилеи иазку афотоцәыргақәҵа "Время счастливых находок" аартра мҩаԥысит Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ацәыргақәҵатә зал хадаҟны, ԥхынҷкәын 20 рзы.

20.12.2018 14:20 Ахаҭарақәа 25096
«Асценаҿтәи ахәыҷқәеи» иҿыцу арольқәеи: актриса Софа Агәмаа лыԥсҭазаареи лырҿиаратә мҩеи ирызкны

Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмаа лыԥсҭазаараҿы илбахьоу рацәоуп: ахәаԥшцәа рыла иҭәыз атеатрқәа, еихсыӷьра зқәым анапеинҟьабжьқәа, атеатр гәакьа ааныжьра, лҵаҩцәа реихьӡара дуқәа.

19.12.2018 11:05 ҞЧА 21540
Ачерқьес театр ақәыргыламҭа «Нышә напык» Урыстәыла Акультура аминистрра аицлабраҿы иаиааит

Мухарбек Аков ихьӡ зху Ачерқьес драматә театр аспектакль аиааира агеит Урыстәылатәи Афедерациа Акультура аминистрра имҩаԥнаго аҿартә режиссура адгылара иазынархоу афедералтә еицлабраҿы.

10.12.2018 11:55 Ахаҭарақәа 23029
Лыԥсҭазаара зегьы – амузыкаҿ: ашәаҳәаҩ Лиудмила Логәуа лгәалашәара иазкны

Лиудмила Логәуа лыхьӡ лассы-лассы иавадыргылоз ажәан «раԥхьаҭәи»: раԥхьатәи апрофессионалтә оператә шәаҳәаҩы, мамзаргьы «раԥҳьатәи аԥсуа ҟармаҵыс», ажәлар рҿы ус акәын ишлышьҭаз… Лара лоуп раԥхьатәи аԥсуа опера аҟны ихадоу апартиа зҳәаз, Аҟәа амузыкатә хәылԥызқәа раԥхьаӡакәны реиҿкаара иалагаз.

06.12.2018 10:30 Ахаҭарақәа 25756
Зыԥсы ҭоу алегенда Владимир Чкату

Илегендартәу авокалтә-инструменталтә ансамбль «Абазинка» аԥҵаҩы Владимир Чкату 40 шықәса раахыс ижәлар рмузыкатә культура аҿиара дазааԥсоит. Иара иирамш – ԥхынҷкәын 6 аҽны АААК аинформацитә портал ишәгәаланаршәоит артист ирҿиаратә мҩа иазку реиҳа иналукааша ахҭысқәа.

05.12.2018 13:20 Ахаҭарақәа 25571
Алиса Гыцԥҳа: зегь иреиҳау агәыхыҭхыҭреи аҭакԥхықәреи зцу аконцертқәа – сыԥсадгьыл Аԥсны имҩаԥысуа роуп

Алиса Гыцԥҳа излалԥхьаӡо ала, амузыкахь илымоу агәыбылра раԥхьаӡа иргыланы изыбзоуроу лҭаацәа роуп: лҭаацәа зегьы –лани, лаби, лаҳәшьцәеи – амузыкатә баҩхатәра змоу уаауп. Ԥхынҷқәын 5 рзы ашәаҳәаҩ лымшира азгәалҭоит. Абри арыцхә инадҳәаланы АААК аинформациатә портал иазнархиеит артитска лыԥсҭазаареи лашәаҳәаратә кариереи ирызку аочерк.